Амири, Самири, Дауҭи

Амири, Самири, Дауҭи   Тәыла харак аҿы иҟан қалақь хәыҷык. Уи ақалақь аҿы ауаа насыҧ рыманы инхон. Зегьы ирыман шаҟа рҭахыз афатә-ажәтә, ашәҵатәы. Акы иазгәаҟуа иҟамызт. Аха ҽнак зны иаалыҟьаны аамҭа аҽаҧсахит. Амамзаареи амлакреи ихҭанакит ари ақалақь ауааҧсыра. Еиҳараҩык ҕархеит, рхы рызныҟәымго иалагеит. Ауаа, иҟаҳҵарызеи, ҳрыцҳара, ҳҕарра ҳазлалҵри ҳәа ихәыцуан. Аӡәы акы ихәыцрын, ҽаӡәы-ҽакы … Ари ақалақь аҿы инхон Амири, Самири, Дауҭи ҳәа аиҩызцәа. Урҭгьы иҟаҳҵарызеи, аусура ҳабалагари, ҵарас иаҳҵарызеи, иааҳартрызеи, ҳҭаацәа ҳазларыцхраари ҳәа ихәыцуан, еснагь иалацәажәон. Кыраамҭа дазхәыцуазу, дазымхәыцуазу ҳаздыруам, аха … Самир ачаӡра далагарц иӡбеит. Уи идыруан, ауаа егьа ирцәыуадаҩзаргьы ача аарымхәар ада ҧсыхәа шрымамыз. Акыс Самир иҭаацәагьы ача рӡуан, – уи иабгьы, иабдугьы еицырдыруаз чаӡыҩцәан. Далагеит Самир ачаӡра. Раҧхьа ииӡуаз маҷын, нас хәыҷы-хәыҷла иациҵо мацара, ачаӡырҭа дазымкуа далагеит. Ажәлар Самир ича ргәаҧханы иаархәон. Аахәаҩцәа рхыҧхьаӡара еиҳа-еиҳа ирацәахон. Самир иҩни имашьынеи иҭиит, иҩызцәагьы имаҷымкәа аҧара идырҧсахит. Даалаган ачаӡырҭа ду иргылеит. Самир ача рацәаны иӡуа, анкьа аасҭа еиҳаны иҭиуа, аҧарагьы бзианы ирҳауа далагеит. Аҩын ҿыц ааихәеит. Ажәлар деицырдыруа дҟалеит. Иара ииӡуаз ача Самир ича ҳәа ахьӡҵаны ауаа ирылаҵәеит. Убри ақалақь аҿы дынхон Амиргьы. Уи Самири иареи еиҩызцәан. Амиргьы иҭахын уск далагарц. Ажәқәеи аҳәақәеи аниҵарц иӡбеит. Ауаа ача аархәозап, хымҧада, акәаци, ашәи, ахши аархәоит, – игәы иаанагеит уи. Ауаа ҕаруп, аха афатә аарымхәар ада ҧсыхәа рымам, акры рымфар ауам, иӡбеит Амир. Иабгьы, иабдугьы ари аус рнапы алакын, еицырдыруаз арахәааӡаҩцәа ракәын. Амир амӡырха ду иман. Имӡырхаҿы аҳаскьын рацәан. Уаҟа иҳәлар рылшон ижәқәеи иҳәақәеи. Арахә шанҵатәу, ишааӡатәу, – уи зегь иара ибзианы идыруан. Ишаҳҳәаз еиҧш, Амир абри аус дацҧыҳәаны далагеит. Ауаа иаархәон, ахш-харҵәы, ашәи акәаци. Аахәаҩцәа убриаҟара ирацәахеит, ирахә имӡырха иазымкуа иалагеит. Иҩны, имашьына, иҩнымаҭәа зегь иҭиирц иӡбеит. Иҩызцәагьы ҧыҭк аҧара рымиҧсахит. Адгьыл ааихәан, анхамҩа ирҭбааит. Дук хар имгакәа ирахә ишәахә рацәахеит. Уажәшьҭа ирацәаны ахши, ашәи, ахарҵәи, ахәшеи, акәаци иоуа далагеит. Деиҵамхаӡакәагьы ибзиан иҭииуан. Аҧара ду анирҳа, еихых-еиҵых иҟаз аҩны бзиа ааихәеит. Ажәларгьы деицырдыруа дҟалеит. Самир иаалыҵ ҳәа зегьы ирылаҵәеит. Уи ақалақь аҿы дынхон Дауҭгьы. Иара ҵара хәыҷыкгьы иҵеит, егьырҭ реиҳа маҷк еиҕьны дцәажәон. Ауаа зегь реиҳа иҟәышу, абаҩхатәра змоу аӡә иоуп ҳәа дрыҧхьаӡон. Убас ихы дирбар илшон. Убри даара ихәеит Дауҭ. Ақалақь анапхгараҿ иҟаз ауаа дырзаагәахеит. Ус дышнеи-шнеиуаз ақалақь ахадасгьы дҟалеит. Ауалафахәы бзиагьы иоуан, дыздыруазгьы рацәан. Аха иҟан уадаҩрак. – Ақалақь ауааҧсыра аиҳараҩык амамзаара, аҕарра изалҵуамызт. Амир ичеи, Самир ифатәи аархәон. Аха ирацәаҩын ачаҵәҟьа ззаамхәозгьы. Ажәакала ауаа рыҧсҭазаара цәгьан. Урҭ рҭагылазаашьа аиҕьтәра иазхәыцшаз ақалақь ахада Дауҭ иакәын. Уи ауаа рыфатә-рыжәтә азы уадаҩра рызымҭашаз ак иӡбар акәхеит. Акыраамҭа дхәыцуан Дауҭ, нас Амири Самири даарыҧхьан ус реиҳәеит: «Шәара ачеи акәаци шәҭииуеит, шәыҧхамшьаӡои. Ауаа амла иагоит, шәара урҭ ррыцҳара шәалачоит. Уажәҵәҟьа ишәмоу зегь – ача, акәац, ахш, ахәша, ашә, цәырганы ауаа ирзышәша». Амири Самири иџьаршьеит: – Ишҧа! Шаҟа ҧареи, аамҭеи, џьабааи ақәҳарӡызеи ари аус. Ари аҩыза ҟалашьас иамозеи? – рҳәеит урҭ. Дауҭ аҭакс: – Шәаҟәыҵ ашшра! Уи аҟара ихьаажәымгарц азы, Амир ачаӡра иақәихарџьыз афымцалашара ахә сара исшәоит. Самир ирахә ашьра иара иқәсыршәом. Уи сара суысуҩцәа иҟарҵоит, – иҳәеит. Ирымчыз Амири Самири. Дауҭ ақалақь ахадас дыҟан. Уи иажәа ҩбаутәыр ауамызт. Ақалақь ауааҧсырагь даара иргәаҧхеит ари аҩыза ақәҵара. Зегьы ирҳәоз: «Дзакәытә уаҩ ҟәышузеи Дауҭ. Абри еиҧш ақалақь ахада дахьҳамоу иҳабаргәузеи», – ҳәа акәын. Ауаа гәырҕьон, уажәшьҭа ачеи, ашәи, ахши, акәаци раахәара рықәмызт. Амлагь уаҩ дакуамызт. Агәырҩа змаз Амири, Самири, урҭ рҭынхацәеи ракәын. Иҟан шьоукгьы: – Избан, Амири Самири изрымихуазеи дара иҭрыжьуа аалыҵ. Ихаҭа иаахәаны ауаа ирзишар ауазеи, – ҳәа зҳәозгьы. Аха урҭ ирҳәоз уаҩы дазыӡырҩуамызт. Ақалақь зегь ари аҩыза ақәҵара ҟәыш ныҳәаҵас ирыдыркылт. Аха нагӡара маиуит ауаа рныҳәа. Ача, ахәша, ашә, ахш, акәац уҳәа, зегьы ргеит. Амири Самири ирымаз зегь рымырхт. Ицәдырҳәит. Ачаӡырҭа еимырхит, уа уаҳа ача рӡуамызт. Арахә рферма акәзар иҭацәит. Уаҟа уаҳа ҳәеи жәи ҳәа акгьы нымхеит. Иҟарҵарыз Амири Самири. Рҭаацәа аашьҭырхын, нхара ҳәа даҽа қалақьк ахь ииасит. Издыруада уа ус ламысдарыла ирзымныҟәар. Ари ақалақь хәыҷ аҿы Амир ичеи Самир ифатә аалыҵқәеи ҧхасҭахеит. Ача ҩеит, акәац бааит, ахәа алҵит. Ахши ахарҵәи убриаҟара иҵәыҵәит, афҩы ауаа ирзымычҳауа иалагеит. Ауаа дырҩегь арыцҳара инҭагылеит.. Ирылшахуаз ажәлар, уаҳа ирфоз анырмоу инеит Дауҭ иҟны: «Иҧхасҭахаз афатә ҳара иаҳзыфом, аҿыц ҳҭахуп!» Дауҭ даара аус цәгьа дақәшәеит. Ачабабақәа зӡуаз Амири, арахә зааӡоз Самири ақалақь аҿы иҟамызт. Дауҭ даара иҽишәеит, ауаа аусура иалаиргарц азы, аха уаҳа умҧсит. Аус жәуы ҳәа издиҵоз зегьы мап ацәыркуан. «Аус заҳауран ҳаҟоузеи, нас зегь ҳамихуазар!» – рҳәон дара. Ача зӡуазгьы, арахә зааӡозгьы – уаҩы дизымҧшааит. Убасҟан ауп Дауҭ агха ду шыҟаиҵаз анеиликааз.
Download