Адгьылҵысра
Адгьылҵысра Алагалажәа Ишәаҳахьазар ҟалап шәҭаацәа рҟынтәи, мамзаргьы телехәаҧшрала адгьылҵысра атәы. Лассы-лассы ателехәаҧшрала адырра ҟарҵоит адгьылҵысрақәа ахьыҟало. Адгьылҵысра ақәауреи, аҧшасреи реиҧш ҧсабаратә цәырҵроуп. Ирацәаҩуп ауаа адгьылҵысра иацәшәо, урҭ ишәарҭоуп, ихырҵәагоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Аиаша уҳәозар, уи еснагь ус иҟаӡам. Акагьзлам акеиҧш узхәаҧшуа ақәа хәыҷы, аӡхыҵра ду ҟанаҵар алшоит, адгьылҵысреиҧш. Ҳара зынӡагьы иаҳнырӡом адгьылҵысра ес-минуҭ шаҟантә иҟало, аха знымзар зны шәара астанциа ҷыдахь шәнанагозар (урҭ асеисмисттә станциақәа реиҧш иҟоу) шәара еилышәкаауеит адгьылҵысра маҷқәа лассы-ласс ишымҩаҧысуа. Ус еиҧш иҟоу адгьылҵысрақәа шәарҭаӡам. Аха, ҳара иаадыруеит аҩнқәа зрыбго, адгьылқәа еиҟзыршьшьо, ауаа нзырҵәо адгьылҵысрақәа. Изыхҟьоузеи адгьылҵысра Зегьы интересс ирымоуп адгьылҵысра зыхҟьо. Адгьыл аҩнуҵҟа иамоуп амаден жәлақәа рацәаны, урҭ дара дара еидуп, рызегьы рхатә мчқәа (аенергиа) рымоуп. Аамҭа цацыҧхьаӡа, урҭ амаденқәа рыбжьара амч (аенергиа) иазҳауеит, ашоура бааҧсы ҟанаҵоит. Адгьыл маҷк аҧсы ашьарц аҭаххоит (аенергиа ахнаҟьарц). Адгьылҵысра уи аенергиа ахҟьароуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Уи аамҭазы амаденқәа еидыҵуеит, убри азы амч ду адгьыл зырҵысуа шьақәгылоит. Лассы-ласс адгьылҵысра абжьыцәгьа ацуп. Ус еиҧш ианыҟо, уи аҩнқәа арыбгар алшоит. Адгьылҵысра амч иҷыдоу агәаҭагақәа рыла иршәоит. Уи агәаҭага иахьӡуп Рихтер ишкала, ашәага ак – иахьӡуп абалл. Иҟаҵатәузеи адгьылҵысраан Аӡәгьы издырӡом адгьылҵысра аныҟало. Дара аҵарауааҵәҟьагьы уи аныҟало атәы акагьы рзахҳәаӡом. Адгьылҵысра аанкыларагьы аӡәгьы илшаӡом! Ихадароуп аҩны аргылараан, уи аҭышәантәалара аилкаара, адгьылҵысра ҟалар имбгарцаз. Уи адагьы, ихадароуп адгьылҵысраан, иууа узымдыруа ақәымхара. Уи аамҭаз аҩны шәыҩназар, амардуанқәа рыла албаара ҟалаӡом! Иара убас, шәҽацәышәыхьча алифт. Ибгар зылшо аҩндуӡӡақәа рааигәа аҟазаара шәҽацәышәыхьча! Уи аамҭаз, еиҳа еиҕьуп лассы имбго аҭыҧқәа рыҧшаара, иаҳҳәап аҩны зку аҭӡамцқәа реиҧш иҟоу. Ихадароуп ишәхашәмыршҭырц, адгьылҵысра кыраамҭа иҟаӡам, уи лассы инҵәоит.
Download