Адәыҕба

Адәыҕба Алагалажәа Адәыҕбаари ахәыҷқәа бзиа ирбо транспортуп (ныҟәагоуп). Авагонқәа дара-дара еидҳәалан афақьдәыҕба иашьҭалан еицнеиуеит. Ижәдыруама шәара изаку афақьдәыҕба? Уи адәыҕба аҧхьатәи ахәҭоуп, уаантәи афақь кылҟьоит, алҩа ҭыҵуеит. Уаҟа дҭатәоуп арныҟәцаҩ, адәыҕба игоит. Ишьҭахь ацәаҳәа иқәгылан еихьӡоит авагонқәа. Авагонқәа амҩаҿы ашәаҳәара бзиа ирбоит. Шәаргьы уи ашәа жәдыруама? – Чух-чух-чух-чух». Уаанӡа, есымша интересс исыман авагонқәа арельсқәа изларықәымҟьо, излакамҳауа. Мамзаргьы, уи арныҟәага зхәыцыз дарбану. Шәааи ҳаицахәаҧшып, ишыҟаз раҧхьатәи адәыҕба, изыргылада, мамзаргьы, ҳаамҭазтәи адәыҕба ахьынӡа еиҕьу, еиҿҳарҧшып.   Раҧхьатәи адәыҕба Адәыҕба аҧҵара англиааи шатландиааи ирыбзоуроуп. Урҭ аиха иалхыу арельсқәа рыӡбеит. Ҧахьа, урҭ арельсқәа Ажәытәӡатәи Рим акәын иахьыҟаз, урҭ амҿы иалхын азы, лассы ибжьысуан. Жәаатәи ашәышықәсазы, Англиа аихатә рельсқәа ҟарҵеит, урҭ акырӡа иҕәҕәан. Уи еиҳарак ахьанҭара амҩангаразы рхы иадырхәон. Арҭ аидарамҩангагақәа ахьанҭарақәа рықәырҵон, нас напыла иагәҭасны арельсқәа ирықәдырҳәазон. Урҭ даараӡа ирыцхраауан аиха иалхыз арельсқәа, аидарамҩангага еиҳа еиҕьны иқәҵәыруан, аидарагьы аиҭагара ауаа ирзымариан. Англиаа ирыӡбеит иҟарҵарц убри еиҧш акы, ауаҩы имч ахархәарада ахьанҭара зхала изырҳәазо. ?ҵ)ҵ шықәсазы, англиатәи аҧҵаҩы Ричард Тревитик ихәыцит ахылҩа-ҧсылҩала еиҭаҵуаз амашьына. Убри акәхеит зхала еиҭаҵуаз ибзиангьы аус зуаз раҧхьатәи адәыҕба. Ҳаамҭазтәи адәыҕба Адәыҕба иманшәаланы аихамҩа ианахыс инаркны, уи аиҕьтәра злауа иазҳәыцуа иалагеит. Ус лассы аихамҩақәа ҟалеит Мрагыларатәи Европа, Азиа, Америка. Фақьдәыҕбак иацрарҳәеит авагонқәа, избанзар, ауаа иргәаҧхеит дәыҕбала аныҟәара. Дара, ус еиҳа иласны, имарианы иахьырҭахыз ицо иалагеит. Иахьа, даара акомфорт змо адәыҕбақәа ыҟоуп. Џьоукы, џьоукы амашьына аасҭа дәыҕбала аныҟәара аҧыжәара арҭоит, амҩа харахьы ныҟәара ицоит азы. Иҟоуп иара убас, ҷыдала иццакыу адәыҕбақәа, егьырҭ иаабац адәыҕбақәа раасҭа иццакыу. Зегь раасҭа иццакыу адәыҕба Китаи иҟоуп, уи «Експресс – гармониа» ахьӡуп.   Ашьҭахьажәа Адәыҕбадаара иццакыу, иманшәалоу ныҟәага хкуп (Транспортуп). Уи ауадақәа амоуп, уаҟа ауаа ыцәаргьы алшоит. Сара даара бзиа избоит адәыҕбала аныҟәара. Игәашәҭ шәаргьы, уи даара алахҿыхра ацуп.    
Download