Адунеитә динхаҵарақәа
Аиудаизм – ажәытәӡатәи адинхаҵарақәа ируакуп. Уи цәырҵит 3500 – 4000 шықәса раҧхьа Мрагыларааигәатәи Палестина. Аиудаизм ныҟәызго еиҳарак ауриацәа роуп. Аиудеицәа Иаӡәыку Анцәа игәра ргоит. Ишдыру еиҧш аиудаизм ауп раҧхьаӡа акәны Иаӡәыку Анцәа ихаҵара алазгалаз. Авраами Моисеии Иудаизм ашьа-ҭаркҩыс дыҧхьа-ӡоуп Авраам. Уи 175 шықәса ни-ҵит. Аиудаизм ауасхыр азыш-ьҭазҵаз Моисеи иоуп. Моисеи ау-риа жәлар Мыс-ратәи ахәура иҭи-геит, атәра аҟынтә рхы иақәиҭитәит. Иҧшьоу ашәҟәы Ауриацәа иҧшьоу шәыҟәқәаны ирыҧхьаӡоит Тореи Талмуди. Тора ауриацәа рзы аҵак ҷыда амоуп. Уи ауриацәа рҭоурыхи, рыҧсҭазаара шышь-ақәдыргылашьа аҧҟарақәеи ртәы аҳәоит. Тора напыла (унапы акгьы ахамкәа) иукыр ҟалом, иамоу амҿтәы маақәа рыла иукыроуп. Ф-хықәцәак змоу аеҵәа Ари аҳ Давид иеҵәоуп. Аҳ Давид алираҿы дыхәмаруан, ашәақәагьы аҧиҵон. Давид зынӡа данқәыҧшыз адауы диабашьын дииааит. Израиль абираҟ иануп Давид иеҵәа асахьа. Давид иеҵәа ауриацәа ирсимволны иҟалеит. Ишдыру еиҧш, анацистцәа ф-хықәцәак змоу аеҵәа асахьа ауриацәа мчыла раҧхьа иаҭаны аныҟәгара рыдырҵон. Акрызҵазкуа аныҳәақәа Амшаҧы Аиудеицәа рзы Амшаҧы ныҳәа дууп. Амшаҧы зықәшәо арыцхә есышықәса аҽеиҭанакуеит. Уи ақәшәар ауеит март аҽеиҩшамҭа инаркны апрель аҽеиҩшамҭанӡа. Амшаҧы иаанагоз ауриацәа Мсра иҭыҵны рцара акәын. Моисеи ауриацәа Мысра изҭашәаны иҟаз атәра аҟынтә рхы иақәиҭитәит. Амшаҧы аҭоурых Ауриа жәлар Мсра тәцәас иҟан акыр шықәса. Моисеи Анцәа иҳәахьала ауриацәа рхы иақәиҭитәит, ахәура иҭигеит уи ус ишымариамызгьы. Мысра аҳәынҭқар Афараон ауриа жәлар ргәаҳәара анагӡара даҿагылеит. Убри азы Анцәа ҕәҕәала иахьирхәит Мысраа, жәа-рыцҳара дук иақәиршәеит. Зегьы иреицәаз рыцҳарахеит Мысра ауаҩы инаиркны арахә рҟынӡа раҧхьа ирыхшаз рхәыҷқәа ааха ҕәҕәа риҭеит, аҧхьаирақәа зегьы рымпыҵҧсааит. Ауриа жәлар рхәыҷқәа дырҧырхагамхеит. Анцәа ишрыдиҵаз ала, ахәыҷқәа змаз ауриацәа ахьынхоз рышәқәа зегь асар ҧшқақәа ршьа ахьшьны иҟарҵеит. Мысраа рхәыҷқәа ҭахеит, ауриацәа рхәыҷқәа рымацара акгьы рмыхьит. Убри ашьҭахь ауп Афараон ауриа жәлар Мысра иалҵны ацара азин анриҭаз. Иандәықәлашаз ауха рымаҭәақәа ҿаҳәаны, арчыга змамыз амажәа кәаҳаны ача рӡит. Уи мацу ахьӡын. Амшаҧы аныҳәа ауриа жәлар зегьы рзы ахаан ирхамышҭуа мшны иҟалеит. Рхәыҷқәа анеиқәхаз, ауриа жәлар рхы ианақәиҭхаз иамшны. Амшаҧы аныҳәа ауриацәа ишымҩаҧырго Амшаҧ ныҳәа ааиаанӡа хәымш шыбжьоу иудеиаа рҭаацәарақәа ҧсаҭатәыс иршьыша асыс ҧшқа алырхуеит. Уи Анцәа изы ҧсаҭатәны иҧхьаӡоуп, ауриацәа Мысра иҭыҵны ианцоз рышәқәа ирхьыршьыз асарақәа ршьа ахьӡалоуп аҧсаҭатәгьы зыҟарҵо. Иршьыз асыс ажьы рфоит адырҩаҽны. Иара убасгьы арчыга змам ача – мацу рӡуеит, Мысра ианҭыҵыз, рхы ианақәиҭхаз амш ахьӡала. Ақьырсианра Алагалажәа Ақьырсианрагьы ахьцәырҵыз Израиль ауп. 312 шықәсазы Византиатәи аимператор Константин ақьырсианра ҳәынҭқарратә динхаҵараны ирылеиҳәеит. Убри аамышьҭахь ауп еиҳарак ақьырсианра иаразнак ианрылаҵәаз. Ақьырсиан динхаҵара ныҟәыргоит 2-миллионҩык инареиҳаны адунеи ауааҧсыра. Ақьырсианра шьаҭас иамоу Иаса Қьырса ауаажәлар ирылаирҵәоз Анцәа иҟынтәи иоуыз адыррақәа роуп, ауаа идирҵоз аҧҟаррақәа. Уи диит 20 шәышықәса раҧхьа Израиль, Вифлеем ақалақь аҿы. Ақьырсианқәа рдин излаҳәо ала Иаса Қьырса Анцәа иҧа иоуп. Уи 33 шықәса анихыҵуаз аурымқәа аџьар аҿы дкыдырҵеит. Абиблиа иаҳәоит, Иаса Қьырса данкыдырҵа ашьҭахь хымш ааҵуаны иҧсы ҭалеит, аҧсцәа рахьтә дгылеит ҳәа. Иҧшьоу ашәҟәы Ақьырсианцәа рзы иҧшьоу шәҟәуп Абиблиа. Абиблиа шьақәгылоуп ҩ-хәҭак рыла: Ажәытә Уасиаҭи Ауасиаҭ ҿыци. Ауасиаҭ ҿыц, мамзаргьы Аевангелие аҟны Иаса Қьырса иҧсҭазаареи, иара иҟаиҵоз аџьашьахәқәеи, ауаа ирызнеигоз адыррақәеи ртәы аҳәоит. Қьырса иҧсҭазаараҩыра шьақәдыргылеит ҧшьҩык апостолцәа (иара иҵаҩцәа): Марк, Матфеи, Лука, Иоан. Анцәахаҵара Ақьырсианцәа игәра ргоит, дыҟоуп ҳәагьы рыҧхьаӡоит Иаӡәыку Анцәа, аха уи имоуп х-хаҿык: Анцәа Аб, Анцәа Аҧа, Анцәа Аҧсыцқьа. Аиашахаҵареи Акатолицизми Адунеи аҿы ақьырсианра анрылаҵәа, Иаса Қьырса имаҵ шулатәу азы ауаа дара-дара рыбжьара аимакқәа цәырҵуа иалагеит. 1054 шықәса рзы аимак ду анрыбжьала анаҩсан Ақьырсиан Уахәама аҽеиҩнашеит мрагыларахьтәи Аиашахаҵаратә Уахәамеи, мраҭашәаратәи Римтәи-Акотоликатә Уахәамеи ҳәа. Аиашахаҵара Аиашахаҵара иаанаго «ииашаны Анцәа ихьӡ аҳәара, ихьӡ аҭгара» ауп. Иара аканонқәа шьаҭас ирымоу Адунеизегьтәи быжь-ныхабаак рықәҵарақәа разхаҵареи рықәныҟәареи роуп. Аиашахаҵаҩцәа ргәы ишаанаго ала, дара роуп Иаса Қьырса ириҭаз адыррақәа мҧсахкәа иахьа уажәраанӡагьы иныҟәызго. Қьырса иҵаҩцәа, апостолцәа аханатә ишыҟарҵалоз еиҧшҵәҟьа, Анцәа ихьӡ ҭызго аиашахаҵаҩцәа, аҧшьаҩцәа имҩаҧырго ауахәаматә маҵзурақәеи анцәаиҳәарақәеи рхаладырхәуеит. Аиашахаҵаратә ныхабааҿы зегьы иреиҳау аҧшьаҩы исан змоу Апатриах иоуп. Акатолицизм Акатоликатә уахәамаҿы зегьы ирхадоу Папа иоуп. Акатоликцәа Папа Апостол Пиотр дихылҵышьҭроуп ҳәа дрыҧхьаӡоит. 1870 шықәсазы, актәи Ватикантәи аизара ду ашьҭахь, Папа Римтәи анцәахаҵара азҵаарақәа рганахьала «гәнаҳа змами», «гха змыхьуеи» аӡә иакәны ирыларҳәеит. Акатоликцәа ауахәамаҿы еизоит амҽышатәи амесса иазыӡырҩырц. Амесса иацуп аорҕантә музыкагьы. Амесса мҩаҧигоит Апастор. Анкьа Акатоликцәа руахәамақәа рҿы амесса латин бызшәала акәын ишымҩаҧыргоз, аха 1962-1965 шш. рзы ll Ватикантәи адунеизегьтәи аизараҿы азин рырҭеит амесса амилаҭ бызшәақәа рыла амҩаҧгара. Қьырса Алагалажәа Қьырса иира амшныҳәа ақьырсианцәа зегьы рзы даара акрызҵазкуа ныҳәоуп. Ака-толикцәа Қьырса иирамш иаҧылоит ҧхынҷкәын 25 рзы, аиашахаҵаҩцәа – ажьырныҳәа 7 рзы. Қьырса иира аҭоурых Иаса Қьырса - ауаатәыҩса Рыҧсҿыхҩы, Ацқьа Мариа, Иосиф иҳәаны изтәаз, длыхшеит. Иҧшьоу Аҭыҧҳа Мариа дылҭааит амаалықь, иагьлеиҳәеит лара длоураны дшыҟоу адунеи Аиқәырхаҩ, ауаатәыҩса Рыҧсҿыхҩы. Усҟан Израиль Римтәи аимпериа анапаҵаҟа иҟан. Убри аамҭазы уаҟа ауааҧсыра рҭаҩра мҩаҧысуан. Анцәа лыҧха зиҭаз аҭыҧҳа Мариеи ацқьа Иосифи, Давид ихылҵшьҭраны иҧхьаӡаз, ашәҟәы аҽҭаҩразы Вифлеемҟа ицар акәын, избанзар аҳ Давид Вифлеемтәын. Вифлеем ианнеи убриаҟара ажәлар рацәан, асасааирҭаҿы аҭыҧ рмоуӡеит. Ажәытә арахә ахьҭарцалоз аҳаҧаҿы иҧхьар акәхеит. Абраҟоуп дахьизгьы Иаса Қьырса. Аҧшқа дырбарц иааит Мрагыларатәи аныхаҧааҩцәа - адырыҩцәа, аҳамҭақәа рыманы. Қьырса аныҳәа амҩаҧгара. Ақьырсианцәа даара иацклаҧшны рҽазыҟарҵоит Қьырса аныҳәа аҧылара. Аҧсаӡи Санта-Клауси - Ашықәс ҿыци Қьырсеи ирсимволуп. Ауахәамақәа рҿы қьырсатәи амаҵзурақәеи амессақәеи мҩаҧыргоит. Аислам Алагалажәа Ақьырсианра аамышьҭахь, адгылаҩцәа рхыҧхьаӡарала, аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит аҧсылманра. Аислам ныҟәыргоит миллиардҩык инареиҳаны ауаа. Урҭ аҧсылманцәа ҳәа ирышьҭоуп. Аҧсылманцәа рынцәахаҵара Аҧсылманцәа игәра ргоит Иаӡәыку Анцәа – Аллаҳ. Аллаҳ иажәа Муҳаммед имеидеит. Убри аҟынтә Муҳаммед Аллаҳ Иҧааимбар иоуп ҳәа дыҧхьаӡоуп. Аисламтә динхаҵараҿы Муҳаммед исахьа аҭыхра азин ыҟам. Муҳаммед Муҳаммед диит Аравиатәи адгьылбжьаха иаҵанакуа Мекка ақалақь аҿы. Аллаҳ иажәа рылазырҵәоз аӡә иакәын. Муҳаммед дыркырц, дагьҭадырхарц ишьҭалеит. Усҟан иара иҽиҵәахит Медина ақалақь аҿы. Аҧсылманцәа рзы Меккеи Мединеи иҧшьоу қалақьқәоуп. Муҳаммед ауаа ирызнеигоз Аллаҳ Иажәа динхаҵарак аҳасабала ирылаҵәеит иара данҧсы ашьҭахь шәышықәса ааҵуаны. Аҟәырҟан Аҟәырҟан аҧсылманцәа рзы иҧшьоу шәҟәуп. Ари ашәҟәы иҩит Муҳаммед араб бызшәала, Меккеи Мединеи даныҟаз. Ашәҟәы шьақәгылоуп 114 сура рыла. Аҟәырҟан аҧсылманцәа зықәныҟәалаша аҧсҭазааратә ҧҟарақәа ануп. Аҟәырҟан ауп иҧшьоу ашәҟәқәа зегь рахьтә Vll–ашә инаркны иахьа уажәраанӡа аиҭакрақәа зларымгалац. Амулла Аҧсылманцәа рҟны Амулла Аллаҳ димаҵзуҩуп. Амш иалагӡаны Амулла хәынтә Аллаҳ иашьапкрахьы аҧсылманцәа дрыҧхьоит. Амулла абжьы ҕәҕәа ихазароуп, ауаа зегьы ибжьы раҳарц азы. Аллаҳ иашьапкраан Амулла ихы ирхоит адунеи аҧшьганк рахь. Аислам зықәгыло хә-гәашьак Аислам зықәгыло хә-гәашьак, даҽакала иуҳәозар, аҧсылманцәа рыҧсҭазаара злашьақәгыло хә-закәанк аҧсылманцәа рзы ихадароу ҳәа иҧхьаӡоуп. Уи 1. Аллаҳи Муҳаммеди рхаҵара; 2. Есыҽны Аллаҳ имҵаныҳәара; 3. Агәыҳалалра аарҧшра; 4. Рамадан аамҭаз аҿбаара аҵалара; 5. Меккаҟа ҳаџьра ацара. Аџьаама Аџьаама Аллаҳ имҵаныҳәарҭа ҭыҧуп. Ари араб ажәоуп, иаанаго «амҵаныҳәарҭа ҭыҧ»ауп. Раҧхьаӡатәи аџьаама иргылеит Муҳаммед Медина ақалақь аҿы. Ҳаџь Алагалажәа Ҳаџь – иаанаго аҧсылманцәа иҧшьоу ақалақь Мекка раҭаароуп. Ари ныҳәа дууп. Аллаҳ дхазҵо аҧсылманцәа рзы уалҧшьан иҧхьаӡоуп рыҧсы ахьынӡаҭоу знык иадамхаргьы Мекка аҭаара. Ҳаџь аныҳәа аҧылара Ҳаџь аныҳәа аритуал, Абиблиаҿ зыӡбахә ҳәоу Авраам иҟынтә ауп иахьынтәаауа. Есышықәса Мекка инеиуеит ҩ-миллионҩык инареиҳаны Аллаҳ имҵаныҳәаҩцәа. Ҳаџь – Аллаҳ иҳәатәхаҵара аарҧшроуп изызку, убри аҟынтә зегьы еиҧшны еилаҳәоуп. Ҳаџь азгәарҭоит зны аҧхын, зны – аӡын. Аҧсылман Қьааба бжьынтә дахыкәшароуп. Нас зегьы еизаны Арафат ашьха аҿаҧхьа ишьҭоу адәаҿы Аллаҳ иашьапкуеит.
Download