Аҕба

Аҕба   Алагалажәа Шәара знымзар зны амшын шәхылахьоума шәыӡсо. Амшын ухылар алшоит ухала, мамзаргьы амшынтә рныҟәага ала. Аҕба убас иҟоу рныҟәагоуп. Аҕба даараӡа идууп. Уи ауаа рацәаны иакуеит. Аҕбала уӡсар улшоит амшын аҿгьы, аокиан аҿгьы. Аҕбала аныҟәарақәа даараӡа интересуп, аха уи загь бзиа ирбаӡом. Избанзар, аныҟәарақәа раан, кыраамҭа аӡаҿы иахьыҟо, уи зегьы ирзычҳаӡом азы. Аҕба зыхә ҳараку ныҟәагоуп (Транспорттә хкуп). Аҕба убасҟак идуӡӡоуп, уи ацхыраарала ахьанҭара дууқәа еиҭоугар улшоит. Континетк аҟынтәи даҽа континент ахь ацаразы аҕба зегьы иреиҕьу акоуп. Раҧхьаӡатәи аҕбақәа Раҧхьаӡатәи аҕба дыргылеижьҭеи акырӡа ҵуеит, уаҩгьы игәалашәом ианыкәыз. Уи аҕба зхәыцыз ихьӡгьы аӡәгьы издырӡом. Аха егьа ус иҟазаргьы, излаҳдыруа ала, раҧхьатәи аҕба рҭаххеит ҭыҧк-аҟынтәи, ҭыҧкахь еиҭаҵуаз ажәларқәа, урҭ абнатә ҧстәқәа рцәа иалхны аҕбақәа ҟарҵеит. Ус еиҧш иҟаз аҕбақәа, еиҳарак Агәҭатәи Европа ирылаҵәан иҟан, избанзар уаҟа аҵлақәа ыҟаӡамызт азы. Усҟан Африка, Азиа реиҧш иҟаз атәылақәа рҿы амҿы иалхыз анышьқәа еиҳа ирылаҵәан иҟан. Ус еиҧш аҕбақәа каное рыхьӡын, раҧхьатәи аконое мысраа иҟарҵеит. Раҧхьаӡатәи аҕба дуӡӡа, зегьы рыла еиқәшәаз ҟарҵеит афиникиицәа. Афиникиицәа уи ала иныҟәон Англиа, Франциаҟа. Афиникиицәа рнаҩс, амшынтә ныҟәарақәа мҩаҧырго иалагеит ажәытә аурымқәа, урҭ рыҕбақәа еиҳагьы еиҳан, иагьыҕәҕәан.   Ҳаамҭазтәи аҕбақәа Афиникиицәеи аурымқәеи идыргылаз аҕбақәа рнаҩс, аҕбаҿиара иахьагьы ацҵара иаҿуп. Кыраамҭа урҭ амҿы иалырхуан, урҭ ауаа рымч ахархәарала еиҭаҵуан. Ҧыҭрак ашьҭахь, Англиа ирхәыцит раҧхьаӡатәи афақь машьына, урҭ ирыӡбеит аҕба иақәдыргыларц афақьматор. Ииашаҵәҟьан, афақьматор маншәалахеит, аус бзианы иауан. Аиашазы, нас лассы уи ҧсаххеит абылтәы матор ала, аҕба ахаҭагьы амҿы акәымкәа, аиха иалырхуа иалагеит. Уажәшьҭа аҕбақәа еиҳа иҭышәантәалахеит, амшынуаа кыраамҭа амшынаҿ ианынхозгьы, аҕбақәа акагьы рыхьӡомызт. Иахьазы иҟоуп даара иҧшӡоу, акомфорт змоу, зегьы рыла еиқәыршәо, акомпиутерттә система змо аҕбақәа. Урҭ рырныҟәарақәа акомпиутер ановигациа ахархәарала имҩаҧыргоит. Ановигациа ҳаамҭазы аҕба аҧсҟы зкыу акаҧдан ицхраауеит. Ановигациа аҧҵараҿы рлагала дуӡӡоуп Китаиаа, уи крызҵазкәа аартроуп ҳәа иҧхьаӡоуп, арныҟәагақәа амшыни адгьыли рҿы ацхыраара рыҭараҿы.   Ашьҭахьажәа (Аҵыхәтәажәа) Аҕба ари идууп, иҧшӡоуп. Аҕбақәа амшынаҿадагьы абаҕәазаҿы иубар алшоит, кыраамҭатәи аныҟәарақәа рҟынтәи ианыхынҳәуа, рыҧсы ршьоит, рымчқәа еизыргоит даҽа ныҟәарақәак рахь ацаразы. Абаҕәазаҿ аҕбақәа ааныркылоит аҧырсалқәа рыла. Сара зны Баҭымтәи амшын абаҕәазаҿы сыҟан, уа избеит аҕбақәа. Иҟалап шәаргьы уи аинтерес шәоузар.  
Download