Асас ашкол аҿы

Асас ашколаҿы Гәындеиб Багратиб Даури еиҩызцәоупб класск аҿыеицтәоуп. Урҭ рышкол аҿы иахьа ныҳәоуп. Даҽакыиаламҩашьо мшупиахьа дара дырҭаауеит асас. Асасаҩсабарахьчара далацәажәараны дыҟоуп. Уи ахәыҷқәаидирбоит амультфильм. Нас ашколхәыҷқәа ашколакәша – мыкәша аҟлақәа еиҭарҳауеит. Асас ахәыҷқәа Д. Гәлиа иажәабжьқәадырзаҩхьеит. Уи ашьҭахь аҩсабарахьчараиазкыз амультфильм дирбеит. Гәындеиб Багратиб Даури даара иргәаҩхеит ариафильм. Асас ажәабжьқәа данрыҩхьеиб афильмандирбеи ашьҭахь ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеитбҧҽшықәса зхыҟуаз аӡҕаб хәыҷы дзықәшәаз ахҭыс. Ҧҽшықәса зхыҟуаз аӡҕаб хәыҷы илыхьӡын Наира.Лара даара асланқәа бзиа илбон Иагьрыцҳалшьонбизбанзар ауаа асланқәа ршьуан. Иршьуан рыбаҩқәарзы. Ас ицалар асланқәа зынӡа адунеи ианыӡааралшон. Наира хьаас илыман ари. Сышҩарыцхраариҳәа дхәыцуан. Ҽнак аӡҕаб хәыҷы акиносахьа дахәаҩшит. Уи ауаа асланқәа шыршьуаз атәы аҳәон. Наира хәыҷы лабибланиб лабдуиб ландуиб лабиашьеи дрыҳәон асланқәареиқәырхараҿ илыцхраарц. Ҽнак дыштәаз акәымкәадныҩныҟәааит: «Сара издыруеит иҟасҟашаб ахаацхыраара сҭахуп». Лара лҭаацәа сахьаҭыхцәан. Наира лани лаби иҟәыуо аслан ҭырхырц дрыҳәеит. Зыхшараб зыслан хәыҷыршьыз ан аҟәыуара ҭырхырц. Уи асахьа рҭиуан насадәқьанқәа зегьы рҟны. 7 Иаҭнырхуаз аҩара асланқәа рыхьчарахьидәықәырҟон. Гәындеиб Багратиб Дауриб егьырҭахәыҷқәеи цәгьала иргәаҩхеит Наира илызкызажәабжь. – Шәааи ҳаргьы иаҳхәыцып аҩсаба ахьчаразыиҟаҳҟаша џьара ус бзиак. Наира ҧ шықәса роупилхыҟуаб аха илыӡбаз жәбоит. Ҳаргьы иҳалшоитаҩсабара ахьчараб ҳаргьы ак ҳаӡбап! – иҳәеит Даур. Гәындеи Баграти аухантәарак абри ахҭысиазхәыцуан. Иҟарҟашаҽ ируша иалацәажәон.
Download