Анна

Анна Анна аҩны дыҟоуп. Анна лгәы ҿыҕьуеит, ателехәаҧшрадахәаҧшуеит. Уи ахәыҷтәы дырраҭара дахәаҧшуеит. Илахҿыхуаспорт еицлабрақәа адырбоит. Анна даарадазҿлымҳауп ари адырраҭара. Аха лара лҩызцәа дрыцзар лҭахуп. Ателербага дахәаҧшлар аиҳа лҩызцәа рыцыхәмарра бзиа илбоит. Аха Анна адәахьы дыздәылҵуам.a Лҩызцәагьы здәылҵӡом. Избанзар адәахьы амш цәгьоуп, ақәа ауеит. Сишь! Шәаангыли! Анна ашә асыбжь лаҳаит. Аха мап, аӡәгьы ашә дасуам, ус ашә аӡә дадхошәа лаҳауеит, аӡә дацрыхошәа. Анна ашә аалыртуеит. Ала ашә илагылоуп. Ла хәыҷык ашә илагылоп. Ала зынӡа ихәыҷӡоуп. Ала акәым, иласбоуп азуҳәар ҟалоит. Уи бааӡоуп. Убриаҟара ибааӡоуп, ахәы иалыкәкәа ацәыкәбарқәа каҭәоит. – Сласба ҧшқа! Зынӡаубааӡама?! –Аннааласба ахы аалшьышьит. – Шаҟа ухәыҷузеи, шаҟа убзиоузеи! Аласба аҵыхәа хәыҷ аршәшәоит. Уи агәы иахәоит Анна иахьлыргәыбзыҕуа. – Нана! – лан лызҿылҭуеит Анна. – Ибҭахуи, сыхаара? – аҭак ҟалҵоит лан егьи ауада аҟынтәи. – Ара аласба хәыҷы гылоуп! Аласбасасра иаҳзааит. Уи кәытрабаахаиҟоуп. Ибааӡоуп, ахьҭа иакны иқы. Ахьҭа алалеит ҳәа сыҟоуп! – ирыцҳалшьоит Анна. Лан дааит. – Ари закәи? - лҳәеит лара. – Ишҧабааӡоу! Заҟа ихәыҷузеи, рыцҳа. Анна аласба аҩныҟа иналгар лҭахуп. Аха лан мап лцәылкыр ҳәа дшәоит. Анна аласба лымазар лҭахуижьҭеи крааҵуеит. Анна лан ашә аҿы дгылоуп. Аласба хәыҷы ахы инаркны ашьапаҟынӡа ишыбааӡоугьы даара иҧшӡоуп.
Download