Паганини
Паганини Сара сиит Генуиа 1789 шықәсазы. Сара сахьиз араионАцгәеиқәаҵәа агәарбжьара ҳәа иашьҭан. Ҳара, нхаралаусҟакҳаҩцаӡамкәа ҳанхон, ҩынхәыҷык ҳаман, сҭаацәаакондитертәбизнес иаҿын, урҭ ирӡуан даара ихаз ачеи, ачарҳәқәеи. Ҳгәылара ҷкәына хәыҷык дынхон, иараНиколло ихьӡын. Иареи сареи ҳаиқәлацәан, иара 1789шықәса рзы Паганинирҭаацәараҿы диит. Николлоисареи фба-фба шықәсаҳхыҵуан ҳанеибадырыз. Николлоҷкәына еиқәаҵәа хәыҷык, иблеиқәаҵәақәа ҭбаны, ихахәыдууны дыҟан. Иара уамакацәажәара бзиа ибомызт, илахьеиқәшьшьы дыҟан. Николлоисареи лассыласс ҳаиқәымшәозаргьы, даараӡа сгәыдақәшәон. Сара Николлоҳраионаҿы, зегь реиҳа иҟәышыз, иаамысҭашәаз аӡәыеиҧш дысшьон. Уи ус шакәыз агәразгеит, аскрипкаҿыдшыхәмаруаз анеилыскаа. Николло иаашар хәлаанӡа аскрипкаҿ дыхәмаруан.Иара ахәмарраз адәыхьы шамахамзар ддәылҵуамызт,иаразнак аҩныҟа дхынҳәуан. Уи иҩнхыб алаҕәра аҟынтә иаахәлаанӡа аскрипка абжьы уаҳауан.Аҷкәын дааҟәымҵӡакәа аус иуан.Николло саргьы даараӡа игәы дақәшәон. Уарлашәарла адәыхьы дандәылҵуаз дзацәажәозгьы, дызцыхәмаруазгьы са сакәын. Нас, абзеираз ҳәа насаҳәаны дыҩны аҩныҟа дцон. Аҩны изыҧшын ихәыҷыз, аха зыбжьы дууз аскрипка. Николло искри-пка абжьы ду араион зегьы налыҩҩуан. Ҽнак Николло адәахьы дандәылҵ дышҵәыуоз гәасҭеит. Иҟалзеи узырҵәыозеи - сиазҵааит сара. – Акымзаракгьы – ихы иҟьеит Николло. – Ишҧа, акгьы. Уҵәыуотеи. Ауаа ус баша иҵәыуаӡом,наиаҭаскит сара. – Саб дсацәҳаит. Уи дангәаауа уипҟаргьы алшоит. Уи игәы ҧжәоит сара аскрипкаҿы сгәацҧыҳәанысзыхәмарӡом ҳәа игәы ианаанаго… – Ибзиоуп аха уараиаахәлаанӡа аскрипкаҿы ухәмаруеите дышҧаузгәаауеи. Сара уи абжагьы аҩнысыузыҩнакрымызт. Шахала скыдҿарҳәаларгьы, иаашархәлаанӡа амузыка садхаломызт. Излаулшозеи, ааҟәымҵӡакәа, иаахәлаанӡа иухәмаруа аиҭахәмарра. Сара сзыуара уфырхаҵаҵәҟьоуп, сыҽсзырҭынчуамызт сара, усҟансара даара уи Пагонини иаб сизгәамҵуан, избанзар уиадунеи аҿы зегь раасҭа абаҩхатәра змаз, иааӡаз аҧа димана азы. Иара ус еиҧш иҟаз аҧа дипҟон.Сара даара бзиа избоит аскрипка, саныхәмаруа, сгәы иҵхозегь асырҳәоит, аскрипка ада сзынхаӡомызт. Зны-зынласааҧсоит, иааҧсоит снапқәа. Сыхшыҩгьы ааҧсоит. Сабизеилкааӡом зны-зынла аҧсшьара шысҭахыу. Саб иҭахупсара еицырдыруа скрипачхарц. Иара уи агәра игоит, сарасааҟәымҵӡакәа сҽазыҟасҵалар, уи игәҭакы шынаӡо. – Избан уи ус изииӡбаз, уара аскрипкаҿ ухәмарларц? – Уи иџьоушьаша ҭоурыхуп – дааччеит Николло. Сара санииз даара згәабзеира уашәшәыраз хәыҷын.Есқьынагь сычмазаҩын, сан ҧхыӡ шанак лбазаап, уиҧхыӡла амаалықь дылҭааит, иагьлеиҳәеит, уи лҧа Николло иаҧхьаҟа ақәҿиара дуқәа шизыҧшу. Уи дмузыкантдуӡӡахоит. Иан, иаб изеиҭалҳәазаап. Уи аҧхыӡ агәра игеит, иагь- ииӡбеит, иааилшо зегьы ҟаиҵарц иҧа дмузыкант дуӡӡахарц азы. – Аа, убриазы акәзаап уаб сааҭла узыҩнаикәа аҩныалаҕәараҿы! - ҿаасҭит сара. Сара даара сизгәааит Паганинииаб. Сара сҩыза даара дрыцҳасшьон. Сара усҟан зынӡа схәыҷын, исзеилымкаауаз рацәан, аха еилыскаауан Николло ҳулицаҿы егьырҭ ахәыҷқәадызлаҳеиҧшымыз шырацәаз. Уи зынӡа даҽаӡәын. Иара амузыкатә баҩхатәра ду илан. Иара адунеи аҿы зегь раасҭа аскрипка бзиа ибон. Аамҭа цон. Иҳазҳауан. Николло ахәмарраз уарла-шәарла адәыхьы ддәылҵуадалагеит. Иара аамҭа имаӡамызт. Уи сааҭла иҽазыҟаиҵон. Ус лассы, Николло амузыка арҵаҩи иареи аҽазыкаҵара иалагеит.Уи арҵаҩы Генуиа еицырдыруаз акомпозиторФранческо Ниеко иакәын. 1809 шықәса азы Николло быжьшықәса ихыҵит. Николло имширахь иҭаацәа аныҳәахь аҧхьара рырҭеит иҩызцәа ҧыҭҩык. Саб ичаӡырҭа аҟынтә иааигеитачарӡхаақәа, сара урҭ амшиирахь изгар акәын. Пагонини иҩнхыб аҟынтә иааҩуан искрипка абжьы. Уи имшииразгьы аҧсшьаха имамызт. Уи мыш ҷыданиара изы, избанзар ахәылбыҽха уи ҳацыхәмарра азиниман. Ахәылбыҽха Николло иахь ҳаит ҩыџьа сҩызцәеи сареи. Сара ачарӡхаақәа скын. Аҩны ашәқәа аартын.Ҳныҩнаҧшызар, аҩнуҵҟа ҭынчран. Ҳаиҿаҧшынҳныҩналеит. Асасааирҭа адиван аҿы Николло дықәҩан.Ихы-иҿы зегь цәышӡа иҟан. Ҳара иаҳдырит Николлодшыҧсыз. Иан лхы-лҿы зегь алаҕырӡ иаганы иҟан.Ҳанылба еиҳагьы аҵәыуара далагеит. – Уи аҽазыҟаҵара дшаҿыз игәы ҽеимхан, дкаҳаит. Сара Антонио иасҳәон уи дахыҧсаар шилшо,уи усгьы имчқәа кәадан, есымша дычмазаҩын,- Николло иан дҕьазкны аҵәыуара даҿын… Николло дыҧсит. Иҧсыжра аҽны узқәымгәыҕуазхҭыск ҟалеит. Николло акәыба дахьҭаз дааҳәацы-мацитҳәаҿааиҭит аҳақьым Џьакомо, Николло ишҟа дыҩныднеит иҧсыҧ лаига-ҩаигозар гәаиҭарц. Николло иҧсыҭазаарын.Ус лассы дырхәышәтәит.Абас аӡәгьы диеиҧшымызт Николло! Ус лассы уи ибаҩхатәра ақалақь зегьы ирдырит.Уи аус идиуларц иҭаххеит Генуиа иреиҕьу аркестраскрипач Џьакома Коста. Анаҩс, Николло аҵара иоурцаџьабаа ибеит амузыка абзиабаҩ ауаҩ беиа маркиз ДиНигро. -Аашықәса анихыҵуаз уи раҧхьатәи имузыкатәҩымҭа аҧиҵеит. Анаҩс аҩбатәи. Амаркиз гәыҭбааНиколло аҵара иоура иҽазикит. Уи уажәы диманамузыка арҵаҩ ҿыц. Абаҩхатәра змаз арҵаҩы аскрипкаҿ ахәмарраадагьы, амузыка аҩраҿгьы дицхраауан.Николло иаб иҧа азин ииҭеит аамҭа анимаз сыцыхәмарра. Еиҳарак Николло иаҧхьаҟатәи иусқәа уи игәҭакы, игәыҕрақәа ҳрылацәажәон. Уи ашықәсанНиколло раҧхьаӡакәны Италиа егьырҭ ақалақьқәарҿы аконцертқәа иман дықәгылеит. Пагонини ихәмарра иахизыӡырыҩҩуаз захьынџьара ргәахәареирыџьшьареи рзыҵәахуамызт. Николло амузыка ҧсыс ихан, уи иҽазыҟаиҵон, мамзаргьы аконцертқәа иман. Уи иаб иқәымчра еиҳа-еиҳа изычҳаӡомызт. – Аҩны ансыжьроуп! - ҳәа сеиҳәеит аҵыхәтәантәи ҳаиқәшәараан. – Уаҳа сзычҳаӡом, саб аҽазыҟаҵара сыдицалоит.Ус иаарласны Николло ақалақь Лукка ахьдиасит. Уаҟа аркестр аҿы, актәи аскрипкка аҭыҧаникылеит. Николло уахь дшиасыз еиҧш, сара сасра сиҭааит.Уи аамҭаз ақалақьтә аркестр напхгаҩыс дҟалеит. Иараихы-ихашҭыртә еиҧш бзиа дибон аҳкәажә Дида, уиилзикәан иҩымҭа ссирқәа.Ус лассы Николло сыҧсҭазаараҿы дыӡит. Агазеҭқәа рҟынтә исаҳаит иӡбахә. Зны-зынла асалам шәыҟәқәа ҳабжьысуан, асалам шәҟәы ала еилыскаит Наполеон ихан аҿы дшынхоз. – Иацы сара аҩымҭа ҿыц сҩит ҳәа сзииҩуан Николло, уи ҩ-рахәыцк змоу аинструмент аҿы инарыгӡоит,иара Наполеон иаҳәшьа ҧшӡа Елиза илызкуп. Елизадҵәыуон. Агазеҭқәа Паганини изкны иџьоушьаша рацәаныирыҩҩуан. Папык ибазаап Паганини даныхәмаруазаҩсҭаа ижәҩахыр дшықәтәаз. Иара дыхәмаруеит, даҽаӡәы ахаан дышзымыхәмарша. Уи ижәҩахыр аҩысҭаа дықәтәан. Уи аџьнышдицхраауеит, - абас апап ишьақәирҕәҕәон. Сара даара насыҧ сыман Николло Генуиа данаалоз. Аконцертқәа анимамыз, хәылбыҽхала ҳаиқәшәалон. Николло даара интересс змаз ахҭысқәа еиҭеиҳәон. Уи схәыҷаахас издыруаз Николло иакәын. Николло дхәыҷаахысабаҩхатәра змаз, имаҷныицәажәоз, ахазацәажәарааинтересаҵазаӡәиакәын. Николло, Генуиа иҧсҭазаарадалҵитҩынеижәижәеизашықәсаанихыҵуаз. Иарамакьанадқәыҧшын, сараусҟанақалақьаҿысыҟаӡамызт.
Download