Еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ашықәс ҿыц атрадициақәа

Еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ашықәс ҿыц атрадициақәа   Адунеиаҿ шәкыла атәылақәа ыҟоуп. Атәылақәа зегьы рҿы Ашықәс ҿыц ҷыдала иаҧылоит. Ашықәс ҿыц ауаа ҷыдала рҽазыҟарҵоит. Ари ашәҟәы аҿы шәаҧхьар шылшоит ашықәс ҿыц аҧылара еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ишыҟоу. Германиа Германиа Қьырса ныҳәа иаҧылоит заа, Ашықәс ҿыц аанӡа. Аха, аиолка Ашықәс ҿыц иасимволны зыӡбаз анемеццәа роуп. Анемеццәа роуп изыӡбаз аиолка ахәмаргақәа. Ашықәс ҿыц атрадициатә уаххьа алагоит асааҭ ааба рзы, иагьынҵәоит ҵхыбжьон. Абокалқәа рышьҭыхра уаххьа анҵәара аанагоит. Италиа Италиа Ашықәс ҿыц азы амаҭәа ҩазақәа аҧенџьыр аҟынтә идыршәуеит. Аитали-анеццәа агәра ргон, амаҭәа ҩазақәа шаҟа ирацәаны идыршәуа аҟара, убриаҟара ирацәаны Ашықәс ҿыц азы ироууеит ҳәа. Ашықәс ҿыц азы аиталианеццәа ирзааигәоу ауаа, ацәарҭа маҭәа ҟаҧшь ҳамҭас ирырҭоит. Аҧшшәы ҟаҧшь аҿыцра аанагоит. Италиатәи Аҵаа Бабаду Баббо ҳәа ишьҭоуп. Уи Қьырса ауха ахәыҷқәа аҳамҭа риҭоит. Уи адагьы, аиталианеццәа дрымоуп Асҭыҧҳа Ла Беффена. Атрадициатә аишәа акәзар, аиталианеццәа ирымоуп кочетино конлетиччи, мамзаргьы аҳәажьы иалхыу асосискақәа, акуличи. Шотландиа Шотландиа Ашықәс ҿыц Хогман ахьӡуп. Ашотландцәа меквле агәра ргоит. Урҭ рхаҵарақәа рыла зыбла еиқәаҵәо аҷкәын аманшәалара узааигоит. Ашатландцәа Ашықәс ҿыц ауха ауалырқәа амца ацраҵаны амҩақәа ирыкәдыршоит. Убас, урҭ ицаз ашықәс наскьаган, аҿыц иазыҧшуп. Ашықәс ҿыц аламҭалаз, ашатландцәа ачысмаҭәа ҧырҽуеит ргәылацәа рышәаҿы. Ашықәс ҿыц азы аҩнқәа зегьы рҿы алашарақәа аркуп. Ашықәс ҿыц азы аҩнқәа рҿгьы, амҩадуқәа рҿгьы алашара дырцәаӡом. Ашотландцәа реишәа аторт (ачарӡхаа) ду ықәырҵоит. Аторт ырҧшӡоуп араса, аконфеҭқәа, ашьақьар иалхыу асахьақәа рыла. Болгариа Болгариа Ашықәс ҿыц азы аишәа иқәырҵоит апирог (аҵәачарӡхаа). Апирог аҟаҵараан ирацәоуп иаларҵо амаҭәарқәа. Уи апирог асиурпризқәа рпирог ахьӡуп. Апирог аҿы аҧара ҿырпы абеиара аанагоит, агәил амахә – абзиабара. Аболгарцәа рҿы Ашықәс ҿыц азы, аишәа жәаҩа чыс хкы ықәдыргылоит, урҭ акәац лых рылаӡам. Австралиа Австралиа Ашықәс ҿыц аҧхын иаауеит. Убри аҟынтә, Ашықәс ҿыц австралиаа амшын аҿықә аҿы иаҧылоит. Сиднеи – Австралиа иаҳҭнықалақьуп. Сиднеи, Ашықәс ҿыц азы идуӡӡо афеирверкқәа мҩаҧыргоит. Ари иахәаҧшырц Сиднеи иаауеит 30000 (ҩажәижәаба нызеқьҩык) ауаа. Китаи Китаи Ашықәс ҿыц аауеит ианар 17 (жәибжьи) февраль 19 (зежәи) рыбжьара, ажәҩанаҿ амзаҿа анцәырҵуа. Китаиаа амҩадуқәа афонар ҟаҧшьқәа рыла идырҧшӡоит. Афонарқәа жәаҩа (12) ҧстәы рформа амоуп. Жәаҩа ҧстәы Китаитәи Адырганҵа (Азодиак) иақәыршәан иҟаҵоуп. Урҭ аҳәынаҧ, ацә, абжьас, ажьа, агәылшьап, амаҭ, аҽы, аџьма, амаамын, арбаҕь, ала, аҳәа. Афонарқәа иреиҳау, ашықәс иааиуа зтәу аҧстәы асахьа ала идырхиоит. Китаиаа рзы Ашықәс ҿыц арыцҳацәа ирныҳәан. Арыцҳацәа, уи амшазы ибеиаз рыҩны инеир рылшон, иарбанзаалак ирҭахыз амаҭәахә ргар. Индиа Индиа Ашықәс ҿыц шықәсык аантәы иаҧылоит. Аныҳәақәа руак, Гуди Павда ахьӡуп. Гуди Павда аан, аиндииццәа гәырҕьоит, амра ангыло иацгылоит, аныҳәа ашахәҭоу ала рҽеибырҭоит. Амҩадуқәа рҿы гәырҕьароуп. Амҩаҿы аспектакльқәа ықәдыргылоит, еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧыргоит. Аиндииццәа ажәҩан иаларҵоит аҳамҭақәа. Франциа Жәаатәи ашәышықәсазы (18) Франциа ареволиуциа ҟалоит. Франциатәи ареспублика еиҿкаан сентиабр ҩажәи ҩба рзы. Убри аҟынтә афранцызцәа Ашықәс ҿыц ҩажәи ҩба (22) сентиабр иаҧылон. Иахьазы афранцызцәа Ашықәс ҿыц ианар 1 аказы имҩаҧыргоит. Аишәаҿы зегь раасҭа ихадароуп ашампанҩы. Ашампанҩы ари зегь реиҳа еилашуа рыжәтәуп. Уи адагьы аныҳәатә еишәа иқәуп ашәыр, ауҭраҭых, аикра, аҟыз агәаҵәа иалхыу апаштет фуа-гра. Афранцызцәа рныҳәатә еишәа иқәуп иӡу ашәишәи ажьы, аныҳәатә пироженное – полено. Аныҳәатә пироженное ажьырҩа иалхуп. Ирландиа Ирландиа Ашықәс ҿыц азы аҩнашәқәа зегьы аадыртуеит. Изҭахыу зегьы аҩны аҩналара рылшоит. Ашықәс ҿыц аҧхьатәи амшаз, аирландцәа иазгәарҭоит Аҩны амш ныҳәа. Ажәытә ҵасқәа рыла аирландцәа дара-дара арацәа ҽыҭқәа еимырдоит. Чили Талька Чили ақалақьқәа ируакуп. Талька ирымоуп ижәытәу ҵаск (традициак) Ашықәс ҿыц ааианӡа ақалақь ауааҧсыра зегьы изхылҵыз рҳаҭгәынқәа рахь ицоит. Урҭ Ашықәс ҿыц ааира аҳаҭгәынқәа рҿы иазыҧшуп. Талька инхо ауаа агәра ргоит здунеи зыҧсаххьо (иҧсхьо) ауаа ашықәс ҿыц ирыцаҧылоит ҳәа. Ефиопиа Ефиопиа Ашықәс ҿыц сентиабр 11 иаауеит. Сентиабр жәеиза ари ақәаура дууқәа рынҵәареи, аҽаҩраҭагалареи ираамҭоуп. Ашықәс ҿыц ауха амҩадуқәа рҿы аныҳәатә ныҟәарақәа мҩаҧыргоит. Атрадициақәа рыла имҩаҧыргоит амца ахыҧара аритуал. Испаниа Атрадициа инақәыршәаны, Испаниа ашықәс ҿыц ауха жәаҩа жьыргәыц рфоит. Асаркьал жәаҩантә аҵәҵәа иасуеит. Асаркьал иасцыҧхьаӡа Испаниаа жьыргәыцк-жьыргәыцк рфоит рыгәҭакы ргәы иҭакны. Ашықәс Ҿыц аерманцәа рҿы Ажәытә аерманцәа Ашықәс ҿыц март 21 (ҩажәиакы) рзы иаҧылон 18-тәи (жәаатәи) ашәашықәса инаркны. Ианар акы инаркны иалагоит аҧылара. Ашықәс ҿыц азы ахәыҷқәа ақыҭаҿ еизон. Урҭ Ашықәс ҿыц иаҧылон шәаҳәарала. Ахәыҷқәа агәылацәа рахь ицон аҳамҭақәеи ахаа – мыхаақәеи роурц. Аерманқәа меквле аҵак ду арҭоит. Бедобис дҕье ари ианар ҩбоуп. Ерманцәақәак рҭаацәараҿы иҟарҵоит тари. Тари ари печениоуп, аҧшәма ҧҳәыс аҟәрышь згәылалҵо. Аҭаацәа рахьтә аӡәы аҟәрышь иқәшәоит. Аерманцәа ргәаанагарала Ашықәс ҿыц азы агәҭакқәа зегь наӡоит ҳәа иршьоит. Аерманцәа рныҳәатә еишәа, хымҧада, акониак, аҭолма ықәгылазароуп, урҭ хыхкык ыҟазароуп, ахәылрҳәы, ажьбҕьы, иара убас агергилии ирылхыу. Аҭолма кәацда абҳәа рҩа иалхны иҟарҵоит. Азербаиџьан ишаҧыло Азеирбаџьанцәа Ашықәс ҿыц март ҩажәи акы (2?) азы иаҧылоит. Ари аныҳәа Новруз Баирам ахьӡуп. Новруз ари џьам ажәоуп. Иаанагоитамш ҿыц. Март ҩажәи акыари аҵхи амши ааҧынтәи реиҟарара аамҭа ааиреи, адгьыл аҿыхареи ирымшуп. Новруз хымш имҩаҧысуеит. Ари амшаз ауаа зегьы гәырҕьоит. Ҭаацәарцыҧхьаӡа семен ҟарҵоит. Семен ҳәа иашьҭоуп ачарыц ашьаҟьар. Ари аҧсҭазаара ҿыци, ааҧыни ирсимволуп. Азербаиџьанцәа Ашықәс ҿыц азы аҧахлава ҟарҵоит. Аҧахлава ари чарӡхаауп. Иара убас доугу ҟарҵоит. Уи ажьрҩеи, арасеи абрынџьи ирылырхуеит. Новруз аан азарбаиџьанцәа рыуацәа, ачымазцәа, арыцҳацәа ирҭаауеит. Урҭ арыцҳацәа аҳамҭақәа рзыҟарҵоит. * * * Ишыжәбо ала Ашықәс ҿыц еиуеиҧшым атәылақәа рҿы еиҧшӡам. Урҭ зегьы ҷыдала рҽазҵәылхны гәырҕьарала Ашықәс ҿыц аҧылара рҽазыршәоит. Избанзар Ашықәс ҿыц агәаҳәарақәа рынагӡара иашықәсуп.
Download