
Ааҧын
Хәажәкыра 9 рзы амши аҵхи еиҟарахоит. Убри аҽны инаркны ааҧынроуп. Амра еиҳа-еиҳа иаҳзааигәахоит, ицоит аладантәи аҩадахь аҽыҳаракны ихало, игылоит заа, иҭашәоит акыр инаскьаны, убри аҟынтә амш иазҳауеит, аҵх хәыҷы-хәыҷла иагхо иалагоит. Аамҭа цацҧхьаӡа, амра еиҳа иҕәҕәаны иҧхоит, ашәахәақәагьы иамеигӡакәа адгьыл ахь идәықәнаҵоит. Адгьылгьы еиҳа-еиҳа аҧхарра алалоит. Ашьхақәеи адәқәеи асы рықәӡыҭуеит, аҵаа аӡахьы ииасуеит. Аӡиасқәа хышхыҵәо, рҳәаақәа ирҭамӡо рҿынархоит. Нас ихыҵны ааигәа-сигәа ишьҭо адәқәа ирыҵалоит. Уаанӡа ахәыҷқәа ҭаланы иахьырсуаз аӡқәа, уажәшьҭа уардынлагьы узыруам, убас ӡыла иҭәны илеиуеит аӡиасқәа. Амра цқьа иахьзымнеиуа шьха ӡиасқәак рҟны, асы ааҧынтәи аҧхарра иаҿагыланы иеисуеит, сзаиааиуазар ҳәа, аха уи зегьы башоуп; уажәыҵәҟьа амра уи асы арӡыҭышт, асгьы ӡханы ихышхыҵәа инеиуа аӡиасқәа ирыцлоит. Ааҧын зныкала азы атәылақәа зегьы ирҭаауам, ҳадгьыл аладахь иҟоу атәылақәа рахь заа иаауеит. Аҩадатәи атәылақәа рахь ихьшәаны ауп ааҧын аннеиуа. Иаҳҳәап, мшаҧымзазы ҳара ҳашҭақәеи ҳадәқәеи шәҭылеи иаҵәареи ихҟьоуп. Урыстәыла акәзар асы шьҭымҵӡац. Жәабран мзазы ҳара ҳҟны макьана ӡынроуп, Џьамтәылан (Персиа) ааҧын иасакьаҳәымҭоуп. Ааҧынтәи аҧхарра адгьыл зегь арҿыхеит. Адәқәа асы анрықәӡыҭлак, иаразнак аҳаскьын иаҵәа цәырҵуеит. Иларҵаз адәқәа кадифа иаҵәала ихҟьоушәа ишьҭоуп. Џьара-џьара ишәҭуа иалагеит раҧхьаӡатәи ашәҭқәа. Ааҧынтәи аҧхарра асы иатҟәаны иамаз аҵлақәа рхы иақәиҭнатәит. Амахқәа рҟны апытҟәыр хәыҷқәа ылнагеит, нас ашәҭ шкәакәақәа нарықәыҧсеит, ишнеи-шнеиуаз абҕьы иаҵәа ҟьаҟьақәа наршәырҵеит аҵлақәа. Аҭәаҵла, аџьҵла, ачамҳа, арашҵла уҳәа еишьҭагыланы акакала рҽаадыртуеит. Бҕьы иаҵәала рҽеилаҳәаны иаақәгылоит. Аӡиас аҧаҩқәа, уаанӡа, ицәҳәны, уаҩы илаҧш иҵамшәо хыҵәахырҭак ахьузымҧшаауаз ҭыҧызтгьы, уажәы еилшааны, иаҵәара ихҟьаны уалҧшны акгьы умбо иҟалеит. Адәҳәыҧш ауразоуроу зегь аҳасҟьын гылеит; хкы рацәала ашәҭқәа шәҭит. Аӡын аҧсабара аҧшра аҧсахуам. Еснагь ауаҩы илаҧш иҵашәо асы шкәакәеи, иахьабалак ицәҳәны ихахаӡа игылоу аҵлақәеи роуп. Ааҧынразы аҧсабара уажәы-уажә аҽаҧсахуеит, еснагь иҿыцу ак цәырҵуеит; абар ишәҭит аирис, афҩы лаҳа-лаҳауа, уи азааигәара ицәырҵит аҵыҵындра ашәҭ шкәакәақәа, ишнеи-шнеиуа иҟаҧшьхо, нас ишәыр хаахан иаҿало… Аҵа, аҵәа, аҳа, атама уҳәа ашәырҵлақәа шәҭуеит ибыбышӡа ишкәакәоу, ма ишкәакәа-ҟаҧшьу ашәҭқәа рыла. Ааҧынразы иҧырны иаауеит еиуеиҧшым аҧсаатә. Абар, уажәы ажәҩанаҿы ахьыҵәҵәа еиҧш иҷырҷыруа ашәа аҳәоит ҵыскгьы.
Download