Еицырдыруа актәи аледицәа

Еицырдыруа актәи аледицәа   Азҵаара: Еидҵоу Америкатәи Аштатқәа апрезидентс дҟалар аҧҳәыс, хьӡыс иоуазеи уи лыҧшәма?               Аҭак: Актәи аџьентельмен. Лнапы злакуи актәи аледи Еидҵоу Америкатәи Ашҭатқәа рҟны актәи аледи ҳәа илышьҭоуп апрезидент иҧшәмаҧҳәыс. Актәи аледи лаҳасабала аҟазаара ус имариам. Уи ауалафахәы лоуам. Еснагь ауаа дрылагылоуп. Лара америкаа русқәеи, дара зызҿлымҳау апроектқәеи ирыдҳәаланы ауаа драцәажәаратә аҭагылазаашьа лымоуп. Акыр шықәса уажәаҧхьа актәи аледицәа ртәылаҿы ауаа ҕарцәа рыҧсҭазаара аиҕьтәреи, урҭ рынхарҭақәа рыкәша-мыкәшеи, ршколқәеи, рбиблиотекақәеи рырҽеиреи, зықьҩыла ахәыҷқәа рыҧсҭазаара аиҕьтәреи рзы аџьабаа ду рбон. Актәи аледицәа џьоукы рыхьӡқәа еиҳа ирылаҵәаны иҟалеит, егьырҭ раасҭа. Урҭ рахьтә џьоукы еиҳа ргәацҧыҳәан рхы аадырҧшуан, рыуаажәлар русқәа еиҳа ирзыҳаҵҳаҵон. Ари ашәҟәы рызкуп хҩык инарылукааша актәи аледицәа. Шәара шәырҧыларан шәыҟәоуп Елеонора Рузвельти, Жаклин Кеннедии, Хилори Родам Клинтон.     Шәара ижәдыруазма?               Џьорџь Вашингтон президентс даныҟаз, уи иҧшәмаҧҳәыс Марта шлыхьӡыз ауаа ирыздыруамызт. Ҽнак зны Марта дшаауаз, ауаа данырба – «Нагӡара лықәзааит Леди Вашингтон!» - ҳәа ҿыҭуа илҧылеит. Убри аамышьҭахь ауп актәи аледи ҳәа атермин рхы иадырхәо ианалагаз. ?)ҷ: шықәсазы уи ажәар иалалеит.   Елеонора Рузвельт Апрезидент: Франклин Делано Рузвельт.                                                          Даналырхыз ашықәс: ?)ҷ2. Аҩны шкәакәаҿ иҟазаара аамҭа: ?)ҷҷ-?):џ. Актәи аледи лҳәамҭа: «Аӡәгьы мчыла инапахьы уизаагом, уара иуҭахымкәа». Елеонора Рузвельт даара иҕәҕәаз актәи аледицәа дреиуан. Уи лыҧшәма, Франклин Рузвельт президентс дыҟан иуадаҩыз аамҭақәа рзы. Урҭ аҩны шкәакәахь аиасра рықәшәеит ?)ҷҭ шықәсазы, Адепрессиа ду ҳәа ззырҳәоз аамҭазы. Усҟан аҳәынҭқарраҿы аусура аҭыҧқәа узыҧшаауамызт, ауаа амамзаара иаргәаҟуан. Рузвельт иҧшәмаҧҳәыси иареи Аҩны шкәакәаҿ инхон а-:ҭ-тәи ашықәсқәа рыбжьаранӡа, Америка аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ду аҽаланархәаанӡа.     Ашәа Вашингтон ақалақь аҟны Песнҕ в Вашингтоне   ?)ҷ) шықәсазы Вашингтон ақалақь Аконституциа Азал аҟны еицырдыруа америкатәи ашәаҳәаҩ Мариан Андерсон лықәгы-лара азгәаҭан. Аха «Америкатәи арево-лиуциа аҭыҧҳацәа» ҳәа зхы иазызҳәоз агәыҧ иалахәыз абри азал аҿы Мариан ашәаҳәара азин лырымҭеит. Уи дзыхдырҟьоз уи ауп, Мариан дафроамерикан ҭыҧҳан. Елеонора Рузвельт ари еиҧш адискриминаци(азин еилагара) лзымычҳакәа даҿагылеит, протестк аҳасабала агәыҧ далҵит. Убри аамышьҭахь Мариан Андерсон ааҧхьара лылҭеит, Линкольн имемориал аҧхьа ашәа лҳәарц азы. Уи ҵџ нызықьҩык ауаа ирбеит. Миллионҩыла ауаа Андерсон лыбжьы хаа радиола иазыӡырҩит. Елеонора лыҧсахьынӡаҭаз аус луан, аҭаацәа беиа дшырхылҵызгьы. Раҧхьаӡа репортерс, нас агәыҳалалратә усқәа лнапы рылакын, лыда ҧсыхәа змамыз ауаа дрыцхраауан. Апрезидентцәа рыҳәсақәа рахьтә лара раҧхьаӡа акәны адунеи атәылақәа рацәаӡаны дрылсит, ажәларқәа рыҧсҭазаашьа лбеит. Уи зегьы апрезидент Рузвельт изеиҭалҳәон, лара илбаз-илаҳаз, лҧышәа ималдон. Аибашьра ду анцоз Англиеи Аокеан Ҭынч амрагыларахьтәи ахәҭаҿы еибашьуази асолдатцәа дырҭаахьан. Шәҩыла ихәны иҟаз аибашьцәа днеины илбон, дырҧылон, дрыҿцәажәон. Елеонора Рузвельт апрезидентцәа рыҳәсақәа рахьтә аполитикатә аусура знапы алакыз рыбжьара драҧхьатәихеит. Уи аполитика лнапы шалакызгьы, адунеи аҿы деицырдыруа дҟалеит актәи аледи лыҳасабала. ?):џ шықәсазы лара лыҧшәма, апрезидент Рузвельт иҧсҭазаара далҵит ихьуаз ачымазара – аполиомелит иахҟьаны.   Жаклин Кеннеди Апрезидент: Џьон Фицџьеральд Кеннеди. Даналырхыз ашықәс: ?)қҭ.               Аҩны шкәакәаҿ иҟазаара аамҭа: ?)қ?-?)қҷ ш.ш. Актәи аледи лҳәамҭа: «Иҟоуп ирацәаны амҩа кьаҿқәа уҷкәын изы адунеи злаурҭбаауа. Ашәҟәқәа рыбзиабараурҭ рахьтә зегь иреиҕьу мҩоуп». Жаклин Кеннеди диит, егьлызҳаит Ниу-Иорк. Уи даара бзиа илбон аҽқәеи аҽықәтәареи, иҭацәны илоуаз лаамҭа зегьы аҽқәа рааигәара илхылгон. Лара аколлеџь даналга, Вашингтонтәи агазеҭ «Џьекки» аҿы фотокорреспондентс аус луан. Убасҟан, ?)џ2 шықәсазы ауп Џьон – «Џьек» Кеннедии лареи анеибадырыз. «Еидҵоу Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс сҟалоит, хымҧада» - ҳәа леиҳәеит уи усҟан. Шықәсык ааҵуаны Џьек дсенаторхеит. Урҭ еибагеит ?)џҷ шықәсазы. Президентс Кеннеди далырхит ?)қҭ шықәсазы. Кеннедиаа рҭаацәара  Аҩны шкәакәахь ииасит рхәыҷқәа аҩыџьагьы -хышықәса зхыҵуаз Керолаини, аҧшқа Џьони рыманы. Жаклин актәи аледи анлакәха, Аҩны шкәакәахь иналыҧхьеит Америка зегьы. Хаҭалатәи лтур аан Си би Ес аоператорцәа дҭырхуан. Жаклин Аҩны шкәакәа музеины иҟаларц дашьҭан. Ибеиоу уи аҭоурых изҭаху зегьы идлырбарц. Актәи аледи, аҿыханҵеи абалети реиҧш иҟаз акрызҵазкуа аҟазара ахкқәа рыҿиара дацхраауан. Жаклин Кеннеди америкаа бзиа дырбеит лыстил, модала лҽеилаҳәашьа, аамысҭашәала лхымҩаҧгашьа рзы. ?)қҷ ш. азы апрезидент Кеннеди дыршьит. Лара иаалырҧшуаз ачҳареи, илыхьыз арыцҳара ду шылхылгози рыла адунеи зегь лыршанхеит. ?)ҵҧ шықәса инаркны ?)): шықәсанӡа ачымазара бааҧс лыхьны дагаанӡа, актәи аледи дынхон, аусгьы луан Ниу-Иорк.   Хиллари Родам Клинтон Апрезидент: Уилиам Џьефферсон Клинтон. Даналырхыз ашықәс: ?))2 Аҩны шкәакәаҿ иҟазаара аамҭа: ?))ҷ-2ҭҭҭ шш. Актәи аледи лажәқәа: «Адемократиа идемократиаҵәҟьахом уи аҧҳәыс лыбжьы алыҩны иумаҳауазар». Хиллари Родам аҵара лҵон Иельстәи ауниверситет, азиндырратә факультет аҿы, аиурист қәыҧш Билл Клинтони лареи анеибадырыз. Ауниверситет ианалга ашьҭахь урҭ еибагеит, нхара ҳәа ииасит  Арканзасҟа, Скала хәыҷы ҳәа изышьҭоу аҭыҧ ахь. Хиллари дукатс аус луан, Арканзастәи азиндырратә школ аҿгьы рҵаҩыс дыҟан. Билл Клинтонгьы азиндырразы алекциақәа дрыҧхьон. Ҧыҭрак ашьҭахь Арканзас агубернаторс далырхуеит. ?2 шықәса Хиллари Арканзас актәи аледи лакәын. Америка актәи аледи лаҳасабала Хиллари Клинтон ауааҧсыра ргәаб-зиарахьчара аиҕьтә-ра аус адылулон. Ахәыҷтәы иммунитет иазкны ажәахәқәа рыла дықәгылон. Агәабзиарахьчаратә проектқәа рынагӡаразы аҧара алалгалон. Апрезидент илыдигалт Хиллари агәабзиарахьчара амилаҭтә реформа анапхгараҭара. Апрезидентцәа рыҳәсақәа рахьтә Хиллари драҧхьатәиин, зыҧшәма аҳәынҭқарра ахадас иҟазаара аамҭазы, аҳәынҭқарратә, аофициалтә позициа аарҧшра знапы ианыз. Аӡәырҩы ргәы ишаанаго ала, Хиллари Клинтон егьырҭ актәи аледицәа раасҭа еиҳа анырра ҟалҵон, лажәа еиҳа акраҵанакуан. Уи лыҧшәма иполитика асхема шьақәзыргылазгьы лара лоуп. Егьырҭ реиҧш лыҽцәырымгакәа акәӡамызт уи аус шылуаз. 2ҭҭҭ-тәи ашықәсазы Хиллари Клинтон Ниу-Иорк аштат аҟынтә сенаторс далырхит. Апрезидентцәа рыҳәсақәа рахьтә лараӡә заҵәык лоуп Еидҵоу Америкатәи Аштатқәа рсенат ахь иалырхьоу. 2ҭҭ) шықәсазы Хиллари Клинтон Еидҵоу Америкатәи Аштатқәа рҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵан. Актәи аледицәа ҳәа ззырҳәоз рахьтә Хиллари Клинтон заҵәык лакәхеит абри аҩыза амаҵура ду аанызкылаз.  
Download