Ақәҿиара амаӡа

Ақәҿиара бзиа заурц зҭахыу ауаа даара ирацәаҩуп. Ақәҿиара урҭ рыҧсҭазаара зегьы шьақәнаргылоит. Ақәҿиара бзиа аиура ус егагьымариам, аха усҟакгьы иуадаҩым. Иамоузеи ақәҿиара бзиа маӡас? Ақәҿиара бзиа аиураз иҟаҵатәузеи?. Абри ашәҟәаҿы шәара шәаҧхьарц шәылшоит еицырдыруа ақәҿиара змоу ауаа рҭоурыхқәа, иара убас, ишәызцәырҵуа азҵаарақәагьы рҭакқәа шәоууеит.   Стив Џьобс Дазусҭадас Стив Џьобс. Стив Џьобс адунеи аҿы еицырдыруа акомпиутертә техника «APPLE» акомпаниа еиҿикааит. «APPLE»  акомпаниа Стив Џьобс дмиллиардерны дҟанаҵеит.   Стив Џьобс ихәыҷра Стив Џьобс диит Еиду Америкатәи Аштатқәа Сан-Франциско, 24 февраль 1955 шықәсазы. Стив Џьобс иан илыӡбеит, лыҷкәын ааӡара дрылҭарц, избанзар, лара дыстудентын, макьана дқәыҧшын, насгьы хаҵа дахьымцацыз азы. Стив Џьобс  ҭаацәарас иоуран иҟан еиҳау аиурист ҵара змаз аби ани. Стив Џьобс дзыхшаз иан илҭахын лыҷкәын ааӡара дызгараны иҟаз, иреиҳау аҵара рымазарц. Аха, ус изыҟамлеит избанзар, уи аиурист иҧшәма ҧҳәыси иареи, аӡҕаб лакәын ирааӡарц ирҭахыз. Убри аҟынтә, Стив даҽа аҭаацәара ҿыцк иоуит. Стив иан, иреиҳау аҵара  лымаӡамызт, иабгьы абжьаратә школгьы далымгацызт. Стив иан, дзааӡоз иҭаацәа лырқәит, ахәыҷы аколлеџь ахь аҵаразы дшырышьҭуа еиҳау аҵара иоурцаз.     «Аколлеџь Ридс» Стив 17 шықәса ихыҵит, иара «Аколлеџь Ридс» дҭалоит, аха уаҟа аҵара аиура ахә ҳаракын. Иҭаацәа уи аҟара рылшомызт аҟынтә, фымз рнаҩс, Стив иҵара аанижьуеит. Аха зегь акоуп Стив лассы-ласс интересс имаз алекциақәа дырзыӡырыҩҩуан. Стив  иҧсҭазаара мариамызт. Иҵарашықәсқәа рнаҩс игәалашәон, даныстудентыз ихатә уадаҵәҟьа шимамыз. Акрызлеифаҵәҟьоз аҧарагьы имамызт азы, лассы-ласс индиатәи ауахәамахь акрыфаразы дныҟәалон. Ауахәама аҟынӡа жәакьелометрак бжьан. Стив Џьобс есыҽны жәакилометрак дныҟәон.   Акаллиграфиазы акәырсқәа «Аколледж Ридс» аҟны акаллиграфиа аҵара хшыҩзышьҭра ду арҭон. Стив Џьобс акаллиграфиа акурсқәа рахь дныҟәон, иҧшӡаны аҩышьа иҵарцазы. Уаҟа иоуз акаллиграфиазы адыррақәа Стив Џьобс ихы иаирхәеит жәашықәса рнаҩс. Стив иколлегацәеи иареи иаҧырҵеит раҧхьатәи акомпиутер «Макинтош», уаҟа ахархәара роуит зегь раасҭа иҧшӡаз ашрифтқәа. Иахьа акомпиутерқәа зегьы даара ашрифт ҧшӡақәа рымоуп, уи Стив Џьобс ибзоуроуп.   Ацәыӡи абзиабареи Стив Џьобс ҩажәа шықәса анихыҵуаз уи иҩыза Стив Возниаки иареи иаҧырҵеит «FPPLE» акомпаниа. Урҭ ркомпаниа агараж аҿы еиҿкаан. Стиви Вози уахи-ҽни аус руан. Жәашықәса рнаҩс дара иҭрыжьуеит раҧхьатәи акомпиутер «Макинтош». Урҭ ркомпаниа даара иазҳаит, уажә уаҟа аус руан 4000 иреиҳаны аусзуцәа. Стиви Вози аусурахь даарыҧхьеит еиҵыҵыз акомпаниа еиҕьны напхгара азҭаша. Анапхгаҩ ҿыци Стиви зеиқәшаҳаҭымхеит аусураҿы. Адиректорцәа Рхеилак акомпаниа напхгара азҭоз, Стив идымгылаӡеит.  Стив, иара иаҧиҵаз акомпангиа далырцеит. Ҩажәижәаба шықәсазы Стив усурҭада дыҟан. «APPLE» даналырца Стив еиҿикааит еиҭах ҩ-компаниак «NeXT», «Pixar», «Pixar» - анимациатә студиоуп. Ари астудиа адунеи аҿы зегь раҧхьа иаҧнаҵеит инеиҵыхыу анимациатә фильм. «APPLE» акомпаниа иаанахуеит «NeXT» акомпаниа, Стив деиҭахынҳәит «APPLE» ашҟа. Убри аамҭазы Стив Џьобс бзиа дибеит, анаҩс иҧшәма ҧҳәысхаран иҟаз Лоренс. Уи ҧҳәысс дигоит, аҭаацәара бзиагьы аҧиҵоит.   Стив Џьобс иқәҿиара амаӡа Стив Џьобс ажурналист даниҿцәажәоз ус иҳәеит: «Дарбанызаалакь ақәҿиара змоу ауаҩы иус ҷыдала бзиа ибоит. Аус гәазыҳәарыла уазыҟазароуп, аус бзиа иумбозар, акымзарак улшаӡом. Ақәҿиарагьы уоуӡом. Аус абзиабареи, агәаҳәара дуӡӡеи аҭахуп ақәҿиара бзиа уоурц. Аха, убри инаҷыданы, иумазароуп иҕәҕәоу акоманда. Уи азы ауа бзианы ижәдыруазароуп, иаҧсоу аусзуцәа аусура ргаразы. Аус абзиабара, агәаҳәара ду, акоманда ҕәҕәа - абри ауп сара сықәҿиара! Абас иҳәон Стив Џьобс. Стив Џьобс иҧсҭазаара далҵит 2011 шықәса октиабр џ рзы, џқ шықәса дшырҭагылаз.   Бенџьамин Франклин Дазусҭадаз Бенџьамин Франклин? Бенџьамин Франклин Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы еицырдыруаз политик  дуӡӡан, ҳәынҭқарратә усзуҩын. Иара убас, уи дҵарауаҩын, даҧҵаҩын. Бенџьамин Франклин Еиду Америкатәи Аштатқәа аҧызҵаз, ашьаҭыркыҩцәа дыруаӡәкын. Бенџьамин Франклин ЕАА рреволиуциақәа рҿы илагала дуӡӡоуп. Франклин ЕАА рзы хадара змоу адокумент инапы аҵаиҩит – ЕАА  - Рхьыҧшымразы Адеклорациеи, ЕАА  Аконституциеи. Арҭ адокументқәа рыдкыларала, ЕАА ихьыҧшым ҳәынҭқаррахеит. Ари ҟалеит XVlll-тәи ашәышықәсазы. Бенџьамин Франклин, ЕАА аҧызҵаз дыруаӡәкуп. Арҭ аҳәынҭқаррақәа - зегь реиҳа амчра змоу аҳәынҭқаррақәа иреиуоуп. Бенџьамин Франклин, ақәҿиара бзиа аиураз узҿыҧшыша дреиуоуп. Иара «аҵарадырра бзиа змоу, аҵарауаҩ, аполитикцәа дыруаӡәкуп ҳәа аҭоурых аҿы дыршьоит».   Бенџьамин Франклин иҧсҭазаара аҧҟарақәа Бенџьамин Франклин ақәҿиара ду иоуит аҧсҭазаараҿ ихымҩаҧгашьала. Уи атәы Бенџьамин Франклин ишәҟәаҿы иҩуан 13 абзиаусрҿиара, ауаҩы иҟазшьа шьақәзыргыло: 1. Ауаҩҧсы иҽникылозароуп, мыцхәы имфароуп, мыцхәы имжәыроуп. 2. Мыцхә амцәажәара – ари абзиара ауроуп. Ауаҩы изы, хәарҭара зло, мамзаргьы, уара иухәо уалацәажәала. 3. Деиҿкаазароуп ауаҩы, амаҭәарқәа доусы рҭыҧ рымазароуп, аусқәа зегьы дара раамҭа рымазароуп. 4. Ауаҩы агәаҕьра имазароуп. Иҟауҵарц иуӡбаз ҟаҵатәуп, иуӡбаз хымҧада инагӡатәуп. 5. Ауаҩы аиҷаҳара илазароуп, аӡәы ихәо азы, ухы иахәо азы мацара ахарџь аҟаҵара. Баша акагьы анымхра. 6. Аусура бзиа абара, еснагь ауаҩы ихәаша аҟаҵара. Аамҭа баша анымхра: зда ҧсыхәа ыҟам аусқәа рынагӡара. 7. Амц амҳәара, ахәыцрақәа рыцқьара. 8. Аиаша адгылара. Ауаа ацәгьара рзымура. 9. Аҽынкылара. Дыхжәамзароуп. 10. Ауаҩы ацқьара илазароуп. Игәгьы цқьазароуп, быбыцк иқәимыршәроуп, ицәамаҭәа, иҩны цқьашәқьаӡа иҟазароуп. 11. Ауаҩы – дуаҩҭынчзароуп. Амаҷ азы игәы ҧиимжәозароуп, акагь злам хьаас имкыроуп. 12. Ауаҩы дуҩыцқьазароуп, игәы-иҧсы цқьазароуп. 13. Ауаҩы дыҧхашьаҩызароуп. Бенџьамин Франклин ихаҭа арҭ аҧҟарақәа дрықәныҟәон. Уи ибиографиатә ашәҟәы иануп иара иҧсҭазаара зегьы аиҿкаашьа атәы Есышьыжь Бенџьамин ихы дазҵаауан: «Иарбан ус бзиоу иахьа иҟасҵаша?» ҳәа. Иара асааҭ хәба рзы дҿыхон, иҽеиҿкааны аусура далагон. Асааҭ қ рзы Бенџьамин Франклин иусура далгон, анаҩс х-сааҭк интересс имаз аусқәа рыла аицәажәарақәа мҩаҧигон. Ахәылбыҽха, Бенџьамин Франклин ихы дазҵаауан: «Иҟасҵеи иахьа бзиарас?» Нас, асааҭ жәаба рзы дыцәарц дышьҭалон.   Бенџьамин Франклин иабжьгарақәа Ақәҿиараз иҟаҵатәузеи? Бенџьамин Франклин жәиҧшь урок ҳаиҭоит: 1. Ишәҳәо аҵкыс, ижәуа еиҳаз. 2. Иахьа иҟашәҵаша, уаҵәахьы ииашәымган. 3. Аус анагӡара еснагь шәазхиаз. 4. Аҽыҧсахрақәа шәыдышәкыла. 5. Адунеи шьақәгылоуп х-типк ауаа рыла: акагь ҟазымҵо ауаа, аусура иазхио ауаа, ак ҟазҵо ауаа. Акы ҟазҵо ауаа шәреиуаз. 6. Баша шәымч нышәымхын. 7. Агха аҟаҵара шәацәымшәан, урҭ рыда ҧсыхәа ыҟаӡам. Урҭ рырҽеира шәазхәыцла. 8. Шәааҟәымҵӡакәа шәхы аус адыжәулала. Шәыграқәа шәыриааила. 9. Аџьабаа жәбала, ақәҿиарақәа шәоууеит. 10. Шәхы ҭышәҵаала. 11. Шәхы шәымжьалан. 12. Шәхьамҵын, шәықәҧала, ақәҧареи агәамчи рыла шәыгәҭакқәа зегьы нашәыгӡар шәылшоит. 13. Шәҟәыҕаз.  
Download