Аиҩызцәа

Аиҩызцәа   Аҽҵыс хәыҷ Мархәац ашҭа иҭан, иҩуа амырхәага ицәын. Уи бзиа иабон ахәмарра.Ҽнак ашҭаҿы уи иабеит ахаан иамбацыз зҵыхәа хәыҷ бабаӡа ихәымсысӡа,зшьапқәа шкәакәаӡа иҟаз аласба хәыҷы Дамшә. Уи бзиа иабон ахәмарра.Ибажәгәаламуа ашҭа иҭан. Дамшә амышәҳәыс хәыҷ иеиҧшын. Убри акәхап Дамшәҳәа хьӡыс изаиузгьы. – Уааи ҳаицыхәмарып – аҳәеит Мархәац. – Ҳаицыхәмарып – аҵыхәа хәыҷ аршәшәеит Дамшә. Аха убри ашҭаҿы МархәациДамшәи рыдагьы инхозаарын Ҵис-миаау захьӡыз ацыгә хәыҷы. Уигь бзиа иабонахәмарра. Урҭ уаҵәы еиҧыларан иҟан. Аха уи даҽа хҭысуп. Урҭ шеиҧылаз сарауаҵәы ишәзеиҭасҳәоит.  
Download