
Мадам Тиуссо лмузеи
Мадам Тиуссо лмузеи Мариа Тиуссо лмузеи ыҟоижьҭеи абар шьҭа ҩышә шықәса ҵуеит. Араҟа ицәыргоуп хыҧхьаӡара рацәала ацәа иалху афигурақәа. Мадам Тиуссо лмузеи ыҟоуп Лондон. Уи рыбла хнакуеит аҭаацәа. Аӡәырҩы абри амузеи ахь анеира рҭахуп, рҽазыршәоит. Мадам Тиуссо лмузеиқәа ыҟоуп егьырҭ ақалақьқәа рҟынгьы. Амузеи афилиалқәа уҧылоит Амстердам, Лас-Вегас, Копенгаген, Ниу-Иорк, Лос-Анџьелес, Гонконг, Берлин. Дызусҭадаз Мадам Тиуссо? Мадам Тиуссо лҭоурых даара иџьашьатәуп. Лара илыхьӡын Мариа. Диит 1761 шықәсазы Франциа. Мариа лан маҵуҩыс аус луан аҟаза иҩнаҿы. Мариа дхәыҷаахыс аҟаза иусура дацклаҧшу-ан. Аҟаза ацәа иалхны иҟаиҵон афигурақәа. Мариагьы илҵеит ацәа иалхны аусумҭақәа, асахьақәа рыҟаҵара. Аҟаза дгәеиҭеит аҟыбаҩ бзиа змаз аӡҕаб хәыҷы. Уи илирҵо далагеит ацәа ауаа рсахьақәа (рфигурақәа) ралхшьа. Раҧхьатәи афигура ҟалҵеит Мариа 16 шықәса анылхыҵуаз. Уи лхала, уаҩ дылмыцхраакәа иҟалҵеит. Раҧхьатәи афигура иҟалҵаз афранцыз поет исахьа акәын. Уи даара ҟазарала иҟаҵан. Амузеи аҭоурых Аамҭа ацара иаҿын. Аҟаза дыҧсит. Иҟазарҭа, афигурақәа ахьыҟаиҵоз ацех Мариа илзынижьит. Убри аамҭазы Англиеи Франциеи рыбжьара ицон аибашьра. Мариа Франциа аанлыжьын, Англиаҟа нхара диасит. Ацәа иалхыз афигурақәа Англиаҟа илгеит. Иаарласны уи Лондон иаалыртит ацәатә фигурақәа рмузеи. Уи ҟалеит 1835 шықәсазы. Мариа лмузеи аҟны ицәырган 30 фигу-ра мацара. Урҭ 2-3 шықәса анҵлак иҧхасҭахон, еимырыҩны икаҳауан. Аха Мариа баша дтәамызт. Урҭ рҭыҧан иҟалҵон афигура ҿыцқәа, лмузеи халырҭәаауан. Еицырдыруа ауаа рсахьақәа ацәа рҧшьшьаны иалыл-хуан. Зегь реиҳа аинтерес зҵаз ҟәшан Аҿаасҭақәа руада. Уаҟа ицәыргақәҵан аибашьраҿ иҭахаз асолдатцәа, ашьа рыхьшы иҟаҵаз, рфигурақәа, иара убасгьы ацәгьауцәеи ауаҩшьцәеи рсахьақәа. Мариа дыҧсит дажәӡаны, 89 шықәса шылхыҵуаз. 1925 шықәсазы Мариа Тиуссо лмузеи аҿы иҟалеит амцакра. Амца иалаблит ирацәаны афигурақәа. Аха Анцәа иџьшьаны еиқәхеит афигурақәа злаҟарҵоз аформақәа. Афигурақәа дырҩыгьых еиҭашьақәыргылан. Амузеи иахьа Иахьа Мадам Тиуссо Лондонтәи лмузеии, уи афилиалқәеи рҟны иҟоуп зқьыла ацәа иалху афигурақәа. Урҭ еицырдыруа ауаа рсахьақәа роуп. Араҟа иубар улшоит актиорцәа, амузыкантцәа, акәашаҩцәа, аполитикцәа, аҵарауаа, аспортсменцәа, акралцәа рҭаацәара иаҵанакуа ауаа рсахьақәа, иара убасгьы еицырдыруа ацәгьауцәа рсахьақәа. Ацәа иалху афигурақәа рыҟаҵара даара иуадаҩу, акыр аамҭа зҭаху процессуп. Фигурацыҧхьаӡа рыҟаҵара 4-мыз аҭахуп, руак 20-ҩык инеиҳаны ауаа аус адырулароуп. Афигурақәа ршәуеит еиуеиҧшым аҧштәқәа рыла. Урҭ рхахәқәа злырхуа ауаа рыхцәоуп. Уара Лондон унанагар, хымҧада, уаҭаа Мадам Тиуссо лмузеи.
Download