Афранцыз револиуциа

Афранцыз револиуциа   Афранцыз револиуциа Франциа, иара Европа зегьы аҭоурых аҟынгьы даара акрызҵазкуа хҭысны, цәырҵраны иҟалеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҟало аҧсахра дуқәаабри ауп ареволиуциа захьӡу. Афранцыз револиуциа мҩаҧысит 1789 – 1799 шықәсқәа рзы. Абри ареволиуциа иахҟьаны аҽаҧсахит анапхгара аформа. Уаанӡа Франциа иабсолиуттәыз монархиан иҟаз. Уи иаанагоз, атәыла аҳәынҭқар, амонарх имчра ду ҳәаа амамызт, зегьы иара инапаҵаҟа. Атәыла анапхгара зегьы аӡәы ихала инапы ианын. Ареволиуциа ашьҭахь абсолиуттә монархиа аҭыҧан иҟалеит ареспублика. Уаанӡа Франциа аҳәынҭқар дыҧсаанӡа итәыла напхгара аиҭалар акәын. Ареволиуциа ашьҭахь, республиканы ианыҟала, аҳәын-ҭқарра аиҳабы далырхуа иалагеит аҿҳәара иҭаны, имчрагьы анкьеиҧш ҳәаа амамкәа иҟамызт уажәшьҭа. Аҳәынҭқар ида егьырҭ аполитикцәагьы ирыдлон аҳәынҭқарра анапхгаразы аҭакҧхықәра. Ареволиуциа иабзоураны аҵыхәа ҧҵәеит ажәытәтәи арежим, ауаажәларра ирылаҳәан – Ахақәиҭра, Аиҟарара, Аешьара.   Бастилиа агара Бастилиафранциатәи ҭоурыхтә бахҭан. Уи зегьы еицырдыруан уа аҳра зуаз арежим ҕәҕәеи аҭагылазаашьа бааҧси рыла. Иара зегь реиҳа ишәарҭаз ацәгьоуцәа ахьҭаркуаз, Франциа ихадоу абахҭақәа иреиуан. 1789 шықәса ҧхынгәы 11 рзы бџьарла еиқәных иҟаз ажәлар иажәлан иргеит Бастилиа. Уи убриаҟара ишырҳәаҵәҟьоз еиҧш иҕәҕәаны, уаҩы дзымаиааиуа иҟамызт. Усҟан Франциа акралс иҟаз Лиудовик XVl ажәлар риааира идимкылар ада ҧсыхәа имамызт. Уи Париж республиканы ирылеиҳәеит.   Европаа ареволиуциа ишацәшәаз Париж республиканы ианрыларҳәа, ажәлар анаиааи ашьҭахь, Франциа егьырҭ ақалақьқәа рҟынгьы ирылагеит ажәлар рықәгыларақәа. Урҭ ауаа беиацәа рыҩнқәа рбылуан, идырҳәуан. Ауаа рыҧсҭазаара аҧсахра иақәгәыҕуан, убри аҟынтә иузынкыло иҟамызт. Европатәи аҳәынҭқаррақәа акыр Франциа иҟалаз ареволиуциа иацәшәо иалагеит. Европатәи аҳәынҭқаррақәа зегьы усҟан монархиақәан, аҳәынҭқарцәа даара ишәо иалагеит, рымчра рцәыӡыр ҳәа. Убри аҟынтә Франциатәи ареспублика аҕацәа рацәаҩны иаиуит. Урҭ еиҿыркааит Франциа ареспублика иаҿагылоз аҳәынҭқаррақәа реидгыла. Аха егьа еидгылара еиҿыркааргьы ареволиуциа иаиааиуаз мчы ыҟамызт. Афранцыз револиуциа ҭынчмҩала, шьакаҭәарада имҩаҧымсит. Уи иацын аҧсреи арыцҳара дуқәеи. Атәыла амчрахь инеит аиакобинцәа. Урҭ гәымбылџьбарақәан. 1793 шықәсазы иҭрыжьит адҵа, зыгәра рымгоз ауаа рҿагыларазы. Дарбанзаалак ишәарҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡоз ауаҩы, дкыдҵан дыршьуан. Усҟантәи аамҭазы еиҳарак ауаа злахьдырхәуаз, гильотина ҳәа изышьҭаз ала акәын. Гильотина минуҭк ала ауаҩы дызшьуаз, ихы хызсоз мыруга цәыршәаган. Ареволиуциа аамҭа иалагӡаны гильотинала иршьит ҷџ.ҭҭҭ-ҩык ауаа. Аҵыхәтәаны дара аиакобинцәа рхаҭақәагьы шахьдырхәыз убасҵәҟьоуп. Ауаа рус мыӡбакәа, ирхароу ҭымҵаакәа рышьразы гильотинахь идәықәырҵон. Аҵыхәтәажәа Ареволиуциа ашьакаҭәара ду шацызгьы, Франциа аҭоурых аҟны уи акрызҵазкуа аҭыҧ ааннакылоит. Афранцыз револиуциа иалшеит амонархиатә шьақәгылашьа ареспубликатә ҳәынҭқарратә шьақәгылашьахь иаигара егьырҭ атәылақәа рҿгьы, ауаагьы еиҳа ироуит азинқәеи ахақәиҭрақәеи.
Download