Марк Твен

Марк Твен   Марк Твенамерикатәи шәҟәыҩҩы дууп. Иара ибаҩхатәреи иааирҧшуа аиумори адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҧхьаҩцәа аршанхоит. Марк Твен ишәҟәқәа аинтерес дуи алахҿыхреи рыҵоуп, егьырҭ абызшәақәа рылагьы.                     Марк Твен диит Флорида ақалақь аҿы. Иаб даара илеишәа цәгьан, иан лакәзар лҟазшьа бзиан, длахҿыхын. Марк Твен иан лҟынтәи анцәа илеиҵеит аиумори, аҟазшьа бзиеи, алахҿыхреи. Ашәҟәыҩҩы данхәыҷыз иан изеиҭалҳәон ирацәаны ажәабжьқәа. Ахәыҷы даара дцыхцыхын, дласын, аха иан изеиҭалҳәоз ахҭысқәа ибзиан игәникылон, ихшыҩ рзышьҭны дырзыӡырҩуан. Зфантазиа ҭбааз ан еиҭалҳәоз ажәабжьқәа рыла аҷкәын аҩра игәацҧыҳәо дҟалҵон. Марк иаб заа дҭахеит. Иара аусура далагар акәхеит. Раҧхьа аус иуан атипографиаҿы. Уаҟа аусура даара иуадаҩын. Марк хәыҷы дахьыцәоз ашьҭаларҭаҵәҟьа имамызт. Нас ажурнал ахь усура диасит. Ажурнал азы иҩуан астатиақәа, иааҧмырҟьаӡакәа аус зуаз корреспондентс дыҟан. Ҧыҭрак ашьҭахь диасит Ниу-Иоркҟьа, кьыҧхьҩыс аусура далагеит. Хәылбыҽхала абиблиотекахь дныҟәон. Уаҟа ирацәаӡаны ашәҟәқәа дрыҧхьон, ашкол аҟны аасҭа аинформациа еиҳаны абиблиотекаҿ иҧшаауан. Марк Твен иажәабжьқәа 7 кьыҧхьын убри аамҭазы аҭыҧантәи агазеҭ аҟны. Марк Твен иҧсҭазаараҿы акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит ҕбала иныҟәара. Иара  даара дигәаҧхеит аҕба акаҧдан. Ашәҟәыҩҩы аҕбаҿы аус иурц иӡбеит. Ҩышықәса аҵара иҵон каҧданс аҟаларазы. Аҕбаҿы иусураан Марк Твен дахьцалакгьы иҩыгеи ибҕьыци еснагь ицын, дзықәшәоз ахҭысқәеи адиалогқәеи зниҵоз. Усҟан анҵамҭақәа зыҟаиҵоз ихаҭагьы издыруамызт. Дышәҟәыҩҩхарц амалахазгьы игәы иҭамызт. Уи раҧхьаӡатәи иажәабжь иҩит 30 шықәса анихыҵ. Ажәабжь даара аҧхьаҩцәа иргәаҧхеит. Иреиҕьу жәабжьны ирыҧхьаӡо иалагеит. Ашәҟәыҩҩы ари џьеишьон, изеилкаауамызт аҧхьаҩцәа бзиарас иадырбалоз. Аҧхьаҩцәа иргәаҧхоз, Марк Твен гәаартыла, аиумор аҵаны дахьыҩуаз акәын. Хәыҷы-хәыҷла ашәҟәыҩҩы ихәҭа ҩымҭақәа игәаҧхо далагеит. «Том Соиер ихҭысқәа» - адунеи иқәынхо ахәыҷқәа зегьы ибзиан ирдыруа ҩымҭоуп. Ари ашәҟәаҿы иаарҧшуп ахәыҷқәеи, ахбыџқәеи рыҧсҭазаара. Урҭ дара рықәра зықәроу ахәыҷқәа излареиҧшым акгьы ыҟам. Аха изықәшәо ахҭысқәа убриаҟара иџьашьахәуп, аҧхьаҩцәа хәыҷқәа абри еиҧш аҩымҭа иалахәзар, иафырхацәаны иҟазар рҭахуп.   Ашәҟәаҿы ахәыҷқәа ҳәатәхамҵацәоуп, рхым-ҩаҧгашьа адуцәа аргәаауеит, аха рыгәқәа разуп. Аҩымҭаҿ иаахтны иҳәам, ахәыҷқәа уаа рызқәоуп ҳәа, аха уанаҧхьо иумбарц залшом уи ус шакәу. Насгьы иуныруеит иара автор ихаҭа даара ахәыҷқәа бзиа ишибо. Марк Твен иман хҩык аҧҳацәа. Аха уи инасыҧ нагӡамхеит. Иҧҳәысгьы ихҩыҧҳацәагьы ҭахеит. Убас шакәызгьы игәы камҳаит, аус шиуц иуан, ихы аҵамырхакәа аҧсҭазаара аҕьараҳәа далагылан. Дыздыруаз зегь иара иҩызара иеилаҳауан. Зыҧсҭазаара абриаҟара иуадаҩыз, злахьынҵа цәгьаз ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа лафла, иуморла иҭәуп. Дзықәшәаз арыцҳарақәа ишәҟәқәа ирнимырҧшит. Марк Твен америкаа зегь реиҳа бзиа ирбо шәҟәыҩҩуп, зегь еицырдыруа тәылауаҩуп.  
Download