Афырҭын

Афырҭын Алагалажәа Сара даара бзиа избоит аҧшалас. Аҧшалас анасуа ихьшәашәарахоит, аҵла абыҕьқәа ҧшьаала иҵыс-ҵысуеит, амшгьы угәы иахәоит, еиҳарак аҧхын. Аҧша еиҳа иҕәҕәоуп, аҧшалас аасҭа. Аҧшасраан аныҟәара уадаҩуп. Аҧша ҕәҕәаны иасыр ҟалоит: аҧша гәаар аҵла адацқәа ыҵнажәар алшоит, аҩнхыбқәа ахнашәар, харагьы иагар алшоит. Шәара зныкыр амҩадуаҿы аҧшаа бааҧс шәыхҭыгәлахьоума? Ус акәзар, шәара ижәдыруеит, аҧша ҕәҕәаны ианасуа аҳауа шеиланаргьежьуа, шәаргьы шәарҧрыр алшоит. Аҧшеи шәареи шәеибадыруазар, шәхаҿы аагара шәылшоит афарҭын заку: ари аҧшабааҧс ауп, аҧшақәа зегьы рымч еизукыреиҧшубас еиҧш амч амоуп афырҭын! Интересуп афарҭын шыҟало атәы, мамзаргьы иарбан аамҭоу уи амч аныҕәҕәо: Изыхҟьоузеи афырҭын Афырҭын адгьыл аҿы еиҧш аӡаҿгьы ицәырҵыр алшоит. Аӡаҿгьы, аӡхықәаҿгьы афарҭын еиҳа имариоуп амҩаҧысшьа аха, уи акыраамҭа имҩаҧысуеит. Аҧша аҳауатә массақәа реиҭаҵра иахҟьоит, уи аиҭаҵра шаҟа иҕәҕәоу, иласу аҟара, убриаҟара иҕәҕәоуп аҧша уи абжьгьы. Аҳауатә массақәа џьарак рҽанеидыркылалакь  афарҭын рхылҵыр алшоит. Раҧхьа уи усҟак иҕәҕәамшәа иҟоу, анаҩс уи аҳауатә массақәа реиҭаҵра еиҳа-еиҳа аҽарласуеит, афарҭын амчгьы еиҳа-еиҳа иацлоит.   Афарҭынқәа ахьынӡанаӡо азонақәа Аҵарауаа афарҭынқәа ирыцклаҧшуа ишьақәдыргылеит, урҭ лассы-ласс иахьцәырҵуа аҭыҧқәа, ус еиҧш иҟоуп быжь-ҭыҧк. Иҭынчу аокеан 1. Аҩада-мраҭашәара араион, араҟа ицәырҵуеит зегь раасҭа иҕәҕәоу афарҭын бааҧс – таифун. Афарҭынқәа лассы-ласс иуҧылоит Китаи, Мраҭашәаратәи Кореиа, Индонезиа. 2. Иҭынчу аокиан аҩада мрагыларатәи ахәҭаҿы: араҟа иҟоуп Америка атәылақәа, араҟоуп иахьуҧыло афарҭын хурикан захьӡу. 3. Атлантикатәи аокиан аҩадатәи ахәҭа: ари атәылаҿы хурикан атәыла арбгоит. «Гордон» - ари фарҭын бааҧсуп, уи амҩаҿ зегьы архәашоит. 4. Индиатәи аокиан аҩадатәи ахәҭа: ара ациклон ицәырҵуа Индиа, Шри-Ланка, Таиланд, Пакистан рзы ишәарҭоуп. 5. Иҭынчу аокиан мраҭашәара аладатәи ахәҭа: араҟа афарҭын Австралиазы еиҳарак ишәарҭоуп, еиҳа имаҷны Зеландиа Ҿыцаз. Индиатәи аокеан 6. Алада – мрагыларатәи ахәҭа: афарҭын ахынаӡо азона еиҳарак мраҭашәаратәи Австралиеи Индонезиеи ирыдсылоит. Ара афарҭын вили-вили ҳәа иашьҭоуп. 7. Индиатәи аокион аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаари атәыла арегионқәа – Кениа, Мадагаскар, Мозамбикараҟа зегь реиҳа амҽхак ҭбаауп ациклон. Аҵарауаа аинтерес рымоуп афарҭын зхылҵуа аинформациа аиура,  уи ҭырҵаауеит иҷыдоу анаукатә станциақәарҿы, урҭ аметеорологтә стан-циақәа ҳәа ирышьҭоуп.   Аҵыхәтәажәа Ишыжәбо ала, афарҭын хкқәа рацәаны иҟоуп, урҭ ахьыӡқәагьы рымоуп. Ари даараӡа иҕәҕәоу ишәарҭоу ҧсабаратә цәырҵроуп, уи лассы-ласс акатастрофақәа рахь икылыргоит. Насыҧны ҳара ҳтәылаҿы ус еиҧш иҟоу афарҭын бааҧсқәа ҟалаӡом, избанзар ҳара Кавказтәи ашьха ҳаракқәа хрыхьчоит.
Download