Аковбои

Аковбои   Алагалажәа Аковбои – 19-тәи ашәышықәсаз иҟаз америкатәи ахьча-ҽыуаҩ иакәын. Раҧхьаӡатәи ковбоицәан америкатәи азакәан инақәыршәан 1865 шықәсазы атәра аҟынтәи зхы иақәиҭтәыз, афроамериканцәа. Урҭ ирымамызт адгьылгьы, аусурҭагьы. 18651880 шш. рзы ковбоицәахеит афроамериканцәа рыдагьы, америка иашьагәыҭыз, зцәаҧшшәахәы шкәакәаз ауааҧсырагьы. Урҭ иаашар хәлаанӡа аҽқәа ирықәтәаны арахә ирыцын, раамҭа аиҳарак зегь адәахьы, аҳауа цқьаҿ ирхыргон. Аковбои имаҭәеи, иара иҧсҭазаара астили Аковбоицәа рыҧсҭазаара даара иуадаҩын, избан акәзар, урҭ аусура хьанҭа нарыгӡон. Иҟалалон урҭ аҽы ишақәтәоу мацара 10-сааҭк еиҳаны ианырхыргозгьы. Рыҩнқәа рҟны ицәартә, итәартә, акрырфартә аҭагылазаашьа рымамызт. Иреиҕьу аҳәырҭақәа рыҧшаарц азы арахә карцон ҭыҧк аҟынтәи даҽа ҭыҧк ахь, зны-зынла даара ихараӡаны. Убри аҟынтә ирацәаны аныҟәара рықәшәон. Аковбои иҽы ҟәышзароуп, аҧшәма иҳәатәы ханаҵозар ауп. Аҽқәа убас ирааӡоит, арахә (ажәқәа) фҩыла ирдырратәы. Аҽы, хымҧада, ибжьаны иҟазароуп, акәадыри, аҕәреи, амгәарххақәеи – зыгь рыла еиқәшәазароуп. Аковбоицәа рзы ихадароу маҭәарқәан иҟоуп: атапанча, аҳәызба, алассо. Атапанчаашәарах ауаҩы дырцәызыхьчо абџьаруп. Аҳәызба акәзар, акырџьара ахархәара амоупафатә ҟаҵараҿы, џьара ак ахҵәараҿы. Лассо ҳәа изышьҭоу, ажә ма аҽы иахаршәны изларкуа иауу шахоуп. Аковбоицәа еиҳарак иршәу ҳәынҵәра змам кьаҿқәоуп, урҭ рхыхьаӡараҭаршә ҳәа изышьҭоу амаҭәа ршәырҵоит. Реиқәақәа руа-ҭәақәа рҿы еиҳа иҭбааны, реиқәаш-ьапқәа иҧымжәарц азы рышьҭахь ала асахҭан адҵаны, акәын ишрышьаз. Аковбои изы акраҵанакуеит иауу асахҭан магәқәеи, амреи ақәеи дырцәызыхьчо ашлиапа ҧраали. Аковбои иахьа Иахьа аковбои анкьеиҧш дыҟам, раҧхьаӡа аковбои ҳәа изышьҭаз зынӡа даҽаӡәын. Аковбоицәа рацәаҩымкәа иуҧылар ҟалоит Аҩадатәи Америка. А-2ҭ-тәи ашәышықәсазы аковбоицәа рыхьӡ зегьы еицырдыруан, ауаа ирылаҵәан иҟан. Урҭ аҕәҕәара, ахаҵара, агәымшәара ирсимволны иҟалеит. Мальборо аҭаҭын аӡыргараҿы аковбои данҭырх ашьҭахь, «ахаҵа ҕәҕәаҵәҟьа» иакәны дрыдыркыло иалагеит. Тәылақәак рҟны иахьагьы аковбоитә шлиапақәеи амагәқәеи модоуп. Урҭ ныҟәызго еиҳарак аҽы иақәтәо роуп.   Аковбоицәа ирызку афильмқәа: «Адәыҕба арҳәра ду» - афильм ҭыхуп ?)ҭҷ шықәсазы. Раҧхьаӡа акәны фырхацәаны афильм иамоу ковбоицәоуп. Уи 2ҭ-минуҭ ицо сахьаркыратә фильмуп. «Ҵхабжьонтәи аковбои» - 1969 шықәсазы иҭыху америкатәи афильм. Режиссиорс дамоуп Џьон Шлезингер. Афильм аҟны иарбоуп аковбои иҧсҭазаара. Афильм иаиуит х-премиак Оскар, иара убасгьы зықьҩыла ахәаҧшцәа рыбзиабара.                         «Ашьха џьыҟә» - 2005 шықәсазы иҭырхыз, аковбоицәа ирызку фильмуп. Режиссиорс дамоуп Енг Лии. Уи абзиабара зҭааз ҩыџьа аковбоицәа ирызкуп.
Download