
Рио
Рио Иуаҳахьазар акәхап Рио аӡбахә? … Лассы-ласс ргәы иаанагоит Рио Бразилиа иаҳҭнықалақәушәа. Ииашаҵәҟьан, Бразилиа аҳҭнықалақь Бразилиа ауп. Рио Бразилиа ақалақьқәа ируакуп аха, уи зынӡа, иаҳбац қалақьӡам. Рио-де-Жанеиро Бразилиа зегьы еицырдыруа қалақьуп. Зегьы ираҳахьеит Рио аӡбахә. Убри аҟынтә, Рио Бразилиа иаҳҭнықалақьуп ҳәа ргәы иаанагоит. Иудыруазеи Рио азы? Сақәгәыҕуеит уара ишуаҳахьо Рио имҩаҧысуа акарнавал аӡбахә. Рио акарнавал анымҩаҧысуа ақәшәара, хәыҷи дуи рзы гәаҳәара дуӡӡоуп. Уара ашьапылампыл асра бзиа иубозар, иуаҳахьазароуп ашьапылампыл нцәахәыс ирыҧхьаӡоз Пеле иӡбахә. Пеле дыбразилиатәуп! Уара ашьапылампыл асра бзиа иубозар, иудыруазар ауп, адунеи аҿы зегьы иреиҳау Рио иҟоу астадион Маракана. Иуаҳахьоума уара, Христос истатуиа аӡбахә. Иуаҳахьазар акәхап, аплиаж Копакабана аӡбахә. Ари адунеиаҿ зегь раасҭа иҧшӡо плиажуп, Рио араионаҿ еицырдыруа ҭыҧуп. Копакабана адунеиаҿы зегьы иреиҳау ауаарацәа реиланхарҭа ауп. Христос истатуиагьы, адунеиаҿ зегьы еицырдыруа акоуп, ҳаамҭазтәи адунеи аҭыҧ џьашьахәқәа ирхыҧхьаӡалоуп. Иааҧҵәаны иуҳәозар, Рио-де-Жанеиро иааркьаҿны Рио, иадҳәало, аинтересс зҵоу даара ирацәоуп. Шәааи нас, ҳмыццакыкәа, еиҳа еиҕьны адырраз, зегь реиҳа адунеиаҿы иҧшӡоу ақалақьқәа ируаку Рио ҳаҭаап. Рио азы Рио ижәытәӡатәиу қалақьуп. Ари Бразилиа акрызҵазкуа, еицыр-дуруа қалақьуп. Рио кыраамҭа Бразилиа иаҳҭнықалақьын, уи зқьи жәшәи ханеижәа шы-қәса 1960 иара аҳҭны қалақь астатус иацә-хьаҵит, Бразилиа ҿыц иргылаз ақалақь ахьӡала. Рио-де-Жанеиро ахьӡ иаанагоит «Аӡиас Ианвариа». Ари аҭыҧ ахьӡ аиҭеит Америго Веспуччи. Ари аҭыҧ, 1502 зқьи хәышәи ҩба шықәсазы ианармзазы иааиртит Америго Веспуччи, убраантәи ауп иахьаауа ахьӡгьы. Рио акарнавал Адунеи зегьы аҿы, зегь раасҭа еицырдыруа акарнавалқәа иреиуоуп Рио акарнавал. Зеқьҩыла самбо акәашаҩцәа Рио амҩадуқәа рҿы икәашоит. Ауаарацәа акәашаҩцәа ирышьҭаланы ицоит. Ахәаҧшцәа агәахәара рнаҭоит акәашара ҧшӡақәа. Акәашацәа иҷыдоу маҭәала рҽеибыҭара, иҧшӡоу ланарҧшырахоит. Еицырдыруа бразиалиатәи акарнавал, партугалтәи аныҳәа аҟынтәи иҟалеит. Уи аҧхьа имҩаҧыргон партугалтәи аныҳәа ентрудо. Ентрудо амҩаҧгара иалахәыз, аҳәынҵәеи, аӡи, афатәи еигәыдырҵон. Ус иаарласны, ентрудо иазхәыцны, иҧшӡаны имҩаҧыргоз карнавалхеит. Раҧхьаӡакәны 180 зқьи аашәи инеижәа шықәсазы, Рио имҩаҧган акарнавал. Раҧхьа ари акарнавал аҿы самбо икәашаӡомызт … Иудыруама уара – Самбо закәу? Самбо – ари кәашароуп, акарнавал сабмо – аҿы зегьы еицыкәашоит. Рио акарнавал аҿы самбо акәашара иалагеит маҷк ихьшәаны 1917 (зқьи жәшәи жәибжь шықәсазы) … Самбо шьақәгылоуп, еиуеиҧшым акәашаратә стильқәа реилазаашьала: уи иалоуп англотцәа рсемба, европаа рполька, африкаа рбатуки, кубатәи хабанереи релементқәа. Самбо акәашара ҿиеит, иахганы иҟаз ауаа аҩныҟа рыханҳәра иасимволны. Ахгаратә ихынҳәыз ауаа, ари акәашарала ирҧылон, дара рыхьӡалагьы икәашон. Иахьа, Рио акарнавал мҩаҧнагоит самбо Ашкол. Рио акарнавал мчыбжьык имҩаҧысуеит. Акарнавал амҩаҧгара амшқәа раан иусуратә мышқәаӡам ҳәа рыларҳәоит. Акарнавал иамоуп ахатәы ӡбаҩцәа. Акарнавал аӡбаҩцәа иалырхәуеит иреиҕьу акәашацәа ргәыҧ, дагьалырхуеит самбо акраал (анцәахәы). Ақалақь ахада акраал ианаишьоит ақалақь ацыҧха. Акарнавал акраал ҧшьымыш ақалақь еиҳабыс дҟалоит, убри аамҭазы, иара ақалақь азакәан адкылареи, мап ацәкреи рзин имоуп. Христос истатуиа Христос истатуиа иблахкыгарҭоу аҭыҧ хадақәа ируакуп. Христос истатуиа Рио аҧшаҳәаҿы ақәыргылара аидеиа цәырҵит, Бразиалиа Ахьыҧ-шымра ашәышықәсхыҵра аныҳәа азгәаҭараан. Бразилиа Ахьыҧшымра ашәышықәсхыҵра азгәаҭан, зқьи жәшәи ҩажәиҩба шықәса азы. Астатуиа аҧиҵеит аскульптор Ектор да Силва Коста. Уи идеиас иман, ақалақь зегьы астатуиа анапы акәнаршо аҟаҵара. Астатуиа Париж иҟаҵан, Рио иаартын ноиабр 12, зқьи жәшәи ҩажәи жәеиза шықәсазы Конковадо ашьхараҿы. Астатуиа ҩажәи жәаҩа метра инаӡоит, апедестал аура быжьметрак ыҟоуп, ахы акапан ҩажәи жәохә тонна, инапқәа роура ҩажәи хҧа метра иҟоуп. Христос истатуиа, аиашазы, угәаҿы иаанхо иссиру ҧҵамҭоуп. Ари атуристцәа бзиа ирбо аҭыҧқәа ируакуп. Рио иааз асас хымҧада ари аҭыҧ даҭаауеит. Стадион Маракана Уара ашьапылампыл бзиа иубозар, иҟалап иуаҳахьазар Маракана аӡбахә. Маракана астадион адунеиаҿ еицырдыруа аҭыҧқәа ируакуп. Маракана астадионгьы Рио ауп иахьыҟоу. Аамҭақәак рзы, ари астадион ҩышәнызеқьҩык, 200000 ҩык ахәаҧшцәа акәан. Ари ахаҧхьаӡара рекордтәуп. Маракана астадион дыргылеит зқьи жәшәи ҩынеижәижәаба шықәсазы. Ари астадионаҿы, уи ашықәсан адунеизегьтәи ачемпионат афинал мҩаҧган. Еизгоу Бразилиа еизгоу Уругваи иацыхәмаруан. Афиналтә матч иуль жәаф, зқьи жәшәи ҩынеижәижәаба шықәсазы имҩаҧысит. Астади-онаҿы шәи ханеижәи жәиҧшьҩуаак ыҟан. Раҧхьатәи ампыл амба иҭаиршәит бразилиа еиуаз. Ахәаҧшцәа гәырҕьаны убас иҳәҳәон, астадион еилабгарц акагьы агымхаӡеит. Бразилиаа ргәы рнархьзаргьы, уругваиаа ҩ-мпылк ҭадыршәит, Маракана дууӡагьы ааҭынчхеит … Ари зегь реиҳа итрагедиаз хҭысын бразиалиатәи ашьапылампыл асраҿы. Адунеи иачемпионхеит Уругваи, Маракана астадион ҿыц, уи ашықәсазы Бразилиаа азы иманшәаламхаӡеит. Иагьа ус акәзаргьы, Маракана бразилиаа рзы иҷыдоу ҭыҧхеит. Маракана азы ашьапылампыл асра анцәахәы Пеле иҩуан: «Ароуп, сара Аргентинаа рымба ампыл раҧхьаӡа иахьҭасыршәыз, ароуп сара азеқьтәи ампыл амба иахьҭасыршәызгьы. Ари астадионаҿ ирацәаҩуп ихәмархьо ашьапылампыл асыҩцәа. Араҟа зынӡа даҽа гәалаҟазаароуп, даҽа мчык ыҟоуп. Маракана астадионаҿ ампыласра аматчқәа рымацара ракәӡам имҩаҧырго. Ари астадионаҿы ирацәан имҩаҧыргоз еицырдыруа аҟазара аусзуцәа рконцертқәа: Френк Синатор, Роллинг Стоунз, Мадонна убас аӡәырҩы Маракана астадион ҧшӡаҿы ашәа рҳәон. Иҟалап интересс иуоузар, избан ари астадион Маракана захьӡхаз. Официалла астадион иахьӡ ахуп Марио Фило. Марио Филио еицырдыруа аспорттә журналистын. Маракана ахьӡ аиуит, рацәак идуум аӡиас ахьӡ азы, уи астадион ааигәа ииасуеит. Уи ааигәара ишьҭаз араионгьы Маракана ахьӡхеит. Уажәы Маракана Астадионаҿы аиҭашьақә-ыргыларақәа цоит. Астадион аспорттә хҭыс дуӡӡа иаздырхиоит. Ари астадионаҿы ҩнызқьи жәаха шықәсазы, Аконфедеоациа Акубок мҩаҧгахоит, ҩнызқьи жәиҧшь шықәса азы, ашьапылампыл асразы Адунеи ачемпион. Ҩнызқьи жәаф шықәсазы аҧхынтәи Олимпиатәи ахәмаррақәа. Арҭ аицлабрақәа зегьы, ҿыц еиҭашьақәыргыло Маракана астадионаҿы имҩаҧгахоит.
Download