Рим

Рим   Алагалажәа Ижәдыруама шәара Италиа аҳҭнықалақь ахьӡ. Ииашоуп, уи Рим ауп. Рим атуристцәа бзиа ирбо қалақьуп. Рим зны «Наунагӡатәи ақалақь», зны «Иҧшьоу ақалақь», мамзаргьы «Ауаатәыҩса рҭоурых асимвол» ҳәа азырҳәоит. Рим даара қалақь ҧшӡоуп. Иара даара идууп, иагьжәытәӡатәиуп. Рим ақалақьқәа зегьы иреиҳабу қалақьуп уҳәар ауеит. Уи ргылан ҳера ҟалаанӡа ҵџҷ шықәсазы. Рим адунеи зегь аҿы еицырдыруеит иара аҭоурыхи, акультуреи, аҭыҧ ҧшӡақәеи рыла. Уи зегь реиҳа иҧшӡоу ақалақьқәа рсиа иалоуп. Рим ақалақь-музеи ҳәагьы азырҳәоит. Шықәсык аҩныҵҟала уи иаҭаауеит :-миллионҩык атуристцәа.   Рим шыҟалаз аҭоурых Ирацәоуп Рим шыҟалаз атәы зҳәо алегендақәа. Руак ишаҳәо ала, Рим ақалақь аргылара зыбзоуроу еициз аишьцәа Ромули Румуси роуп. Еициз аишьцәа акалаҭ иҭартәаны абнаҿ иаанижьит раб иашьа. Уи амчра инапаҿы иааган аҳра дахагылар иҭахын. Иҧырхагаз ҳәа ииҧхьаӡоз абарҭ еициз аҧшқацәа – иашьеиҧацәа ракәын. Урҭ абшьҭрала аҳра знапаҿы иҟалоз ҷкәынцәан. Раб иашьа абас гәымбылџьбарала иқәигарц иӡбеит. Абна аҵыхәан урҭ абга иабеит. Иара  ахәыҷқәа амфаӡеит, уи акәым кыкахшылагьы иааӡон. Абгеи аҵларкәыкәи еицхырааны ахәыҷқәа рбон. Аамҭа акыр цахьан еиҧш еициз аишьцәа ибеит ахьча. Аҩныҟагьы иманы дцеит. Ахьча иҧҳәыси иареи акыраамҭа арҭ ахәыҷқәа гәцаракны иныҟәыргон. Нас урҭ рааӡара иацхрааз егьырҭ ауаагьы ҟалеит. Урҭ аҳас иҟаз еициз рабиашьа аҳра шныҟәигоз ргәаҧхомызт. Зхала аҳас зхы ҟазҵаз ауаҩы даара злеишәа цәгьаз, иашарала имныҟәоз аӡә иакәын. Аҷкәынцәа уаа ҧшӡақәаны, уаа ҕәҕәақәаны, уааҟәышқәаны ирызҳаит. Еиҳарак далукаауан аишьцәа руаӡә – Ромул. Урҭ ажәлар реидкылара рылшеит. Раб иашьа иабашьын ииааит. Ақалақь ҿыц дыргыларцгьы рыӡбеит. Абасала иргылан Рим ақалақь. Уи  аргылараан аишьцәа ирызцәырҵит аимакқәа. Ирыбжьалаз аиҕара иабзоураны Ромул дишьит иашьа Румус. Рим даара ирласны иазҳауан, аҽарҭбаауан. Раҧхьа уи Римтәи аҳра аҳҭнықалақьс иаман, нас Римтәи ареспублика. Аҵыхәтәан Аимпериа ду иацентрны иҟалеит. Рим Адунеи Аҳҭнықалақь ҳәа иашьҭоуп.   Рим аблахкыгарҭақәа Бзиа изырбои атуристцәа Рим?Араҟа иарбан ргыларазаалакгьы иара  ахатә ҭоурых амоуп. Араҟа иарбан қьырмытзаалакгьы, иарбан ҳаҳәызаалакгьы ирымоуп акультуратә ҵакы. Рим иуҧыло аџьашьахәқәа раҧхьа игылоуп Ватикан. Ватикан – Рим аҩныҵҟа иҟоу ҳәынҭқарроуп. Ватикан адунеи аҿы зегьы иреиҵоу ҳәынҭқарроуп. Араҟа инхоит ҧҭҭ-ҩык инарзынаҧшуа ауааҧсыра. Ватикан иҟоуп Римтәи Папа ирезиденциа. Ватикан – ақьырсианцәа - акатоликцәа репархиа хада ауп. Иҧшьоу Пиотр  Иныхабаа – Рим гәадурас иамоуп. Уи Ватикан ауп иахьыҟоу. Иара ашәагаа заҟарои, ҵакыс иамоу рыла Ватикан аныхабаақәа зегь раҧхьа игылоуп. Аныхабаа аҳаракыра ?ҷҭ  метра инаӡоит. Уи аҩныҵҟа иҟам афрескақәеи аныхачаҧақәеи. Ара аҭӡамцқәеи аҭуани ырҧшӡоуп мозаикала. Иҧшьоу Пиотр иныхабаа ду иакуеит қҭҭҭ-ҩык ауаа. Иара ахыб кәымпыл аҩныҵҟа иану зегьы аҧҵаҩ дуӡӡа Микеланџьело иҭыхымҭоуп. Атуристцәа Рим ианнеилак, хымҧада, иаҭаауеит Колизеи. Колизеи ижәытәӡоу ргыламҭоуп. Уи дыргылеит ҳера ҟалаанӡа ҧҭ-тәи ашықәсазы. Колизеи дуӡӡоуп, уи иҭаӡоит қҭ.ҭҭҭ – ҩык ауаа. Ауаа тәон ихыгьежьаау арена иаакәыршаны. Уаҟа агладиаторцәа еиҿагыланы реибашьра иахәаҧшуан. Ажәытә Рим агладиаторцәа аибашьцәа ҳәа ирышьҭан. Агладиаторцәа дара-дара, мамзаргьы ашәарахқәеи дареи еиқәҧон, иара убриала ахәаҧшцәа ргәы дырҿыхон.         Рим иҟоуп ирацәаӡаны егьырҭ аблахкыгарҭа ҭыҧқәагьы. Урҭ атуристцәа еиҳараӡак изҭаауа роуп. Римтәи афорум, Нерон «Ихьтәы ҩны», Апантеон, Траиан агәашьақәа, Траиан аџьармықьа, Ацирк ду Максимус, Август имавзолеи, Константин итриумфалтә арка, Апирамида Цестиа – арҭ, хымҧада, збара аҭаху ҭыҧқәоуп. Аныҟәара уанарааҧсалак, унаҭәароуп Аӡыршә Треви азааигәара. Алегенда  ишаҳәо ала, ари аӡыршә аҧараҿырпы ҭазыршәыз атурист, даҽазныкгьы Римҟа дхынҳәуеит. Есыҽны афонтан (аӡыршә) иҭарыҧсон ҷ.ҭҭҭ евро рҟынӡа аҧараҿырпы. Рим знык инеиз, уахь ахынҳәра еснагь игәазыҳәоит. Рим – агәаҳәарақәа зегь ахьынаӡо ҭыҧуп ҳәа ирыҧхьаӡоит.   Рим абылра Алегендақәа руак иаҳәоит Рим амца шакыз атәы. Ари ҟалеит қ: шықәсазы. Рим аҧсҭазаара ҿианы, еизҳазыҕьаны иахьыҟаз қалақь дуун. Усҟан Рим абиблиотекақәеи, агалереиақәеи, аџьармыкьақәеи рацәан. Араҟа имҩаҧысуан агладиаторцәа реиқәҧарақәеи, ацирк ақәгыларақәеи. Амал змаз ауаа рыҩнқәеи аҕарцәа рыҩнқәеи еиҧшымызт. Аҕарцәа амҿтәы ҩынқәа рызгылан. Ҧхынгәы ?) рзы Рим даара ишоуран. Ашоура ҕәҕәеи аарҩареи роуп амцакра зыхҟьазгьы. Амца ахьакыз раҧхьа аџьармыкьаҿоуп, нас ииасит астадион ахь. Рацәак мырҵыкәа ақалақь зегьы амца иамҽханакит. Ақалақьуааи амцарцәаҩцәеи ) мшы амца иаҿагылан иқәҧон. Аӡәырҩы рыҩнқәеи рынхарҭақәеи амца иналаблы ицеит. Иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара уаҩы издыруам.        Алегенда ишаҳәо ала абылра еиҿызкааз Аимператор Нерон иоуп. Ирҳәоит уи ажәытә ҩынқәа рҭыҧан аҩын ҿыцқәа иргылар иҭахын ҳәа. Рим ҿыцҳаҳараӡа изыҟаҵазтгьы Аимператор дызлаҽхәоз иоуан. Аҩбатәи алегенда излаҳәо ала, Нерон апоема иҩыр иҭахын. Иреиҕьу ҳәа иҧхьаӡаз ауаа дреиҕьхарц. Амца қьоуқьад иалабылуаз Рим иара агәаҳәара ду инаҭап, аҩрагьы игәанарҧхап ҳәа игәы иаанагон. Убри аҟынтә Рим рыблырц рыдиҵеит. Аиаиша уҳәозар, инагӡаны аӡәгьы издыруам амцакра зыхҟьаз. Аха ирҳәоит усҟан иҟалаз абылра ду ауаа еиднакылеит ҳәа.  
Download