Апарпари ахәаахәҭҩи
Апарпари ахәаахәҭҩи Хәаахәҭҩык апарпар иман. Ҽнак ахәаахәҭҩы ахәаахәҭра дцарц иӡбеит. Дцаанӡа иҭаацәа зегь ааизиган, ус дразҵааит: – Сара сцоит усура, хәаахәҭра. Ишәзаазгари ҳамҭақәас? Аҳамҭа аӡәгьы мап ацәимкит. Ахәаахәҭҩы иҭаацәара абзиараз ҳәа нареиҳәан, дцарц иҿынеихон еиҧш, апарпар ааигәалашәеит. – Уара иузаазгари? – иҳәан апарпар дазҵааит. Сара уара уҟынтәи акгьы сҭахым, амала аказы суҳәоит, инагӡа, – аҳәеит апарпар. – Убра, ахәаахәҭра уахьцо ақалақь аҿы дәҳәыҧшк ыҟоуп, убри адәҳәыҧш аҿы ҵлак иазҳауеит, аҵлаҿы инхоит-инҵуеит апарпарқәа. Асалам сызрыҭ, иагьраҳәа сара аихац сҭакны сышумоу, аха уи дара зхы иақәиҭу апарпарқәа хьаасгьы ишыркым, гәысгьы ахаҳә шрызҭоу. – Шәааи, сызҭаху аихац аҟынтәи схы сақәиҭышәтә, мамзар аихац аҩныҵҟа сҭаҧсуеит, абас сызраҳә, – аҳәеит апарпар, – аҭак иурҭогьы убап. Абри сызуҳәаз сзыҟауҵар, сыҧсахьынӡаҭоу уа узы сыҟоуп. – Ибзиоуп, ишуҳәазҵәҟьа иҟасҵоит, – иҳәеит ахәаахәҭҩы. Ахәаахәҭҩы ақалақь аҟны днеит, аҳамҭақәа ааихәеит, нас дцеит апарпарқәа ахьынхо адҳәыҧш ахь. Даныҧшы ибеит, адәыҧш агәҭа игылоу иажәхьоу аҵла апарпарқәа шықәтәаз. – Еи, апарпарқәа! – рызҿиҭит ахәаахәҭҩы, – спарпар асалам шәзаанаҭиуеит! Нас ипарпар ирзаанацҳаз ажәақәа зегьы реиҳәеит. Абри аҳәаха иамраӡакәа, аҵла иқәтәаз апарпарқәа зегь акакала рыҧсы рылышәшәаны ҵаҟа илеиуа иалагеит. Ахәаахәҭҩы даара иџьеишьеит иибаз. – Арҭ апарпарқәеи сара спарпари анкьа еиҩызцәазаарын, аха рҩыза арыцҳара ишақәшәаз анраҳа, ргәы илсны иҧсызаап, – ҳәа игәы иаанагеит. Ахәаахәҭҩы дгыланы акыраамҭа иҧсны иаҧхьа икаҧсаз апарпарқәа дрыхәаҧшуан, ақалақь ахь дхынҳәит. Деимала-еиҿалаха, аҳамҭақәа иманы дааит аҩныҟа. Аха ипарпар агәы ахьыр ҳәа дшәаны иибаз азеиҭеимҳәаӡеит. Апарпар ахаҭа иазҵааит: – Сысалам руҭама сҩызцәа? Ирҳәеи? – Сара усалам рысҭеит, аха аҭак ҳәа акгьы смоуит, – иҳәеит ахәаахәҭҩы. Апарпар ари даара иацәымыҕхеит. – Иубаз ма исзеиҭаҳәа, – аҳәеит уи. Ахәаахәҭҩы иҟаиҵарыз, иазеиҭеиҳәеит иибаз, иаҳаз: – Сара снеит адәҳәыҧш аҿы, уара ишсоуҳәаз еиҧш. Сыҧшызар апарпарқәа аҵла иқәтәоуп. Усалам шрысҭазҵәҟьа, рызегь акакала инкаҳан иҧсит. Ахәаахәҭҩы абри анааиҳәаҵәҟьа, ипарпаргьы ҧсны инкашәеит. Ахәаахәҭҩы даара хьаас икит. Аҩызцәа рыҧсра атәы спарпар иасымҳәар акәын, – даагәжәажәеит уи. Нас аихац ахышә ааиртын, амҵәыжәҩақәа ирынкны аҧенџьыр аҟынтә иршәит. Иара аҧсы ааҭалаан, амҵәыжәҩақәа ааиҵыхны инаҧрит. Ахәаахәҭҩы еиликааит егьырҭ апарпарқәагьы рыҧсы шҭаз, цас иҧсызшәа шыҟарҵаз. Убри ала урҭ рҩыза иадырҵеит изҭашәаз арыцҳара ишацәцашаз, маанала аҧшәма джьаны аихац ишҭыҧраашаз.
Download