Лондон

Лондон   Иҟалап, Лондон аӡбахә шәара зегьы ишәаҳахьазар. Иҟалап, шәара зегьы ишәаҳахьазар Англиа аҳҭнықалақь аӡбахә. Ишәдыруазар акәхап, Лондон Англиа мацара акәӡам изаҳҭнықалақьу, уи Еиду Великобританиа Акраалреи, Нхыҵ Ирландиеи ираҳҭнықалақьуп. Интересуп Лондон аҟалашьа аҭоурых. Ари адунеиаҿ зегь раҵкыс ижәытәӡатәиу ақалақьқәа ируакуп, ҳалагап аханатә. Ҳара ишәзеиҭаҳҳәоит Лондон аҟалара аҭоурых. Ишәзеиҭаҳҳәоит аинтерес зҵоу афактқәа Лондон иадҳәалоу. Ишәҳардыруеит иблахкыгоу аҭыҧқәа. (Иалкаау аҭыҧ ҧшӡарақәа). Иҟалап, шәара уи аинтересс шәоузар. Ус акәзар, ҳалагап Лондонтәи аныҟәарақәа. Лондон шыҟалаз аҭоурых Лондон ақалақь аурымқәа ашьаҭа шьҭарҵеит (ишьақәдыргылеит). Аурымқәа рыр Кентынтә Колчестер иалалеит. Колчестер, усҟантәи аамҭазы иқалақь дуун. Амҩан, аурымқәа Темза аӡиас аҿы иааҭгылеит. Ари аӡиас иуадаҩын арра. Ар рхада ирыдырҵеит ацҳа ҟарҵарцы. Аурымқәа Темза ацҳа хырҵеит, уажәы убрааҵәҟьа Лондон ыҟоупШәара ижәдыруазар акәхап, Лондон Темза ишыӡхгылоу. Ацҳа аргылара ар ирыцхрааит реиҭаҵараҿы. Ус лассы, араҟа аурымқәа анхара иалагеит, аҭыҧгьы Лондониум ахьӡырҵеит. Лондон иазкыу интересу афактқәа Иудыруама уара, Лондон адунеи ақалақь ҳәа ишашьҭоу? Иудыруама уара, Лондон ҩажәиактәи ашәышықәса аҭынчра аҳҭнықалақь ҳәа ишашьҭоу? Иуаҳахьазар акәхап, Лондон иадҳәалоу интересу аҭоурыхқәа … Иудыруазма уара, Лондон адунеи аҿы шәагаала ажәабатәи аҭыҧ шааннакыло, Евроаидгылаҿы актәи? Иџьоушьар ҟалап, Лондон тәылазтгьы, уи ауааҧсыра рыла Европа аабатәи аҭыҧ шааннакыло … Иудыруама, Лондон шышьақәгыло ҩ-хәҭак рыла: Лондонтәи сити, Лондон Весминистрра ала. Лондон сити абанкқәа еиҳа ирацәоуп. Лондон Аминистррақәа зегьы рхан, (Весминистрра ахан) апарламенти, аиҳабыреи иртәу аргыларақәа ишреиҳау. Иудыруама уара, Лондон хынтә Олимпиатәи ахәмаррақәа шымҩаҧыргахьоу? Раҧхьаӡакәны Аолимпида мҩаҧган 1908 шықәсазы. Аҩынтәраан, Аолимпиада Лондон 1948 шықәса азы иҟан. Иудыруама уара, ахынтәраан, Аолимпиада Лондон 2012 шықәсазы ишымҩаҧгаз. Иудыруазар ҟалап, адунеи аҿ зегь реиҳа Лондон ишаҭаауа ирацәаҩны аҳәаанырцәынтәи асасцәа. Лондон 270 бызшәақәа рыла ауаа цәажәоит. Аригьы адунеитә рекордуп. Иҟалап уара иузымдыруазар, 2012 шықәсазы, атуристцәа Лондон зегь реиҳа адунеиаҿ ауаа здызыҧхьало қалақьуп ҳәа шазырҳәоз. Иузымдыруазар ҟалап, зыхә ҳараку ақалақьқәа Токио, Москвеи рнаҩыс, Лондон ахҧатәи аҭыҧ шаннакыло. Иџьоушьар ҟалап, Лондон аметро хә-станциак абарқәа рыхьӡ ахьахыу. Иудыруазма уара, Лондонтәи аметро зегь реиҳа ишжәытәтәиу адунеиаҿ. Иудыруама уара, аметро астанциақәа аексколаторқәа руак зегь реиҳа ишауу адунеиаҿ? Ари аексколатор 318 мардуан амоуп. Иудыруазар ҟалап, апарламент ахан (Весминистрра ахан) Аминистррақәа зегьы рхан шахьӡу. Иудыруама уара, ари аханаҿ 1100 уада шыҟоу? Уи адагьы, ара шә-мардуанк еиҳаны ишыҟоу, уи аура ишьақәнаргылоит хә-километрак. Иџьоу-шьар ҟалап, уи аханаҿ зежә бари, аресторани шыҟоу. Лондон асасааирҭақәа (аблахкыгарҭақәа) Букингемтәи ахан Лондон асасааирҭақәа ируакуп Букингемтәи ахан. Уи англиатәи акраал иҧҳәыс лофициалтә резиденциақәа иреиуоуп. Букингемтәи ахан Џьон Шеффилд, агерцог Букингемтәи иргылеит. Раҧхьаӡа уи Букингемаа Рыҩныҳәа иахьӡын, анаҩс агерцог лондонтәи иҩнеиҧш иргылеит. Акраал, Џорџь Ахҧатәи, Букингемтәи Аҩны акраалҧҳәыс Шарлотта лзы иааихәеит, нас уи акраалҧҳәыс Лыҩныҳәа иахьӡхеит. Букингемтәи аҩны, Букингемтәи ахан акәхеит, акраалҧҳәыс Викториа лзы 1820 шықәса азы. Биг Бен Шәара зегьы ижәдыруазар акәхап Биг Бен. Иара апарламент ахан мрагыларахь иҟоуп. Лассы-ласс Биг Бен асааҭ иахьӡыз џьыршьоит. Биг Бен ҳәа иашьҭоуп асаркьал бжьы асааҭ иҭыҩҩуа. Уи аамҭазы уи, адунеиаҿ зегьы иреиҳаз асааҭ акәын. Асааҭ иакапануеит 13,5 тонна. Иҟоуп аверсиақәа ҩба Биг Бен шыҟалаз ала. Руакы ишаҳәо ала, Биг Бен ҳәа ахьӡ аиуит, уи аргылара анапхгаҩы Бенжамен (Бен) Холл ихьӡ азы. Даҽа версиак ала, уи ахьӡ еицырдыруа ачемпион, абаксиор Бен Каунти ихьӡ иахылҵит ҳәа ирыҧхьаӡоит. Лондон иҟоу Тауертәи ацҳа Лондон иҟоу Тауертәи ацҳа лыргылеит акраалҧҳәыс Викториа 1894 шықәса азы, уи анаҩс Лондон иасимволхеит, Париж азы Ефель ибааш еиҧш. Ацҳа ааҟарҵазар, шәынтә ишьҭырххьеит, аҕбақәа Темза иалсырц. Ацҳа ақәныҟәара ауааҧсыра азин роууит 1982 шықәсазы. Ус иаарласны, уи ацҳа аныҳәақәеи, адкыларақәеи, ацәыргақәҵақәеи ахьымҩаҧырго ҭыҧхеит. Лондонтәи Тауер Лондонтәи Тауер аргылара иалагеит акраал Вильгельм Ампыҵахалаҩ ихаан Темза аҧшаҳәаҿы. Раҧхьа уи абааш акәша-мыкәша ажра аӡы ҭаны иҟан. А-19-тәи ашәышықәсазы уи анышә ҭарыҧсеит. Еиуеиҧшым ашәышықәсақәа раан, уи еиуеиҧшым афункциақәа нанагӡон. Раҧхьа уи баашын, анаҩс, уи акраал ирезиденциахеит, бахҭахеит, изоопаркхеит. Тауер аҳәынҭқарра ахазына акәын, анаҩс уи ҧаратә ханхеит, уа ахьтәы ҟәрышьқәа ҟарҵон. Раҧхьа Абааш шкәакәа ргылан. Анаҩс, иацлеит агьырҭ абаашқәагьы, урҭ рыгәҭа иҟан Алым абаашгьи, уа иҟан азоопарк. Тауер иҭаркуан, иагьыршьуан аҳәынҭқарратә цәгьауҩцәа. Иахьатәи Лондонтәи Тауер музеиуп. Ара иубар улшоит адунеиаҿ ахьтәы коллекциа дуқәа. Лондонтәи абла Ари иуникалтәу карусельуп, уи Лондон иҟоуп. Уи акарусель аура (шәиҩажәи жәохә) 135 метра инаӡоит. Акарусель зныктәи аикәшара 30 (ҩажәижәаба) минут рыла имҩаҧысуеит, иара ҩажәижәаҩа 32 аҭаҭәараҭақәа амоуп, ҭыҧк 25 (ҩажәихәҩык) ҩык акуеит … Лондонтәи абла шықәсык иаҭаауеит 3 миллионҩык ауааҧсыра. Лондонтәи абла андыргылоз, адунеиаҿ зегь раҵкьыс иҳаракыз аҩсҭаа ибарбалқәа иреиуан, аха 2006 (ҩнызқьи фба) шықәса азы уи иаҧнагеит Нанчиантәи Аеҵәа (160 м) шәи ханҩажәа метра, 2008 шықәса азы Сингапуртәи Аҧырҩы (165 м). Шәи ханеижәи хәба метра). Трафальгартәи ашҭа Лондон аҭыҧ хадақәа ируакуп Трафальгартәи ашҭа. Уи а-19-тәи (зежәтәи) ашәышықәсазы англиатәи архитектор сер Чарльз Берр иаҧиҵеит. 1805 (зеқьи аашәи хәба) шықәса азы англиатәи афлот акомандаҟаҵаҩ адмирал Нельсон, афранцыз флот ҧыхха ишьҭеиҵеит. Ари Трафальгартәи аидыслара ҳәа иашьҭоуп, уи ашҭа ашьаҭыркра иазкхеит. Адмирал Нельсон ихьӡала, ашьҭа агәҭа ишьҭыхын агранит иалхыз аколонна (ахаҳә гәашьа). Уи аколонна аҳаракыра 50 (ҩынеижәижәаба) метра инаӡоит. Трафальгартәи ашҭаҿы иқәгылоуп алымқәа ҧшьба (ҧшьлымык) франциатәи абзарбзанқәа аидыслараан ирцәыргаз ирылхуп. Ашҭаҿы иқәыргылоуп аполитикеи, ар рҧызацәеи рбаҟақәеи, рбиустқәеи хыҧхьаӡара рацәала. 1939 (зқьи жәшәи ҩажәи зеижә) шықәсазы ицәырҵит ҩ-фонтанк, урҭ еиҿикааит архитектор Лутенсон. Трафальгартәи ашҭа Амилаҭтә галереаҿы иҟоуп, уа иубар улшоит иуникалтәу асахьақәа. Агалереиахь хәыда-ҧсада унеир улшоит. Пикадилли абаҳча Пикадилли ари Лондон агәҭа иҟоу ҭыҧуп. Уаҟа есымша ауаа рацәоуп, уи хә-мҩадук еиманадоит. Пикадилли агәҭа Шафтсбартәи амемориалтә фонтан ыҟоуп. Уи дыргылеит 1893 (зқьи аашәи шҧьынеижәи жәаха) шықәса азы, алорд Шафтсбар ихьӡала, иара агәыҳалалратә усқәа назыгӡоз уаҩын. Афонтан ахыцәқәан, бжара зцәеижьи хтыу афигура, ақьирсиан гәыҳалалра аанарҧшуеит. Аиашаз, анаҩс уи абырзен нцәахәы Ерос ихьӡ ахырҵеит, Ерос абзиабареи аҧшӡареи рынцәахәы иоуп. Афонтан аџьаз иалхуп. Аха аскульптура аллиумин иалхуп, уи аамҭазы уи лассы иуҧымлоз материалын.
Download