Гетхорн

Гетхорн   Гетхорн, ҧшӡарала убла хызкуа лакә қыҭа хәыҷуп. Ари ақыҭаҿы инхоит 2500 –ҩык ауааҧсыра. Араҟа даара аҭынчроуп, иҧшӡоуп, иџьашьахәуп. Гетхорн Голландиа иҟоу қыҭа хәыҷуп. Ари ақыҭа иаакәыршаны ӡуп. Уахьынаҧшуа џьаргьы иубарҭам машьынагь, дәыҕбагьы. Ауаа зланыҟәо ӡылатәи транспортуп.   Атранспорттә хархәагақәа Гетхорн даара ирацәоуп ӡыла арныҟәагақәа, иаҳҳәап: аканое, иаабац аматортә нышь, аҧра хәыҷы, аӡтәы маланыҟәа, мамзаргьы апиунтер. Апиунтершамахамзар џьаргьы иуҧымло транспортуп. Уи иахьабалакгьы иуҧыхьашәом. Апиунтер ала уӡсар ахьулшо Голландиа заҵәык ауп. Иара иахьагьы даара ауаа бзиа ирбо транспорттә хархәагоуп. Ақыҭа иаҭаауа асасцәа зегьы пиунтерла аныҟәара, анаҧш-ааҧшра рыдыргалоит. Пиунтерла аӡсараГетхорн иҟоу атрадициақәа иреиуоуп . Зегь реиҳа ауаҩы игәы иаахәан дмыццакӡакәа пиунтерла аӡы дхылар илшоит амра кахха ианҧхо, аӡы анҭынчу, ианымыцәқәырҧо аамҭазы. Убасҟан апиунтер ашьшьыҳәа аӡы ихыланы инеиуеит, аӡиас ахьцо иаман ицоит. Аха аҳауа иаалырҟьан  аҽеиҭанакыр, аҧша ҵысыр, ақыҭахь ахынҳәразы иуҭаххоит ажәҩақәа. Апиунтер афранцыз хылҵшьҭра змоу аџьҵла иалырхуеит. Афранцыз аџь акыраамҭа аӡы ачҳауеит, иҧхасҭахаӡом. Апиунтер аҟаҵаразы ҩыџьа ауаа иааиҧмырҟьаӡакәа хымчыбжь аус руроуп. Апиунтер зыхә цәгьоу атранспорт хкқәа иреиуоуп. Уи ауаҩы иааихәар илшоит 15.000 евро ҳәа.   Ақыҭа ахьыҟоу аҭыҧ Гетхорн голландиатәи апровинциа Оверизель иаҵанакуеит. Гетхорн азааигәара иҟоуп голландиатәи амилаҭтә парк Верибениа. Раҧхьа Гетхорн даара иҕарыз қыҭан. Уи аӡбахә аӡәгьы издыруамызт, дара аголландцәа рхаҭақәагьы. Гетхорн инацәы-харамкәа иҟан қалақь хәыҷык, Блокциль захьӡыз. Уахь акәын ақыҭауаа усура ҳәа иахьцалоз. Блокциль торфла ибеиан. Убри акәын арахь ирацә-аҩӡаны ауаа заауазгьы. Аторф рхы иадырхәон рыҧхагак аҳасабала. Араҟа иҵырхуаз аторф абзоурала, Блокциль ақалақь Голландиа ахьынаӡааӡаз еицырдыруа иҟалеит. Иаарласны Гетхорнгьы аторф рыҧшааит Ақыҭа аҕарра иалҵит, уаҟа аторф аҵыхра ианалага инаркны. Дук хара имгакәа Гетхорн ахьӡ  нарылаҵәеит, уи акәым Блокцильгьы аҵанарӡит.   Иаанагозеи ақыҭа Гетхорн ахьӡ? Шәара хымҧада ишәызцәырҵуазар акәхап абри аҩыза азҵаара: изахьӡырҵазеи ари ақыҭа Гетхорн ҳәа? Ирҳәоит, а-13-тәи ашәышықәсазы абри аҭыҧ ҧшӡа ирымҩатәны иаадгылеит ҳәа уаа ҟьала-ҧалақәак. Урҭ нхарҭа рымамызт. Ари аҭыҧ даара иргәаҧхан, нхара ҳәа иаангыларц рыӡбеит. Еиҳа-еиҳа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иацлон. Аӡаҵаҟа, иара убас адәқәа рҟынгьы ауаа ирбеит ирацәаны аџьма тәыҩа дуӡӡақәа. Ирыҧшаауаз аџьма тәыҩақәа есааира рхыҧхьаӡара иазҳауан. Убри аҟынтә ауаа абри аҭыҧ Гетхорн ахьӡырҵеит. Гетиаанагоит аџьма, хорн – атәыҩа. Ақыҭа иахьа уажәраанӡагьы абри ахьӡ еиқәырханы иамоуп.   Гетхорнари нидерландиатәи Венециа ума? Гетхорн лассы-ласс нидерландиатәи Венециа ҳәа азырҳәоит. Иара, аиашазы, италиатәи ақала-қьқәа хәыҷқәа иреиҧшуп. Гетхорн иааны анхара иалагаз ауаа Италиантәи ауп иахьынтәааз. Урҭ Нидерландиаҟа иааргеит ртрадициақәеи ркультуреи. Нидерландиатәи аҭыҧ ҧшӡаҿы италиатәи ақыҭа еиҿыркааит.   Ақыҭа ауааҧсыра Ақыҭа иқәынхо ауааҧсыра даара еиҷаҳауеит рқыҭа аҧсабара аҧшӡара. Дара рқыҭа ахьыҟоу аҭыҧ ҵакыс иамоу еилыркаауеит, ахәгьы ҳаракны иршьоит. Урҭ рқыҭа ажәытәтәи ахаҿра амырӡра иашьҭоуп. Убри аҟынтә идыргылаӡом ҳаамҭазтәи ахыбрақәа. Ақыҭаҿы аҩнқәа зегь хыбуп чазла. Ачазтә ҩынхыбқәа рыҟаҵара Гетхорн ақыҭа иаҷыда-ҟазшьоуп. Уаҟа еснагь аҳауа бзиоуп, амшқәа  каххаа иҟоуп. Амреи аҧхареи рыҟазаара ауаа ибзианы рыҧсы днаршьоит. Ақыҭауаа дара-дара злеиҭанеиааиуа аӡиасқәа ирху аҕәтәу цҳақәа роуп. Гетхорн 30 инарзына-ҧшуа ҕәтәы цҳа ҟаҵоуп. Урҭ ацҳақәа роуп аигәылацәа рыҩнқәа еимаздо. Араҟа лассы-лассы иуҧылоит шьапыла ма маланыҟәала амҩа иану ауаа.   Гетхорнадунеиаҿ еицырдыруа қыҭоуп Ишысҳәаз еиҧш, Гетхорн уиаҟара еицырдыруаз қыҭамызт. Аха ирыҧшааз аторф иабзоураны, Голландиа ахьынӡанаӡааӡо еицырдыруа иҟалеит. Аха уи мацара азхомызт адунеи аҿы еицырдыруа иҟаларц азы. Гетхорн ахьӡ адунеи иахыҵәеит акинорежиссиор Берндт Хаанстрем ибзоурала. 1958 шықәсазы уи ари ақыҭаҿ иҭихит акомедиатә фильм «Афонфарқәа». Афильм ҭырхуан акыр мза. Убри аамҭа иалагӡаны Гетхорн иаҭааит асасцәа рацәаҩны: актиорцәа, арежиссирцәа акиноҭҵааҩцәа. Аӡәырҩы рыблала ирбеит ари ақыҭа аҧшӡара, иџьашьахәу аҧсабара. Афильм аҭыхра анынҵәагьы урҭ рҩызцәа рыманы Гетхорн иаҭаауа иалагеит. Еиҳарак асасцәа рацәахеит афильм апремиера анымҩаҧырга ашьҭахь. Афильм «Афанфарқәа» адырбеит раҧхьа Кантәи акинофестиваль аҟны, нас Москватәи акинофестиваль аҟны. Афильм аҧхьахә ҳәа акгьы маиут, аха ақыҭа ҧшӡа Гетхорн ахьӡ зегьы ирыланарҵәеит.   Гетхорн аблахкыгарҭақәа Гетхорн иаҭаауа атуристцәа лассы-лассы амузеиқәа рышҟа инеиуеит. зыхьӡ хара инаҩхьо амузеиқәа иреиуоуп «Ажәытәӡатәи адгьыл» захьӡу амузеи. Уи ақыҭа агәҭаны иҟоуп. Амузеи аҟны ицәыргоуп шамахамзар уаҩы иҧымло ахаҳәқәеи аминералқәеи. Уи иацәыхарамкәа иҟоуп амыдаҕьцәақәа рмузеи. Араҟа амузеи аҭаацәа ирбар рылшоит хыҧхьаӡара рацәала формалеи, ҧштәылеи еиуеиҧшым амыдаҕьцәақәа. Амузеи аҩналара хәыда-ҧсадоуп. Гетхорн иҟоуп даҽа музеикгьы. Уи Гистомобиль ахьӡуп. Уаҟа иубар улшоит ижәытәтәиу амаланыҟәақәа, амашьынақәа, автобусқәа, акаретақәа, афургонқәа, аскеитқәа.   Дорпсграхт Ақалақьқәеи ақыҭақәеи зегьы рҟны иҟоуп урҭ иргәылсны инеиуа амҩа хада. Гетхорн иаабац амҩақәа ракәӡам мҩақәас иҟоу, убри аҟынтә амҩа хадагьы џьашьахәуп. Уи ӡымҩоуп. Ақыҭа иаакәыршан иҟоуп, иара убри аамҭазгьы уи ҩыџьаран еиҩнашоит аӡиа хәыҷ, аӡиа ҭынч Дорпсграхт. Ақыҭа ахы инаркны аҵыхәанӡа шәалсыр, Дорпсграхт шәнапсаргәыҵа ианушәа ахы инаркны аҵыхәанӡа ижәбоит. Зны-зныла аӡиа аӡынразы иҵаауеит. Усҟан ақыҭауаа аҵаақәчараазгақәа рышьаҵан ауп ишныҟәо. Ихадароу амҩа уангылар, Гетхорн аҭыҧ блахкыгарҭақәа зегьы убарҭахоит.   Аҵыхәтәажәа Гетхорн иқәынхо ауаажәлар асасдкылара злоу, ажәытәтәи атрадициақәа ныҟәызго жәларуп. Ирҭаауа асасцәа зегьы иреигәырҕьаны, иҿаҧхаҿаччо ирҧылоит. Асасцәагьы ари ақыҭа ҧшӡа ахаан ргәы иҭнымҵәо иаанхоит.            
Download