Мачу Пикчу
Мачу Пикчу Алагалажәа Адунеиаҿ ирацәоуп аҭыҧ ҧшӡақәа, урҭ рыхәаҧшраз ирҭаауеит ауаарацәа. Арҭ реиҧш иҟоу аҭаҧ ҧшӡақәа ауаа аднаҧхьалоит, урҭ рыҧшӡара иаргачамкуеит. Убас еиҧш иҟоу аҭыҧқәа ируакуп Мачу-Пикчу. Мачу-Пикчу ажәытә қалақь ахыжәжәарақәа роуп, уи Аладатәи Америка Перу иҟоуп. Мачу-Пикчу лассы-ласс иӡыз аинкцәа рықалақь ҳәа иашьҭоуп, избанзар уи аинкцәа идыргылеит. Интересуп иазусҭцәадаз урҭ аинкцәа рхаҭақәа. Урҭ, аладатәи америкаа иреиуан, ажәытә уа инхон, даара абаҩхатәра злаз, аҿиара бзиа змаз жәларын. Уи шьақәнырҕәҕәоит Мачу-Пикчу аргыларақәа. Мачу-Пикчу дыргылеит зқьи ҧшьышәи ҩажәижәаба, зқьи ҧшьышәи ханҩеижәи ҩба шықәсқәа рзы. Уи, ҩажәи жәаҩа шықәса аргылара мҩаҧысуан. Ақалақь ашьха ду анаараҿы ишьҭоуп, инықәырҧшны, ҩнызқьи хышәи, ҩынеижәижәаба метра амшын анаӡараҿы. Интересуп, ишҧарылшеи абри аҳаракыраҿы ари ақалақь аргылара. Уи адунеизегьы ирзымбатәбарахеит. Мачу-Пикчу аргылара аҭоурых Мачу-Пикчу перуантә ашьхаҳаракыра ахыцәқәаҿы ишьҭоуп, уи иахьӡуп Мачу-Пикчу. Ақалақь – ари ахьӡ ахылеит абри ашьха иабзоураны. Зегьы ирзымбатәбароуп аинкцәа рықалақь, избанзар ари ақалақь аҭыҧ ҳаракӡаҿы идыргылеит, ахьанҭамҩангага атранспорти, ахаҳә злеиқәырҵаз амаҭәахәқәа рхархәарада. Аинкқәа уи аргыларазы рхала ахаҳә дуӡӡақәа харгалон. Уи адагьы, урҭ аҩнқәа злеиқәырҵоз ахаҳәқәа шьыхгада идыргылон. Мачу-Пикчу ахьдыргылаз аҭыҧ адгьылҵысраан ишәарҭаз ҭыҧзаарын, аинкцәа уи зладыргылаз аметод, зегь раасҭа иҕәҕәаз акакәхеит. Аинкцәа аргылара ианалга шәышықәса анаҩс, ақалақь испантәи ампыҵахалаҩцәа алалеит. Аинкцәа рықалақь аанрыжьит. Урҭ рықәҵра зыхҟьаз еилкаам иахьанӡагьы. Мачу-Пикчу шыҟоу адунеи иадырит зқьи жәшәи жәеиза шықәсазы, уи Иельтәи ауниверситет апрофессор Хирам Бингем иҧшааит. Аха, уи Бингем идагьы уи ақалақь аӡбахә раҳахьан. Уи аҧхьагьы иҟан ахсаалақәа, ақалақь зныз, урҭ англиатәи, германиатәи анемец инџьнырцәа иаҧырҵахьан. Бингем адунеи зегьы адырра аиҭеит ари ақалақь шыҟоу ала, ауаагьы Мачу-Пикчу абара иашьҭалеит. Мачу-Пикчу рольс иамаз Мачу-Пикчу ауаа нхартә иахьыҟаз қалақьмызт. Уи, абас аҭыҧ ҷыдаҿ идыргылеит избанзар, аинкцәа раҧхьаӡатәи римператор Пачакути уа дынхон. Уи адагьы, ақалақь аҿы ирыҧшааит аскульптурақәа, аныҳәарҭақәа, урҭ идырҵабыргуеит ақалақь адинтә ҵакы шамаз. Аинкцәа ара аритуалқәа мҩаҧыргон, урҭ рынцәақәа ирымҵахырхәон, аҵарауаа ргәаанагарала, урҭ ари ақалақь анцәақәа раҳаҭыр азы идыргылеит? Аҵыхәтәажәа Мачу-Пикчу зегь раасҭа еицырдыруа аинкцәа римпериа аргыларақәа ируакуп. Уи Аладатәи Америка зегь раасҭа еицырдыруа ҭыҧуп, иагьаҭаауеит атуристцәа рацәаҩӡаны, урҭ ари алақь аҧшӡара агәахәара ду рнаҭоит.
Download