Аиндеиццәа

Аиндеиццәа   Алагалажәа Аиндеиццәаари Америка инхо ажәларқәа рзеиҧш хьӡоуп. Аескимосцәеи алеутцәеи алаҳамҵозар. Аиндеиццәа рыхьӡ Европантә ирылаҵәеит. Иугәалашәозар акәхап, Христофор Колумб Индиа дшашьҭаз Америка дшыӡхаҵыз. Ари ҟалеит, ажәохәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы. Убри инаркны, Америка инхоз аиндеиццәа ҳәа рыхьӡхеит. Иахьазы, адунеиаҿы ҩеижәижәаба миллион инареиҳаны, индиатәи араса иаҵанакуа ауааҧсыра нхоит. Азежәтәи ашәышықәсазы урҭ рхыҧхьаӡара ханҩажәа миллион иреиҳан. Индиатәи араса инықәырҧшны, шә-милаҭк рыла ишьақәгылоуп. Ажәохәтәи ашәышықәсазы европаа Америка ианыӡхыҵыз, урҭ рхыҧхьаӡара ҩышә жәлары рҟынӡа инаӡон.   Аиндеиццәа рҭоурых Аҵарауаа ргәаанагарала, индиатәи ажәларқәа Америкаҟа иааит Аҩада-Мрагылара Азиантәи. Урҭ Америкаҟа ииасит Берингов амот ацхыраарала. Миллион шықәса раҧхьа, Берингов аӡ-ыбжьаха иҟаӡамызт зынӡагьы. Берингов аӡыбжьаха аҭыҧан, хбарсҭа дгьылын, ахбарсҭа мҩала, Азиантәи Америкаҟа иааит ауаа. Ари ҟалеижьҭеи акрааҵуеит. Америка аҵакырадгьылқәа зегьы аиндеиццәа раланархара шәышықәсақәа рыла ицон. Алтаитәи арегион, Аиндеиццәа рыҧсадгьыл ауп ҳәа ирыҧхьаӡоит.   Аиндеиццәа рбызшәа Аҩадатәи Америка инықәырҧшны, ҧшьышә инарзынаҧшуа еиуеиҧшым ахылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа нхоит. Урҭ, еиуеиҧшым абызшәақәа рыла ицәажәон.   Аиндеиццәа аҩыра рымаӡамызт. Азежәтәи ашәышықәсазы, аиндеиццәа рхылҵышьҭрақәак иреиуаз аҧыза Секвоиа  иаҧиҵеит аҩыра – чероки. Ҩышықәса рнаҩс, иара ибызшәала иҭижьуеит агазеҭЧероки Финикс. Хылҵышьҭрақәак еицәажәон адыргақәа рыла. Ихадаз адыргақәа аиндеиццәа шьапыла ианныҟәоз еимырдон, мамзаргьы еибадырны реиҭаҵраан дыргала еицәажәон. Лассы ласс аиндеиццәа реицәажәараан, еиуеиҧшымыз амаҭәарқәа рхы иадырхәон, иаҳҳәап асаркьа.   Аиндеиццәа рынхарҭеи рынхамҩеи Аиндеиццәа рынхарҭаҭыҧқәа ҷыдоуп. Урҭ ақьалақәеи, ақәацәқәеи, аҳаҧқәеи рҿы инхон. Хылҵышьҭрақәак азеиҧш ҩнқәа рҿы инхон. Ус еиҧш иҟаз аҩынқәа – ахаҳә, анышәаҧшь, амҿы махәқәа, абыҕьқәа еиуеиҧшым амаҭәарқәа ирылырхуан, зны-зынла аҕәқәагьы рхы иадырхәон. Иара убас, аиндеиццәа рынхамҩаҿгьы аиҧшымзаарақәа рыман. Урҭ рынхамҩаҿы анырра дуӡӡа анаҭеит урҭ ахьынхоз рҭыҧ. Уи адагьы, урҭ рынхамҩа анырра дуӡӡа анаҭеит ртрадициақәа. Аиндеиццәа рзы зегь раасҭа ихадараз усын ашәарыцара. Иара убас, аиндеиццәа абна ирнаҭоз абеиара аизгара бзиа ирбон. Хылҵышьҭрақәак адгьыл иқәаарыхуан. Аиндеиццәа рыфатә хадақәа иреиуан аҧсыӡ. Аҧсыӡкра дара рзы ихадараз усын. Европаа иреиуаз ауаа рааирала, урҭ аҽқәа рхархәашьа рҵеит. Уи инаҷыдан, урҭ абџьар ахархәашьагьы рҵеит. Аиндеиццәа рзы абизонқәеи, абнацәқәеи рышьҭашәарыцара еиҳа ирзымариахеит. Аиндеиццәа рҿы ақыҭанхамҩа ибзианы аҿиара аман. Еиҳарак, дара рҿы ақыҭанхамҩа еиҳа аҿиара аман Мексикеи Аладатәи Америкеи. Уаҟа аиндеиццәа еиуеиҧшым ақыҭанхамҩатә культурақәа аадырхуан. Аиндеиццәа аҩнытә ҧсаатәқәеи аҧстәқәеи рацәаны ирыман. Афатә аҳәса иҟарҵон. Аиндеиццәа рҿы еиҳа ахархәара змаз фатә хкын пемикан. Пемиканари афатә ихәҷу, аха угәы зырҭәуа фатәхкуп. Уи абизон акәац рҩеи, ауҭраҭых рҩеи ирылырхуеит. Пемикан аныҟәаҩцәа лассы-ласс рхы иадырхәон. Аныҟәаҩцәа рзы уи аинтерес аҵан избанзар, уи рацәак аҭыҧ агаӡомызт, ихәыҷын насгьы, угәы арҭәуан, акыраамҭагьы иузхон.   Акерамика. Аиндеиццәа акерамика иалхәу амаҭәарқәа рыҟаҵара иалагеит европаа раҧхьагьы. Аҭыҧантәи акерамика еиуеиҧшымзаарала ирацәан.   Еиуеиҧшымызт акерамика аҟаҵашьа аметодқәагьы. Аиндеиццәа ирыздырӡомызт акыцлых ахьыҟарҵоз аусуга ахархәашьа. Дара акерамика напыла аус адырулон. Акерамика адагьы аиндеиццәа рхы иадырхәон анышәаҧшь. Аритуалқәа рымҩаҧгараан Анышәаҧшь иалхны асабрадақәеи рхы иадырхәоз еиуеиҧшым амаҭәарқәеи ҟарҵон.   Аҟазара Агәҭатәи Америка Анд аҵакырадгьылаҿы, европаа ықәнагалаанӡа, аҟазареи акультуреи даара ибзиан аҿиара рыман. Мексика, Гватемала, Гондурас, Панама, Колумбиа, Перу, Боливиа, иара убас, егьырҭ атәылақәеи рҿы ирыҧшааит ирацәаны ижәытәӡатәиқәаз амаҭәарқәа. Аиндеиццәа ркультура даараӡа интересуп, ирацәаҩуп иаднаҧхьалогьы. Урҭ ркультура ианыҧшит ашәарыцацәа, аҧсыӡкцәа, адгьылақәарыхыҩцәа адунеи ишазхәыцуаз, ишырбоз. Урҭ рнапкымҭақәа ҧшӡаны иҟаҵоуп. Аиндеиццәа ркультура амифтә хаҿсахьақәа анырра дуӡӡа арҭеит. Даараӡа иҧшӡоуп аиндеиццәа амҿлых аус шадырулоз. Амҿлых аус здырулоз, рхы иадырхәон аритуалтә ҵасқәа рымҩаҧгараан. Аиндеиццәа зегьы ирылукаауан рҧашьеи, рықәҵашьеи рыла. Дара иреиҕьыз асыҩцәа иреиуан. Рнапкымҭақәа дырҧ-шӡон аҵысхә, ахаҳә, акирамикеи рыла. Аиндеиццәа рҩымҭақәа рҿы лассы-ласс иаад-ырҧшуеит аибашьц-әеи, ашәарыцацәеи ирызкыу асценақәа. Аха, рыцҳарас иҟалаз ЕАА, Канада, Аргентина уҳәа атәылақәа рҿы, аиндеиццәа ркультура игәыгәҭарыжьуа иалагеит. Аха, даҽаганкахьала Мексика, Гватемала, Перу, Боливиа атәылақәа рҿы жәлар рҟазара аиндеиццәа ркультура шьаҭас иаиуит.   Амифологиа Аиндеи жәлар рзы анырра дуӡӡа ҟанаҵеит амифологиа. Амифологиа ианыҧшит амца аҟалашьеи, ауаҩи, аҧстәқәеи адунеи ишықәнагалаз. Ҧыҭк ихьшәаны ицәырҵит Каиман изкыз амиф. Каиман афатә данцәахәын, иара убас, аҵиаақәа дрыҧсыцқьан. Адунеи шашьас иаиуз атәы зҳәо, даара ибеиоуп аиндеиццәа рмифологиа. Аиндеиццәа дрыман даараӡа иҧшӡаз анцәахәы Маиса. Маисаиндеиццәа рҿы даара ибзианы ирдыруа ҵиаауп. Амиф ишаҳәо ала, анцәахәы Маиса аҵиаақәа дырхылаҧшуеит. Лара даараӡа дыҧшӡан, лыхцәқәа дуун. Индиатәи ахылҵышьҭрақәа зегьы рзы, ари анцәахәы амч ду лыман. Ахцәду змаз анцәахәы адгьыли, ажәҩани, Аҧсҭазаареи аҧсреи дырсимволын. Иуаҳахьазар акәхап, индиатәи ашаманцәа рыӡбахә. Ашаманцәа адырра ду рыман. Аиндеиццәа ргәаанагарала, ачымазцәа рыхәшәтәреи, аҧсабара амчқәа рхархәареи, аҧстәқәеи аҧсымчқәеи рацәажәара, урҭ рнапаҵаҟа иҟоуп ҳәа иршьон. Ашамнцәа ирыдҳәалоу алегендақәа рацәоуп, иахьа урҭ даара ирылаҵәан иҟоуп.     Аиндеиццәеи ацивилизациақәа рыҿиареи Аиндеиццәа иаадрыхуаз афатәқәа адунеизегь аҿы анырра дуӡӡа ҟарҵеит. Афатәқәа – аҧш, акартофель, апомидор, азараҟьа, аҭаҭын, акакао, апырпыл, аҟәыд, адгьылраса, уҳәа убас иҵегь, аиндеиццәа ирыдҳәалоуп. Европа акартош рыларҵәара амлакра армаҷит. Аҧш рхы иадырхәоит ауаа рыфатә еиҧш, арахә акрырҿаҵараҿгьы. Аиндеиццәа рҟынтәи ирҵеит аҩнытә ҧстәқәеи, аҧсаатәқәеи рхархәашьа. Ҿырҧшыс иаагозар, аиндеиццәа рҟны ашәишәи даара ахархәара аман. Аиндеиццәа ауаса хкқәак иҩнытәаны иҟарҵеит. Урҭ ирықәырхуаз аласа ахархәара рацәан. Ирацәоуп иахьа алақәа рыжәла, Индиатәи абналақәа иҩнытәхаз иреиуоу зышьҭамҭа Америка иҟоу.   Ашьҭахьажәа Иҟалап, шәара ижә-бахьазар аиндеиццәа рфыр-хацәақәа ирызкыу акино-фильмқәа. Иҟалап шәаҧ-хьахьазар Маин Риди, Џьеимс Фенимор Купери аиндеиццәа ирызкыу рром-анқәа. Арҭ акинофильмқәеи, ашәҟәқәеи рыла аиндеиццәа рҭоурых рмифологиа, ркультура зегьы ирдыруа иҟалеит. Уи џьашьатәӡам. Избанзар, индиатәи ажәларқәа иҷыдоу жәларуп.   Маина (ахаҳәеиқәҵацәа рода) Зтәы уҩҩуада, сыҩнаҧхьа игылоу, ахаҳәеиқәҵацәа ртәы умыҩҩуазар, зҟәаҟәақәа ҟаҧшь-ҟаҧшьӡа, асаба ахьтата аџьынс шортқәа зшьо, анапҭарҧа ҟаҧшьқәа зымҕаҵаны рыбжьы ҭхаанӡа иҳәҳәаны еиқәҿызҭуа, Маина, Маина ҳәа… Урҭ ақьырмытҩнқәа џьоукы ирыздыргылоит. Дара… Ишҧаҟоушь дара рыҩнқәа? Мамзаргьы аҩны ирзыҧшыда? Мамзаргьы уаххьазы ирфозеи? Рхәыҷқәа ахәмарга зларзаархәо аҧара рызхоума? Шьыбжьхьазы акәацлых рымоума? Рыҳәсақәа аҵык ҿыц  аахәараз аҧара ахьрымам игәамҵуама? Шьыбжьон ахаҳәеиқәҵацәа ачеи аҭубари рфоит, аӡы нашьҭаҵо. Ачеи аӡи, абжьбатәи аихагылахь аидара шьҭыхга ашьшьыҳәа иханагалоит аҩнаргыларатә блок дууқәа реиҧш. Аусуцәагьы уи аидара шьҭыхга иазҿырҭуеит, Маина, Маина, рнапааҧсақәа хыхь ажәҩанахь ираҳауа, уи аидара шьҭыхга аҧынҵа иахьынҳало ачахьы. Хәылбыҽхала, зны-зынла избалоит, зымаҭәақәа зыҧсахыз ахаҳәеиқәҵацәа рыхцәы бааӡақәа напыла иҧхьаҳәаны, змаикақәа еиларҟәыҷы, (шьыжьымҭан рыҳәса ируанҭаз) ицоит рыҩныҟа аарла ршьапқәа рҳәазо. Иааҧсеит ршьапқәа, иааҧсеит рнапқәа, избанзар, иахьа урҭ ақьырмыт ҩны дыргылон. Сара сыҩны алашара аркуп. Сара иахьа ақьырмыт сырҳәазаӡомызт, ацемент сыршьышь-ӡомызт, ус баша ҭелла џьоукы снарацәажәеит ауп, нас ҧшь минуҭктәи асиужет ааилысшьит. Шьыбжьон сызхараҵәҟьа акрысфеит… Нас, саргьы сашшуеит:  Ҳаи, шаҟа сааҧсазеи ҳәа.
Download