Ашықәс аамҭақәа
Ашықәс аамҭақәа Ашықәс ҧшь-аамҭак амоуп: Ааҧын, аҧхын, аӡын, ҭагалан. Ааҧын ҧшӡоуп. Ааҧынразы ашәҭқәа рацәаны ишәҭуеит. Раҧхьа ицәырҵуеит адәыкрыниасыкәеи. Нас ишәҭуеит атиульпан, ҧыҭрак ашьҭахь – агәил. Адәыкрыни, асыкәеи, атиульпани, агәили даара ишәҭы ҧшӡақәоуп Аҧхынраз шоуроуп. Амра аҕьны иҧхоит. Ажәҩан иаҵәҟаҟараӡа иҟоуп. Аҧхынраз ахәыҷқәа аҧсшьара ҳәа иоурышьҭуеит. Ахәыҷқәа даара бзиа ирбоит аҧсшьара мшқәа. Ҭагалан ихьшәашәароуп. Ҭагалан ҧштәы хкыла еилоуп. Абыҕьқәа убла хыркуеит. Ҭагалан лассы-ласс ақәа ауеит. Ҭагалан аҽаҩра ҭаргалоит. Аӡынраз асы ауеит. Аӡынраз ихьҭоуп. Ахәыҷқәа хәмаруа асы илоуп. Асыркәымпылқәа ҟаҵаны еигәыдырҵоит. Асанкақәа ирықәтәан ичаразуеит. Ахәыҷқәа аҧсшьарамшқәа иреигәырҕьоит. Аӡынразы иаауеит ашықәс ҿыц. Ашықәс аамҭақәа зегьы ссируп.
Download