Ажь

Ажь   Ажь ари аӡахәа иаҿалаз ашәыр ауп. Ажьари даара ихаау зеиҧш ыҟам шәыруп. Ажьқәа зегьы хкы-хкыла еиҧшӡам. Жьыргәыцқәак ҟәазуп, урҭ ажьымжәа еидыркылоит, егьырҭ ржьыргәыцқәа усҟак идуӡам, аха урҭгьы даараӡа ихаауп. Жьыргәыцқәак иҩежьцәи-аҵәаны иҟоуп, урҭҚырҭтәыла ажь шкәакәа ҳәа иашьҭоуп. Иҟоуп ицәиаҵәоу ажьыргәыцқәа, мамзаргьы иҟаҧшьыу, ус еиҧш иҟо ажьеиқәаҵәа ҳәа иашьҭоуп. Аиқәаҵәеи, ашкәакәеи реиҧш, ацәхаҧшьгьы иамоуп еиуеиҧшым ахьӡқәа. Иаҳҳәап, Цицка, Oдесса, Александреули, Цоликаури уҳәа уб. иҵегьы. Ажь, даара ихәарҭоу шәыруп, аҳақьымцәа хәшәыс рхы иадырхәоит, ирҳәоит, ажь ауаҩы дарқәыҧшуеит, дагьарҧшӡоит ҳәа. Уи адагьы, ажь ажьырӡы, алимонаҭ, аҩы алырхуеит. Шәара бзиа ижәбоума ажьырҩеи, аџьынџьыхәеи? Арҭ ахаа – мыхаақәа ажьырӡы иалырхуеит. Закәытә насыҧузеи ҳара ҳҿы хкырацәала ажь ахьазҳауа! Шәара интересс ишәоур ҟалап иаадрыхуамашь егьырҭ атәылақәа рҿы ажь?   Ажь аларҵәара Аҵарауаа ргәаанагарала, аӡахәа аҧсадгьыл Қырҭтәыла ауп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Избанзар, ара ирыҧшааит ажәытә ажь хкы. Қырҭтәылатәи ажь аларҵәара аиуеит. Иааигәоу Мрагылареи, зегь раҧхьа Ермантәылеи, Џьамтәылеи атәылақәа рҿы. Ус лассы, ажь рылаҵәеит Азиа зегьы, уаантәигьы аӡахәа еиҭаҳатә егьырҭ атәылақәагьы ирылаҵәеит. Европа атәылақәа зегьы рҿи, Азиеи, Аладатәи Аҩадатәи Америкеи. Иахьа, ажь иахьазҳауа атәылақәа рацәоуп. Тәылақәак ажь иалхны даараӡа ибзиоу аҩқәа ҟарҵоит. Ус еиҧш иҟоуп: Франциа, Испаниа, Италиа, Португалиа, Бырзентәыла, Венгриа уҳәа убас иҵегь.   Ажьхкы - ажьҭаара аизгара Ажь, ишаҳҳәаз еиҧш аӡахәа иаҿалоит. Ус еиҧш иҟоу аҭыҧқәа аӡахәаҭра ҳәа иашьҭоуп. Ажь ҭагалан иҟалоит, уи хымҧада еизгатәуп. Ажьҭаара ҳәа иашьҭоуп, уи ауаа рацәаны иалахуп, избанзар уи аамҭа рацәаны иаҭахуп, иара аамҭа даара илахҿыхуп. Шәара зныкыр ажьҭаара шәақәшәахьазар, ижәдыруеит, уаҟа ауаа русқәа еихыршоит. Џьоукы аӡахәа иадгылан ажь маркатылла, мамзаргьы ҳәызбала ажьымжәақәа хырҵәоит. Даҽа џьоукы, иҿырхыз ажьымжәақәа акалаҭқәа ирҭарҵоит. Амч ҕәҕәа злоу акалаҭқәа ирыҵалоит, ажь иҷыдоу аҵәахырҭаҿ ирҵәахуеит. Ахәыҷқәагьы даара бзиа ирбоит ажьҭаара, урҭ ажь ҭаараҿы рҭаацәа ирыцхраауеит, рус инамҩатәны шаҟа рҭахыу ажь рфоит.   Ашьҭахьажәа (Аҵыхәтәажәа) Ишыжәбо еиҧш, ажь атәылақәа рацәаны ирылаҵәоуп, ирацәаҩуп уи шәырхкык аҳасабала бзиа избо. Ажь даара ихәарҭоуп, иагьыхаауп. Шәара, ажь ҭаара зныкгьы шәалахәымзтгьы, шәҽазышәшәа уи гәашәҭарц. Сгәы иаанагоит уи шәарлахҿыхып, иагьышәгәаҧхап ҳәа.  
Download