Адунеи аҿы иреиҕьу амузеиқәа жәаба
Адунеи аҿы иреиҕьу амузеиқәа жәаба Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ирацәоуп амузеиқәеи агалереиақәеи. Амузеи дузар ма ихәыҷызар ауеит. Музеиқәак рҟны ицәыргақәҵоуп ажәытәтәи амаҭәарқәа, егьырҭ рҟны – ҳаамҭазтәи амаҭәарқәа. Иҟоуп хырхарҭала еиуеиҧшым амузеиқәа: аҟазарақәа рмузеи, акьанџьақәа рмузеи, археологиатә музеи, уб.иҵ. Амузеиқәа рҟны иҵәахуп даара акрызҵазкуа, насгьы иџьашьахәу амаҭәарқәа. Дызусҭазаалакгьы урҭ ибар, дрыхәаҧшыр илшоит. Иҟоуп адунеи аҿы еицырдыруа амузеиқәа, иҟоуп рацәак ирзымдыруагьы. Ҳара ишәзеиҭаҳҳәоит адунеи аҿы зегь реиҳа ибзиан ирдыруа амузеиқәеи агалереиақәеи жәаба рыӡбахә. Смитсон иинститут Еицырдыруа амузеиқәа рахьтә актәи аҭыҧ ааннакылоит Смитсон иинститут. Уи еиднакылоит 19 музеии галереиеи. Смитсон иинститут ыҟоуп Вашингтон ақалақь аҿы. Амузеи аҿы иҵәыргақәҵоуп Америка аҭоурых аазырҧшуа аматериалқәа. Уи иамоуп иара ахатәы зоологиатә парки аобсерваториеи. Азоологиатә парк аҿы иҟоуп аҧстәы хкқәа рацәаны. Аобсерваториаҿы астрологцәа аеҵәақәеи егьырҭ ажәҩантә маҭәарқәеи ирыхәаҧшуеит, иҭырҵаауеит. Ари аинститут, иара убасгьы, археологиатә усурақәа напхгара рынаҭоит. Ирыҧшаауа амаҭәарқәа рыла амузеи дырҭбаауеит, ихадырҭәаауеит. Смитсон иинститут шьақәыргылан ?ҧ:қ шықәсазы. Уи абри еиҧш ахьӡ аҭан америкатәи аҵарауаҩ Джеимс Смитсон иаҳаҭыр азы. Лувр Лувр адунеи аҿы еицырдыруа музеи дууп. Уи Париж ақалақь агәаҟноуп иахьыҟоу. Ара шәышықәсала инхон - инҵуан Франциа акралцәеи, урҭ рҭаацәарақәеи. Иахьа Лувртәи ахан дуӡӡа музеиуп, уи есышықәса миллионҩыла ауаа аҭаауеит. 2011 шықәсазы уи иаҭааит егьырҭ ашықәсқәа зегьы иреиҳаны ауааҧсыра. Урҭ рхыҧхьаӡара ҧ,ҧ миллион инаӡон. Амузеи аҿы иҵәахуп еиуеиҧшым аамҭақәеи акультурақәеи ирыҵанакуа аекспонатқәа. Араҟа шәара ижәбоит ажәытә Мысратәи, Аетрусстәи, Абырзентәи скульптурақәа, аҩнымаҭәахә, ачысмаҭәа, зыхә ҳараку амаҭәақәа, еицырдыруа асахьаҭыхцәа русумҭақәа. Иааизакны амузеи аҿы иҵәахуп 30000 експонат, ицәыргақәҵоу ҷџҭҭ заҵәык шракәугьы. Егьырҭ аекспонат-қәа ҵәахуп амузеитә ҭаҵәахырҭақәа рҿы. Урҭ цәырган иқәырҵоит шықәсык ахь мызқәак, аҭааҩцәа ирбартә аҭагылазаашьа рымазарц азы. Лувтәи амузеи аҟноуп иахьыҵәаху Леонардо да Винчи ҧсра зқәым исахьаҭыхымҭа ду «Мона Лиза». Зегь еицырдыруа скульптураны иҟоуп Венера Милосстәи лыскульптура. Лувртәи амузеи афондқәа злашьақәгылаз, рхарҭәаарагьы излалагаз акралцәа раҳҭынра ду иамаз амазарала акәын. Ишаҳдыруа еиҧш, акралцәа лассы-ласс иаархәон еицырдыруаз асахьаҭыхымҭақәа, зыхә цәгьаз антиквартә маҭәарқәа. Зны-зынла урҭ ҳамҭасгьы ирырҭон. Убри амазара зегьы Лувртәи амузеи иахатәны иҟалеит. Иара убасгьы Наполеон Бонапарт ихаан еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә иааргон аибашьратә трофеиқәа: аскульптурақәа, асахьаҭыхымҭақәа, зыхә ҳараку арҧшӡагақәа. XX-ашә. анҵәамҭаз аколлекционер Ротшильд имаз антиквартә коллекциа амузеи ҳамҭас иаиҭеит. Иахьа Лувр зегь реиҳа ибеиоу амузеиқәа иреиуоуп. Афинатәи Акрополь Амузеи Акрополь Бырзентәыла аҳҭнықалақь Афина ауп иахьыҟоу. Амузеи аҿы иҵәахуп хыҧхьаӡара рацәала археологиатә експонатқәа, зыҧшаара уадаҩу Бырзентәылатәи арҧшӡагақәа, ажәытәтәи амыругақәа, иссиру аскульптуратә баҟақәа. Амузеи Акрополь ахәы ҳаракы анаара иаҿагылоуп. Иамоу ахьӡ заиузгьы иара ахьықәгылоу аҭыҧ азоуп. Акрополь ажәа иаанаго аҳаракыраҿ иқәгылоу ақьалақь ауп. Акрополь бырзен ажәоуп. «Акрос» иаанагоит хыхьтәи, «полис» – ақалақь. Ажәытәтәи Бырзентәыла Акрополь егьқалақьын, егьбаахырҕәҕәарҭан. Акропольқәа аҳаракыраҿ иқәгылан убри аҟынтә ихьчан. Хыхь Акрополь аҿы анхара еиҳа еиҕьын, ҵаҟа ақалақь аҿы аасҭа. Бырзентәылан Акропольқәа еиуеиҧшым ақалақьқәа рҟны иҟан. Зегь еицырдыруаз акакәын Афинатәи Акрополь. Уи аҩныҵҟа иҭагылан аныхабааи амузеии. Амузеи иргылеит архитектор Бернарда Тшуми. Есышықәса зықьҩыла атуристцәа аҭааны ирбоит Афинатәи амузеии аныхабааи. Ермитаж Ермитаж иџьашьахәу хануп, анкьа аурыс ҳәынҭқарцәа ахьынхоз аҳҭынроуп. Иахьакәзар, Ермитаж ицәыргақәҵоуп адунеи ахьынӡанаӡааӡо еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, аурыс антиквариат, аҳәынҭқар ҭаацәарақәа рымаҭәа-рҩыҭәа, рхы иадырхәоз амаҭәарқәа. Араҟа шәара ижәбар шәылшоит егьырҭ атәылақәа рҟынтә иааргаз еицырдыруа асахьаҭыхымҭа дуқәа, зыху ҳараку асаркьақәа, ахьымаҭәа. Амузеи Ермитаж Санкт-Петербург ауп иахьыҟоу. Амузеи ихадароу ф-ханк рыла ишьақәгылоуп. Аханқәа зегьы Нева ихықәгылоуп. Урҭ рҟынтәи иссиру Санкт-Петербург уалаҧшуеит, ақалақь зегьы унаҧсыргәыҵа иқәгылоушәа иубарҭоуп. Ермитаж амузеи аҧҵара зыбзоуроу, ашьаҭа зкыз аурыс императорҧҳәыс Екатерина дуӡӡа лоуп. Лара аҳәаанырцә аус зуаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩцәа ирыдылҵеит амаҭәарқәа рантиквартә коллекциақәа аахәаны Петербургҟа иааргарц. Убас ала иалагеит амузеитә експонатқәа реизгара. Амузеи аколлекциақәа хазырҭәаауаз, изырҭбаауаз ракәны иҟалеит Урыстәыла аладахьы, археологиатә ҧшаарақәа ирыбзоураны, иаарҧшыз абырзентәи аскифтәи маҭәарқәа. 1945 шықәсазы Ар Ҟаҧшь Берлинтәи амузеи аҟынтә Урыстәылаҟа иааргеит ахьтәы коллекциа ду. Уи анемец археолог Шлиман иоуп изыҧшааз. Ари ахьтәы коллекциа зтәыз аҭоурыхтә қалақь Троиа акәын, иахьа уи цәыргақәҵоуп Ермитаж амузеи аҟны. Дук хара имгакәа амузеи ахыбра иазымкуа иалагеит аекспонатқәа, убри аҟынтә Урыстәыла Аимператор Николаи l анемец архитектор идиҵеит ахан ҿыц аргылара. Уаҟа ицәыргақәҵан иаанхаз еиуеиҧшым аколлекциақәа. Асовет Ҳәынҭқарра ахаан амузеи азы амаҭәарқәа раахәара иаҟәыҵит. Уи акәым амузеи аҟынтә ирҭиит хәызмам амаҭәарқәа. Убасҟан иҭиин Рафаель иусумҭа «Мадонна Алба», Тициан иусумҭа «Венера асаркьаҿы», Ван Еик исахьа «Евангелие». Уи ааихәеит америкатәи акаллекционер, иахьа урҭ цәыргақәҵоуп Вашингтонтәи асахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҟны. 2002 шықәсазы Ермитаж иҭырхит адокументалтә фильм «Аурыс арка». Афильм аҟны идырбоуп Ермитаж амузеи аекспонатқәа, насгьы еиҭаҳәоуп урҭ амаҭәарқәа ирызку ахҭысқәа. Британиатәи амузеи Британиатәи амузеи – ижәтәӡатәиу музеиуп. Уи ыҟоуп Англиа аҳҭнықалақь Лондон. Британиатәи амузеи ауаатәыҩса рҭоурыхи ркультуреи аазырҧшуа зегь реиҳа акрызҵазкуа музеиуп. Ауаҩы адунеи дшықәнагалази, уи ихаҭара ашьақәгылареи аҿиареи ртәы уазҳәо аекспонатқәа еизгоуп абри амузеи аҟны. Амузеи аҧҵоуп 1886 шықәсазы. Аханатә амузеи иамаз англыз физик Ханс Слоан иколлекциа акәын. Нас амузеи хадырҭәаауан егьырҭ аколлекциақәа. Британиатәи амузеи ауажәларра зегьы рзы иаадыртит 1759 шықәсазы. Иахьагьы уахь инеиуеит зықьҩыла аҭааҩцәа. Амузеи Прадо 194 шықәса раҧхьа, Аиспан қалақь Мадрид, иреиҕьӡоу ахан дуқәа руак аҿы иаартын аҟазарақәа рмузеи. Ахан ҟаҵан ихьшәоу аиспан классицизм астиль ала. Уи хьӡыс иарҭеит Прадо. Прадо захьӡыз амузеи аҧхьа ишьҭаз апарк акәын. Убри аҟынтә апарк ахьӡ амузеигьы иахьӡырҵеит. «Прадо» - испан бызшәала «адәы, адҳәыҧш» ауп иаанаго. Прадо амузеи аҟны ицәыргоуп XlV-XlX ашә. ирыҵанакуа хәызмаӡам аҟазара ақәырҧшқәа. Араҟа иубоит Тициан, Рафаель, Гоииа, Рембрант, Веласкес реиҧш иҟоу асахьаҭыхыҩцәа дуӡӡақәа русумҭақәа. Веласкес исахьақәа реиҳараӡак ари амузеи иаиҭеит. Испаниатәи акралцәеи акралҳәсақәеи рыҧсҭазаара азыбжак зегьы еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа ирыцклаҧшны реизгареи, амузеи урҭ ҳамҭас азнагареи иазкын. Иахьа Мадрид иҟоу Прадо амузеи адунеи аҿы аҟазара амузеиқәа зегь реиҳа ибеиоу иреиуоуп. Аҟазара амузеи Метрополитен Ниу-Иорк, Манхеттен ҳәа изышьҭоу аҭыҧ аҟны игылоуп адунеи иахьабалак ирдыруа аҟазара амузеи. Уи амузеи ахыбра хадоуп. Амузеи иатәуп иара убасгьы Манхеттен аҩадатәи аганахь ала иҟоу ахыбрақәа ркомплекс. Арҭ ахыбрақәа рҿы ицәыргақәҵоуп абжьаратәи ашәышықәсақәа ирыҵанакуа аҟазара амаҭәарқәа. Амузеи аартын 1872 шықәсазы. Уи ашьаҭа икит Џьорџь Палмер Путнем. Амузеи иамоуп еиуеиҧшым аколлекциақәа. Араҟа ицәыргоуп Европатәи аҟазара амаҭәарқәа рымацара ракәымкәа, Ажәытә Бырзентәылеи, Мысреи рҟазарақәа рекспонатқәа.Аҭыҧ ду ааныркылоит иара убасгьы америкатәи, азиатәи, африкатәи аҟазара амаҭәарқәа. Адунеи аҿы зегь реиҳа ирылаҵәахьоу музеитә експонатуп анемец сахьаҭыхҩы Альбрехт Диурер игравиура «Адами Евеи». Зегь реиҳа зыхә дуу експонатуп – «Мадоннеи аҧшқеи» захьӡу асахьаҭыхҩы ду Дуччо иусумҭа. Ари асахьа аахәара амузеи иазтәеит 45 миллион доллар. Ватикан амузеи Ватикан аҟара хыҧхьаӡара рацәала амузеиқәа ахьыҟоу даҽа қалақьк ыҟамзар ҟалап. XVl ашә. азы амузеиқәа рыргылара иалагаз Римтәи Папа Иулиус ll иоуп. Ватикан амузеиқәа рахьтә еицырдыруа ҳәа иҧхьаӡоу, Бельведер ахан аҿы иҟоу, Пио-Клементино захьӡу амузеи ауп. Уаҟа ицәыргақәҵоуп аскульптуреи амозаикеи реиҧш иҟоу абырзени аурыми ҟазарақәа рқәырҧшқәа. Музеила ибеиуп Папа иаҳҭынрагьы. Амузеиқәа аартуп Ватикан абиблиотекақәа рҿгьы. 2007 шықәсазы Ватикан амузеиқәа ирҭааит хә-миллионҩык ауаа. Уфицци агалереиа Уфицци агалереиа Флоренциа ақалақь ссир аҿы иҟоуп. Уи иргылеит архитектор Џьорџьо Вазари. Агалереиа, иҭшәоу ашҭа хәыҷ ала еимадоу ҩ-ханк рҟны иҟаҵоуп. Абри ашҭа хәыҷ агалереиа иахәҭакуп. Уаҟа игылоуп асахьаҭыхыҩцәа дуқәа рскульптурақәа. Уфицци агалереиазы аколлекциа аизгара иалагаз акралцәа Медичи рҭаацәароуп. Иахьагьы аколлекциақәа реизгара мҩаҧысуеит. Уфицци агалереиоуп изтәу адунеи аҿы зегьы еицырдыруа аекспонат – Ботиччели ҧсра зқәым иҭыхымҭа ду «Венера лиира». Амстердам аҳәынҭқарратә музеи Амстердамтәи аҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәа иаадырҧшуа еиҳарак Нидерландтәыла аҭоурых ауп. Амузеи асасцәа аҭагылазаашьа рымоуп анидерланд сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәеи, анапҟазара амаҭәарқәеи, аҭоурыхтә артифактқәеи рыхәаҧшра. Еиҳа еиҵаны ицәыргақәҵоуп Азиа аҟазара аазырҧшуа аекспонатқәеи антиквартә маҭәарқәеи. Амузеи иамоуп ахатәы библиотека, иагьымҩаҧнагоит аҭҵааратә усура. Ари амузеи иамоуп адунеи аҿы еицырдыруа асахьаҭыхымҭа – Рембрант инапы иҵыҵыз «Уахынлатәи аҧшыхәра» захьӡу асахьа.
Download