Аиҩызцәа реимак
Аиҩызцәа реимак 1 Маси Хаси еиҩызцәоуп. Иааицрымшәо еицуп. Урҭ ашкол ахь еиццоит. 2 Ашьапылампыл ахь еицныҟәоит. Адәаҿы еицыхәмаруеит. Дара еимаркуа акгьы рымам, аха … 3 Зны Маси Хаси аимак роуит. Рҩызцәа ашкол аҿы ирыӡбеит ашьапылампылтә команда еиҿыркаарц. Акоманда «Барселона» ахьӡырҵеит. 4 Аӡәы амбахьчаҩыс дҟарҵеит, егьи – ахьчаҩ иакәхеит, ахҧатәи – ахьчаҩбжа, аҧшьбатәи – ажәылаҩ. Акласс аҿы 12-ҩык аҷкәынцәа ыҟоуп. 5 Урҭ досу рхатә номерқәа рымазароуп. Маси Хаси рномерқәа рҟынӡа ианнеи, аимак рызцәырҵит. – Сара ажәабатәи аномер соуп, – дахьӡеит Хас Мас иаҧхьа аҿыҭра. 6 – Сара Месси соуп, ажәабатәи аномер са стәоуп! – дгәааит Масгьы. – Мамоу сара соуп Месси, а-10-тәи аномер са соуп изыхәҭоу! – дхьаҵуамызт Хас захьӡыз аҷкәын хәыҷ. 7 Рҩыза ӡҕаб Наала, арҭ аимак зыбжьалаз Маси Хаси реинраалара лылымшеит. Урҭ рҩыџьагьы еицәгәааны хаз-хазы аганқәа ирыван. Агәыҧгьы рзеиҿымкааит. А-10-тәи аномер рзеиҩымшеит. Аӡәгьы дхьамҵит. Рҩыџьагьы ирҳәац рҳәон. 8 – Идеиак схаҿы иааит! – лҳәеит Наала – Изакә идеиозеи! – еицырҳәеит аҷкәынцәа. 9 – Шәыхәмарла а-10-тәи аномер ада.Аӡәгьы имаӡааит 10-тәи аномер, егьырҭ аномерқәа, зегьы еиҩышәша. Мас – уаргьы иумоуааит! Хас – уаргьы иумоуааит а-10-тәи аномер! Нас игәаауа уаҩ дҟалом. 10 Аҷкәынцәа иргәаҧхеит Наала илҳәаз. Еинаалан, иаармарианы иаҧырҵеит ашьапылампылтә команда.
Download