Аҧсаҵла (Аҧсаӡ)

Аҧсаҵла (Аҧсаӡ) Аҧсаҵлаеснагь ииаҵәоу ҵиаауп. Уи иазҳауеит еиҳарак Европа, Азиа, Аҩадатәи Америка. Аҧсаҵла Қырҭтәылагьы иҟоуп. Араҟа изызҳауа еиҳарак амрагыларатәи аҧсаҵла ахкқәа ҳәа изышьҭоу роуп. Лассы-лассы иара уҧылоит Аҧсни, Мраҭашәаратәи Қырҭтәылеи, Боржомтәи аиҩхааи рҟны. Уарла-шәарла иуҧылоит Мрагыларатәи Қырҭ-тәылагьы. Аҧсаӡ иалхны иҟарҵоит аҩнымаҭәа. Абҕьқәеи аҵлацәеи рхы иадырхәоит ауаа рыхәшәтәраҿы.               Уи адагьы, ахәыҷқәа ашықәс ҿыцтәи аныҳәа ргәалазыршәо акакәны иҟоуп. Еиуеиҧшым атәылақәа рҿы, иара ҳара ҳҟынгьы ашықәс ҿыц азтәи аҧсаӡ архиара традицианы иҟоуп. Убри аҟноуп  еиҳарак аҧсаҵла ахархәара ахьамоу. Аҧсаӡ (Аҧсаҵла) ахҳәаа Аҧсаӡ аура ду змоу ҵлоуп, уи 20-50 метра рҟынӡа инаӡар алшоит. Егьырҭ аҵиақәа излареиҧшым, уи абҕьқәа иҷыдоу аформа рымоуп, иааизыхәхәаны, ипаны иҟоуп, агәыр асахьа амоуп. Аҧсаӡ абҕьқәа агәырқәа, ма агәырбҕьқәа ҳәа ирышьҭоуп. Убри аҟынтә аҧсаӡ агәырбҕьыҵла ҳәа хьӡысгьы иамоуп. 15-20  шықәса рҟынӡа акыраамҭа иаз-ҳауеит, нас иаҳа ирласны аизҳара иалагоит. Аҧсаҵла акыр шықәса ннаҵуеит - 200 шықәса инаркны 500 ш. рҟынӡа.       Аҧсаӡ хазы игылазар, ашәыр аҿалоит заа. Ааигәа-сигәа егьырҭ аҧ-саӡқәа рацәазар, аш-әыр аҿалара иала-гоит еиҳа ихьшәаны. Аҧсаӡ иаҿало ашәыр иахьӡуп аҧсаҕь. Аҧсаҕь рхы иадырхәоит ахәшәтәрақәа рзы, нас амцеиқәҵаразы, амҿеиҧш рҧхагас. Аҧсаӡ ахьҭа ачҳауеит, аӡынра бзианы иахнагоит, аха амра бзиа избо аҵлақәа иреиуоуп.   Ашықәс ҿыц азтәи аҧсаӡ Ашықәс ҿыц азы ҭаацәарацыҧхьаӡа аҧсаӡ дырхиоит. Уи зегь реиҳа бзиа избо ахәыҷқәа роуп. Уамашәа иубаша, издырхиои ҷыдала абри аҵла? Мамзаргьы иабантәиаауеи ашықәс ҿыц азтәи аҧсаӡ архиара атрадициа? Ажәытәан аурымқәа ирыман абас еиҧш иҟаз, ашықәс ҿыц азы имҩаҧыргоз аҵас: еснагь ииаҵәаз адаҧҵла амахәқәа рыла иҟарҵон агәыргьын, нас аҩнашәқәа рҟны икнарҳауан. Еснагь ииаҵәоу аҵлақәа ақәра дуи, аҧсынҵреи, агәабзиареи ирсимволны иҟан. Аурымқәа агәра ргон урҭ аҵлақәа аҧсы-мцқьацәа рыҩны ааигәара  инарышьҭуам, ацәгьа-мыцәгьа иацәырыхьчоит ҳәа. Абжьаратәи ашәышықәсқәа рзы Германиа ҧхынҷкәын мза 24 рзы аҧсаӡ архиара традицианы ирыман. Уи аҽны акатоликцәа иазгәарҭон Адами Евеи рымш: аҧсаӡ дырхион еиуеиҧшым аҵәа хкқәа ахнырҳаланы, аҧсаӡ ахыцәқәаҿ иадыркуан амҿы, ма амажәа иалхыз амаҭ. Уи ауаа иргәаланаршәон абиблиатә хҭыс ду, амаҭ Ева маанала, дхыхны џьанаҭ ҵла иаҿаз аҵәа ҿылхыртә, агьамагь лбартә дшыҟанаҵаз, иара убри алагьы ауаатәыҩса џьанаҭ шырцәыӡыз атәы зҳәоз. Аамҭа ҧыҭк анца ашьҭахь, аҵәақәа рыдагьы, аҧсаӡ иахьындырҳало иалагеит егьырҭ ашәырқәеи ахаа-мыхааи. Аҧсаӡ архиарагьы даҽа ҵакык аанахәо иалагеит. Иахьа уи Адами Евеи рымш аҽны идырхиоз, џьанаҭ ҵла атәы зҳәоз акакәны иахәаҧшуам. Иахьа уи хәмарга хкыла идырхиоит, ахәыҷқәа зегь реиҳа бзиа ирбо ҵлоуп. Тәылақәак рҟны уи Қьырса ҵла ҳәа иашьҭоуп, ҳара ҳҟны уи Ашықәс ҿыц азтәи аҧсаӡ ахьӡуп.  
Download