Аџьаз аҭоурых
Аџьаз аҭоурых Алагалажәа Аџьаз музыка аҭоурых злалаго африкатәи амузыкалоуп. Уи Аладатәи Америкаҟа иаазгаз африкатәи атәцәа роуп. Аџьаз музыкарҳәаҩ Уинстон Марсалис иҩуан: «Аџьаз ауааиқәаҵәақәа иџьашьахәу раҧҵамҭоуп». Аџьаз иақалақьуп ҳәа иҧхьаӡоуп Ниу-Орлеан. XX-ашәышықәсазы аџьаз рылаҵәеит афроамерикаа. Убри инаркны аџьаз егьырҭ амузыкатә жанрқәа зегьы анырра рнаҭо иалагеит. Аџьаз ҩ-музыкатә жанрк – аблиузи арегтаими реилаӡҩара иахылҵит. Аблиуз – лахьеиқәҵагатә мелодиоуп. Арегтаим акәзар илахҿыху, аритм ҷыда зҵоу музыкоуп. Арегтаим цәырҵит XIX ашәышықәсазы, изхылҵызгьы амаршқәа роуп. Аџьаз музыка абжьы уаҳауан азауадқәеи ачаирҭақәеи рҿы. Раҧхьаӡа уи зусураан изҳәоз атәцәа ракәын. Аџьаз ахьӡ шыҟалаз «Аџьаз» ахьӡ шцәырҵыз азы иҟоуп ҩ-гәаанагарак. Руак ашаҳәо ала, аџьаз ажәа аауеит «Жасмин» аҟынтәи. Ишдыру еиҧш, аџьаз ҿиеит Ниу-Орлеан ақалақь аҿы. Ари ақалақь аҿы ирацәан аҳәса ласқәа ахьынхоз аҩнқәа. Уаҟа лассы-ласс иаҳәалон амузыка, нас «аџьаз» ҳәа хьӡыс изауз. Аҳәса убри аамҭазы ажасмин ашәҭ афҩы лаҳалаҳауа измаз адухь рықәырҭәон. Убри аҟынтә «аџьаз» ахьӡ ахьынтәиаауа ажасмин афҩы хаа аҟынтә ауп ҳәа ирыҧхьаӡон. Аҩбатәи агәаанагара излаҳәо ала, аџьаз – интузиазмла иҭәу ауп иаанаго. Уи ажәа раҧхьаӡа акәны ихы иаирхәеит, Сан-Франциско иҭыҵуаз агазеҭқәа руак арепортер. Уи абеисбол асыҩцәа рзы абас иҩит: «Урҭ ирцәыӡит рџьаз (ринтузиазм), иахьырыҧшаауагь рыздыруам». Мышқәак рышьҭахь, аредактор иазгәеиҭеит абри ажәа ҿыц ахархәара шаиуз.» Аџьаз – ари ажәа иаанагоит – аҧсҭазаара, амч, аенергиа ахышхыҵәара, агәахәара, ахаҵара, агәаҕьра, анасыҧ …», – иҩуан уи. Раҧхьаӡатәи аџьаз-музыкант Раҧхьаӡатәи џьазменцәас иҧхьаӡоуп Аҩада Америка аус зуаз атәцәа. Ҳәарада, урҭ рыхьӡқәа уаҩы издырам. Уи ҳҳәеит ҳәа, раҧхьаӡатәи џьаз музыкантс дыршьоит Бадди Болден. Ниу-Орлеан ақалақь аҿы еицырдыруаз абарқәа иреиуан «Фанки Бар». Бадди Болден абри абар аҿы аџьаз аирҳәон. Адунеи аҿы еицырдыруаз егьы аџьазмен дуӡӡа Луи Армстронг абас иҩуан Болден изы4 «Абри ауаҩы дмузыкант дуӡӡаны дрыҧхьаӡоит. Сара шәсазҵаауазар, уи музыкантк иаҳасабала бзиа дызбомызт, аинструмент иҕәҕәацәаны дҭаҭәҳәоит ҳәа сыҧхьаӡон. Луи Армстронг Луи Армстронг амузыка аирҳәон дхәыҷаахыс. Уи диит Ниу-Орлеан, иҕарыз аҭаацәараҿы, дынхон иҕарыз ауаа иқәаҵәақәа рыҩнаҿы. Уброуп Луи акорнет аҿы ахәмаршьа ахьиҵазгьы. Лассы-ласс уи ақалақь ахь дцәырҵны, амҩа музыкантцәа дырзыӡырҩуан. Ишдыру еиҧш, уи Бадди Болден бзиа дибаӡомызт, аха даара дигәаҧхон, нцәак еиҧш дихәаҧшуан Џьо Оливер. Џьо Оливергьы дџьаз музыкантын. Армстронг аҧсахрақәа рацәаны аџьазтә музыка иалеигалт, адунеи аҿы зегьы еицырдыруа иҟаиҵеит. Луи Армстронг раҧхьаӡа акәны аџьаз-бенд ахкарҳәаҩы (асолист) далеигалт. Азыӡырҩцәа ари аҿыцра даара иргәаҧхеит. Ҳаамҭазтәи аџьаз (1940-1960) Чарли Паркер Ҳаамҭазтәи аџьаз би-боп аҟынтәи иалагоит. Би-боп аџьаз аформақәа ируакуп. Би-боп аҟны амелодиа ҭынч атемп лас ахь ииасуеит. Уи азы ихадароуп аимпровизациа. Еицырдыруа би-боп анагӡаҩ Чарли Паркер иоуп. Хәыҷы-хәыҷла би-боп иалалеит латиноамерикатәи амузыка, иагьышьақәгылеит афро-кубатәи аџьаз. Ҳаамҭазтәи аџьаз аформақәа иреиуоуп, иара убасгьы, ахард-боп. Ахард-боп ихәмаруеит Клиффорд Брауни Уенн Шортени. Аџьаз – Фиужн 1960 шықәсазы аџьаз музыкаҿ иҟалеит акризис. Иҿыцу хырхарҭак алагалатәын. Убри инаркны иалагеит аџьаз иҿыцу аҿиара. Ицәырҵит аџьаз-фиужн захьӡыз, аџьази арок музыкеи реилалара иахылҵыз ажанр ҿыц. Аџьаз-фиужн анагӡаҩы, еицырдыруаз акомпозитор Маилс Девис иакәын. Иара ихаҭа ишиҳәоз еиҧш, уи анырра ҕәҕәа ирҭеит Џьимми Хендрикси Џьеимс Брауни. Маилс Деивис Аџьаз-рок ацәырҵра аӡәырҩы амузыкантцәа адунеи аҿы еицырдыруа иахьыҟанаҵаз адагьы ирзаанагеит акоммерциатә қәҿиарақәагьы. Уаанӡа, аџьаз иазыӡырҩуеит аелитатә уаажәлара рҳәозтгьы, уажәы аџьаз-рок иазыӡырҩуеит рҳәон. Аџьаз музыка рылаҵәеит, еиҳарак аҿар. Еицырдыруа амузыкант Ҳерби Ҳенкок иальбом «Хедхантер» рҭиит миллионла. Иласу аџьаз Иласу аџьаз ауаҩы имарианы адикыло амузыкахь иаҵанакуеит. Иласу аџьаз – ари аџьази апоп-музыкеи реилалароуп. Апоп-музыка – араҟа аҭыҧ ду ааннакылоит, аџьаз аҩбатәи аҭыҧ ахь ииасуеит. Лассы-ласс ари аҩыза аџьаз музыка рацәак иҽеимкәа иахцәажәоит. «Алифт азы амузыка», мамзаргьы «ахәаахәҭратә центр азы амузыка» ҳәа азырҳәоит. Иласу аџьаз анагӡаҩцәа ҳәа еицырдыруеит Шаде, Џьорџь Бенсон, Боб Џьеимс, Маркус Миллер, Нора Џьонс, уб. егь. Европа аџьаз шнанагаз Европа аџьаз Американтәи инанагеит. Европаа аџьаз аиҭакрақәа аларгалт. Урҭ аџьаз музыка уацкәашартә аритм ццакы аҵаҵан иҟарҵоит. Америкатәи амузыкантцәа дара рлымҳа ишаҳауаз ала аритм рыҧсахуазтгьы, Европатәи амузыкантцәа уи аритм азыӡырҩцәа ргәы ишақәшәо иҟарҵон. Еиҳарак аџьаз ихәмаруан уахынлатәи аклубқәа рҟны. Уахь ауаа неиуан алахҿыхреи акәашареи рзы. Амузыка ацкәашаразы ауаа ирымаз агәаҳәара, ҳәарада, европатәи аџьаз анырра ҕәҕәа анаҭеит. Анацистцәа амчрахь рнеиреи, аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алагареи Европа аџьаз аӡәгьы иҭахымкәа, азҿлымҳара амамкәа иҟанаҵеит. Убри инаркны аџьаз уаҳа ҿиара маиуит. Аибашьра ашьҭахь Европа еиҳа еиҕьны ирдырит америкатәи аџьаз. Арахь иааны аконцертқәа ҟарҵон америкатәи аџьазменцәа. Франциа иаадыртуа иалагеит аџьаз-клубқәа. 1940 шықәсазы Париж имҩаҧысит Парижтәи аџьаз фестиваль. Афестиваль ахь дааит еицырдыруа америкатәи аџьазмен Чарли Паркер. · Аџьаз иазку иџьашьатәу афактқәа. · Аџьаз аепоха · Аџьаз аепоха – ари Раҧхьаӡатәи Адунеизегьтәи аибашьра инаркны америкатәи адепрессиа ду аҟынӡа арыбжьанакыз аамҭоуп. · Аџьаз аепохаан ауаа рцәаныррақәеи рылшарақәеи еиҳа иаадырҧшуа, ицәырырго иалагеит. · Аҳәса аҭаҭын иахо, абарқәа рышҟа инеиуа иалагеит. · Убри аамҭазы аҳәса алхрақәа раан абжьыҭиира азин роуит. · Скотт Фицџьеральд иҩымҭа «Гетсби Дуӡӡа» шьаҭас иамоу «аџьаз аепоха» ауп. Скотт Фицџьеральд Америка ари аамҭа «аџьаз аепоха» ҳәа ахьӡиҵеит. Ижәдыруама шәара Ҽнак зны Луи Армстронг, иаанагои аџьаз ҳәа ианиазҵаа, уи аҭакс ус иҳәеит: «Шәара, аџьаз закәуи ҳәа шәҵаауазар, аџьаз закәу ахаан ишәзеилкааран шәыҟам».
Download