Бермудтәи ахкәакь

Бермудтәи ахкәакь Бермудтәи ахкәакь, иахьатәи ҳаамҭазы еилкаашьа змам амаӡақәа иреиуоуп. Ари аҭыҧ зны «Аҧсра ахкәакь» ҳәа азырҳәоит, зны «Ишәиу амшын», даҽазныкгьы «Атлантида аҧсыжырҭа ҳәа». Адгьыл аҿы, ари аҧыҧ иџьашьаху, маӡала иҭәу иреиуоуп, иара шьҭоуп Атлантикатә аокеан аҿы, Фларидеи Бермудтәи адгьылбжьахақәа рҳәааҿы, анаҩс, Пуерто-Рико, ашьҭахьҟа Флориданӡа Багамтәи адгьылбжьахақәа рҟынӡа. 1945 шықәса инаркны «Аҩсҭаа ихкәакь» аҟны ибжьаӡхьеит 100 – ҳаирпланки, 100 ҕбаки, урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп (аӡаҵаҕбақәагьы), иара убасгьы,  хабарда ибжьаӡхьеит зеқьҩыла ауаа. Зегь раасҭа иџьоушьаран иҟоу, арҭ амашәырқәа зегьы еиҧшуп, ибжьаӡыз аҕбақәа ахааназ ҧшаашьагь роуӡом, аҳарпланқәа ртәы уҳәозар, ианкаҳауа аокиан ақәҧшылараҿы абылтәы ашьҭагьы аанхаӡом, уи амашәыр шыҟалаз аҭыҧ узырбо шакугьы. Ауаа, арҭ иџьоушьаша ахҭысқәа реилкаара даара рҽазыршәоит. Уи аамҭа иалагӡаны, арҭ амашәырқәа реилкаара еиуеиҧшым атеориақәа ахылҵит: Теориак излаҳанаҳәо алауи амшынҧааҩцәа рқәыларақәа ирыхҟьоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Ари атеориа инақәыршәаны, аҕбақәа ари аҭыҧ аҿы рыбжьӡра,  амшынҧааҩцәа рактивра ауп мзызс иамоу ҳәа ҳанаҳәоит. Ари атеориа, скептикцәақәак ргәаанагарала, Бермудтәи ахкәакьк амашәыр ахьыҟало аҭыҧқәа излареиҧшым акагьы ыҟаӡам ҳәа шьақәдырҕәҕәоит. Анкьаӡа, адунеи еиуеиҧшымыз аҭыҧқәа рҿы, амшынҧааҩцәа рхарала иҭахон аҕбақәеи ауааи рацәаны, убри аҟынтә ари атеориа адгылаҩцәа ргәанагарала, апасаџьыртә ҕбақәа рыбжьаӡра, аибашьыга ҕбақәа ирхароуп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Иҟоуп даҽа теориакгьы, уи излаҳанаҳәо ала, Бермудтәи ахкәакьк ааигәара иҕәҕәаӡо амхылдызтә мчы змоу аҭыҧ ыҟоуп. Ари атеориа излаҳанаҳәо ала, Бермудтәи ахкәакь иҷыдоу апланета ахәҭақәа иреиуоуп, уи иамоуп  даараӡа иҕәҕәоу амхалдыз мчы змоу аҭыҧ. 1492 шықәса азы Христофор Колумб ари аҭыҧ азы иҩҩуан, «Санта – Мариа» аҕба ицҭаз иҩызцәеи иареи ажәҩанаҟынтә амца зыцрыдды ахыц алакь-лакьра заҟа агәҭынчымзаара рызцәырнагоз. Колумб иара убасгьы, Багамтәи адгьылбжьахақәа рааигәа уамашәа еилыџьџьаауаз ацәқәырҧ шкәакәақәа шибаз ашәҟәы ианиҵеит. Аныҟәацәа ранҵамҭақәа рыла иаабоит, ари ахҭыс анаҩсан, акомпас уаанӡа ирымбацыз апараметрақәа шыднарбоз. Уи азы иакымкәа, иҩбамкәа ахҭысқәа рыцклаҧшра шаҳаҭра руеит, Бермуд азааигәара акомпас ахыцқәа еиҳа иласны аиҭаҵра ишалаго, анавигациатә хархәагақәагьы аусура ишаҟәыҵуа. Ишаҳбо ала, Бермудтәи ахкәакь, ари иҷыдоу аҭыҧқәа ируакуп избанзар, агеографиатә ҩадеи, ҩадатәи амхылдызи еиқәшәоит азы. Иҕәҕәаӡоу амхалдыз мчы ари аҭыҧ аҿы ауаа рацәа хабарда рыӡра ҵаҵҕәы хадас иамоуп. Даҽа теориак ишаҳәо ала, Бермудтәи ахкәакьк акомета анырра аҵаҟа иҟоуп. Аха, иҟоуп даҽа гәаанагаракгьы, азқьышықәсақәа раҧхьа адгьыл иаахаз акомета ари аҭыҧ аҿы, акосмос аҟынтә аҧҽыхақәа каҳаит ҳәа. Ари атеориа иадгыло агәра ргоит аокеан аҵанӡа џьара, уи акомета аҧҽыхақәа аанхеит ҳәа, иара иахылҵуа афымцамхылдызтә мычхара иахҟьоит ҳәа акатастрофақәа, Бермудтәи ахкәакьк аҿы, уи ауп аҕба аҟынтә иаарышьҭуа агәҽанҵаратә быжьқәа, уаҩҧсы имаҳауа изхәаҽуа ҳәа. Даҽа теориак  ала, Бермудтәи ахҭысқәа зыхҟьо Метан агаз, рацәаӡаны аҽанеизнаго ауп ҳәа. Уи иҳанаҳәоит, иӡысо амаҭәарқәа рыӡсара алзыршо амч акырӡа ишагхо, уи ауп зегь зыхьҟьогьы. Иҟоуп даҽа теориакгьы, Атлантида иадҳәало. Алегенда ишаҳәо ала, иӡааҟәрылаз адгьыл Атлантида ҳәа изышьҭоу, анкьаӡа зны Атлантика аокеанаҿ Бермудтәи адгьылбжьахақәа рааигәа иҟан. Убри ауп аҕбақәа аӡаҿы рышьҭамҭа умбо хабарда изӡааҟәрылогьы. Ауаа агәра ргоит ари амистикатә қалақь Атлантида ҳәа изышьҭоу иахьа аокеан аҵан ишыҟо. Алегенда излаҳәо ала, Атлантида агәамч хыҵхырҭас иамоу амч дуӡӡа змоу акристаллқәа роуп. Дара убарҭ акресталлқәа ирыхҟьоит агәаҭагақәа русура ашьақәҟьарагьы. Аамҭа аицакра атеориа даара аларҵәара змоу акоуп, уи шьақәзырҕәҕәо афактқәа шыҟамгьы. Аамҭа аицакра атеориа адгылаҩцәа ргәаанагарала, аҕбақәа рацәаны рыбжьаӡра зыхҟьо аамҭаҿы аныҟәарақәа роуп. Бермудтәи ахкәакь аҿы идуӡӡоу аҧсҭҳәақәа атонел аформа змоу, избаз ауаа ргәаанагарала, уи аамҭақәа рахь узлабжьысуа гәашәқәоуп. Зхыҧхьаӡара рацәам скептикцәақәакгьы ргәаанагарала, арҭ акатастрофақәа зыхҟьо мистикам, уи аҕба рныҟәцаҩцәеи аҳаирплан зырҧыруа ирыгхоуп ҳәа иршьоит, уи адагьы аскептикцәа ргәы шаанаго ала, Бермудтәи ахкәакьк азааигәара даараӡа иеиҧшу адгьылбжьахақәа шьҭоуп. Урҭ роуп ауаа мҩахызҟьогьы ҳәа азгәарҭоит. Ари атеориа инақәыршәаны, Бермудтәи ахкәакьк аҿы имҩаҧысуа ахҭыс маӡақәа амш цәгьа иақәырҵоит. Атлантикатәи аокеан еицырдыруеит афарҭын бааҧси, аҧшатлакәқәеи амшцәгьақәеи рымҩаҧысрала. Аҧшатлакә бааҧсы ацәқәырҧ дуӡӡақәа шьҭнахуеит зоура 25 метра инаӡо. Уи инацлеит, иҕәҕәаӡо аӡеибафара лҵышьа змам аҭагылазаашьа ҟанаҵоит. Аокеан аҵаҟаӡа иҟоуп даҽа шәарҭаракгьы: араҟа иҟоуп Атлантикатә аокеан зегь раасҭа иҵаулаӡо Пуерто-Рико аиаҳәа, зыҵаулара ҧқҭџ метра инаӡо. Уи азоуп иӡааҟәрылаз аҕба, ма аҳаирплан хабарда ибжьаӡыз ҳәа изырҧхьаӡо. Атеориеи амифқәа рнаҩсгьы, Бермудтәи ахкәакь акәша-мыкәша ирацәоуп афактқәа еилкаашьак змам, урҭ ицәырыргоит азҵаара ҿыцқәа. Абар урҭ афактқәагьы: декабр 5 1945 шықәсазы Бермудтәи ахкәакь азааигәара ибжьаӡит абомба казыжьуа 5-ҳаирпланк, Еиду Америкатә Аштатқәа рымшынтә арбџьармчқәа иртәыз. Аҕбақәа убас еиҧш ибжьаӡит, рыҧҽыхақәа ма рышьҭамҭа ыҟамкәа џьара. Аҕбақәа рҟынтә апилотцәа аҵыхәтәантәи ррадио ацҳарқәа ишырҳәоз ала, агәаҭагақәа рыҧҽреи, аокеан аҭагылазаашьа ҷыдеи рзы адырра ҟарҵон. Аҵыхәтәантәи аҭаҩраҿы иуаҳауеит – «Аӡы шкәакәа алаҳара ҳаҿуп ҳәа». Ианар 30 1948 шықәса рзы, шьыжь шаанӡа «Стар Таигер», аҕба рныҟәцаҩ Макмилиан иааицҳаит адиспечер иахь Бермуд дахьыҟаз аҭыҧ азы. Иара ишьақәирҕәҕәеит аҕба амҩасраз зегь шыманшәало, аамҭагь ишақәшәо. Ари аҵыхәтәантәи аацҳаран, аҕба аҟынтә ироуз. 10-ҕбаки 30-ҳаирплани инареиҳаны аокеан аҿы ибжьаӡыз аҕба иашьҭан. Аҧшаарақәа лҵшәадахеит: аҕба ашьҭагьы аҧҽыхақәагьы ыҟамызт. 1951 шықәсазы аидарахьанҭа амҩангаҩ ҕба «Сандра» абжьаӡра хҭыс духеит. Аӡеибафара иахҟьаны аҕба хабарда ибжьаӡит. Еҳагьа иџьашьатәхеит адырҩаҽны уи  аҧшааразы амҩа иқәлаз аҕбагьы абжьаӡра. 1970 шықәсазы Маиами аҳаирбаҕәаза ааигәара ахбарсҭақәарҿы иакымкәа, иҩбамкәа аҳаирпланқәа каҳаит. Авикатастрофақәа зыхҟьаз амзыз рзымҧшааӡеит. Аҳаирпланқәа руак 100–ҩык апасаџьырцәа зҭаз 29  декабр 1972 шықәсазы хабарда ибжьаӡит. Акызаҵәык ауп еилкаау, аҵыхәтәантәи 7 – 8 секунд аҳаирплан убас иласны икаҳауан, агәаҭагақәа уи атәы анҵара иахьымӡаӡеит. Ас еиҧш акаҳара зырласыз, еилкаашьа рзамҭаӡеит. Аҵарауаа ргәаанагарала, ас еиҧш акаҳара аҳауа қәыҕәҕәара иахҟьоит ҳәа ирыҧхьаӡоит.    
Download