Нобель ипремиа
Алагалажәа Ҳара лассы-ласс телехәаҧшрала иаҳбоит, ма агазетқәеи, ажурналқәеи рҟны ҳаҧхьоит Нобель ипремиа занашьоу ауаа ртәы. Арҭ ауаа Анобелиантцәа ҳәа ирышьҭоуп. Излалкаахазеи, ус дус иҟарҵазеи урҭ? Абас аҵак ду замоузеи ари апремиа? Дызусҭадаз Нобель? Изаҧиҵазеи иара апремиа? Арҭ азҵаарақәа рҭак зегьы ирзыҟаҵом. Шәааи, нас аханатә ҳалагап. Нобель иҭаацәа Альфред Нобель Швециатәи нџьнырын, химикын, дыҧҵаҩын. Уи диит 1833 шықәсазы еицырдыруа ааглыхҩы иҭаацәараҿы. Урҭ даара иацклаҧшны драаӡон рыҷкәын, уи иҵареи иааӡареи азҿлымҳара ду арҭон. Альфред Нобель иаб ихаҭагьы дынџьнырын. Уи ихәыцит аӡаҵаҟатәи аминақәа. Уи Стокгольм ақалақь аҿы еицырдыруаз уаҩын. Нобель иан илааӡон ҧшьҩык аҧацәа. Лыҧсҭазаара зегьы урҭ рааӡара иазылкит. Нобель иусура Альфред Нобель анаукаҿы илшамҭа даара идууп. Уи анаукатә ҭҵаамҭақәа акыр дравторуп. ҷџџ патент иара ихатәны иман. Нобель иара убасгьы деицырдуруеит адинамит аҧҵаҩык иаҳасабала. Адинамит аҧҵареи аҭыжьреи рыла Нобель уаҩы ишимбац ала дбеиахеит, аха иаҧҵамҭа иахҟьаны арыцҳара ду дакәшәеит. Нобель иҧеиҵби ҧыҭҩык иусуцәеи ҭахеит азауад аҟны, адинамит аҧжәашьа агәаҭаразы аексперимент анымҩаҧыргоз. Альфред Нобель акырынтә иаҽҧнырҳәахьан, ауаҩы дықәызхуа абџьар аҧҵареи аҭыжьреи рыла амал ду ахьирҳаз. Иара акритика изызуаз аҭакс ус реиҳәон: «Сара спацефиступ. Сара ауаа ықәызхуа абџьар рысҭеит. Убри ала агәра дсыргеит ақәҧара ҵакы шамам. Аибашьраан ишҭахо наҟ-ааҟ зегьы, аҩ-ганкгьы». Ҽнак зны убри аҩыза хҭыск ҟалеит, Нобель иҧсҭазаара зегьы шьаҭанкыла изыҧсахыз. 1888 шықәсазы Франциатәи газеҭк аҿы ианылеит, Нобель иҧсра атәы зҳәоз, ииашамыз информациак. Астатиаҿы Нобель ҕәҕәала иқәыӡбон адинамит ахьихәыцыз, насгьы уи ҭины аҧара ду ахьаҭнихуаз азы. Абри ахҭыс ашьҭахь ауп Нобель имазара зегь ауаажәларра ирзынижьырц аниӡбаз. Нобель иуасиаҭшәҟәыы «Сара, ҵаҟа знапаҵазҩыз Альфред Бернхард Нобель, сазхәыцны исыӡбеит, сыҧсы ахьынӡаҭаз исырҳаз смазара иазку суасиаҭ ажәа рыласҳәарц. Саныҧслакь ашьҭахь исҭынхо смазара зегьы еихшатәуп абас ала: смал зегьы суасиаҭ ажәа анагӡаҩцәа, хәы змоу ақьаадқәа рахь ииаргароуп. Иаҧырҵароуп афонд, уи аҟынтәи апроцентқәа, апремиа аҳасабала, шықәсык аҩныҵҟала зегь реиҳа ауаатәыҩса ирыхәарҭахаша ҟазҵаз ауаа алкааны ирырҭаларц азы. Арҭ апроцентқәа еихшалатәуп хә-хәҭакны: актәи ахәҭа рызкуп афизика аганахьала аартра ду, ма иҿыцу акрызҵазкуа аҧҵамҭа ҟазҵаз ауаа; аҩбатәи – ахимиа аганахьала аҵак ду змоу аартреи аҿыц лагалареи ҟазҵаз; ахҧатәи – афизиологиеи амедицинеи рганахьала ақәҿиара дуқәа азырҧшыз; аҧшьбатәи ахәҭа – ауаатәыҩса ридеалқәа зныҧшуа алитературатә ҩымҭа аҧызҵаз; ахәбатәи ахәҭа – ажәларқәа реидгылареи, атәра аҧыхреи, адунеи аҿы иахьа иҟоу арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара аиҵатәреи, ҭынчмҩала аимакқәа рҭышәныртәалареи рганахьала зылшамҭа рацәоу. Афизикеи ахимиеи рганахьала апремиақәа ранашьара мҩаҧнагалароуп Швециатәи акралтә аҭҵаарадырратә академиа. Афизиологиеи амедицинеи рганахьала – Стокгольм иҟоу Каролинатәи Акралтә институт. Алитература аганахьала Стокгольм иҟоу Швециатәи академиа, аҭынчра апремиа раназшьо Норвегиатәи Стортинг иалнахуа хәҩык ауаа злахәу аилак акәзароуп. Сара иҷыдоу сгәаҳәарақәа ируакуп, апремиа, милаҭ еилых ҟамҵакәа, иаҧсоу зегьы ранашьара. Апремиа иоуроуп, еиҳа изыхәҭоу дызусҭзаалак, уи шьҭрала дыскандинавымзаргьы. Ари ауасиаҭ ажәа иҵыхәтәантәины, ихыркәшаратәны иҧхьаӡазааит. Уи иамоуп азакәантә мчы, уаанӡа суасиаҭ ажәақәа, иаҳҳәап изыҩхьаз сара саныҧслак ашьҭахь ирыҧшаар, урҭ азакәанмчы рцәыӡуеит. Аҵыхәтәан гәазыҳәарас исымоу убри ауп, саныҧслак аҳақьым хьаҳә-хьачарада ишьақәир-гылароуп сыҧсра афакт. Убри ашьҭахь ауп сцәеижь абылра аныҟало. Париж, 1898 ш. абҵара 20. Альфред Бернхард Нобель. Нобель ипремиа Нобель ипремиа шьақәгылоуп Нобель исахьа зну ахьтәы медаль ала. Апремиа иахәҭакны иҧхьаӡоуп, иара убасгьы, адипломи апремиа аҧареи. 1901 шықәса инаркны Нобель ипремиа ранаршьахьеит милаҭла еиуеиҧшым ауаа. Урҭ афизикеи, ахимиеи, амедицинеи, алитературеи, адунеи аҿы аҭынчра ашьақәыргылареи рганахьала алшамҭа дуқәа аадырҧшхьеит. Уи аҧҵан 1895 шықәсазы Альфред Нобель иуасиаҭ ажәа инақәыршәаны. Нобель имазара ду иуацәа, иҭынхацәа ирзынимыжьит. Уи ауаажәларра иреиҕьу рхаҭарнакцәа русуразы ироуртә иҟаиҵеит. Нобель ипремиа ранашьара мҩаҧысуеит есышықәса ҧхынҷкәын 10 рзы. Убри аҽноуп Нобель иҧсҭазаара даналҵызгьы. Уи амш Нобель имш ҳәа ирыларҳәеит. Уи идыруан, ауаҩ илшамҭа ахә ашьара даара ишыуадаҩу. Убри аҟынтә иуасиаҭ аҟны рыӡбахә иҳәеит ахырхарҭақәа зегьы рзы иҷыдоу акомиссиақәа. Амедицина аганахьала апремиа анашьара зыӡбо Каролинатә аинститут ауп. Алитература аганахьала иалкаау алшамҭа дуқәа рыхә зшьо Стокгольмтәи Академиоуп. Адунеи аҿы аҭынчра ашьақәыргылара аус аҿы злагала дуу апремиа ранашьара мҩаҧызго Аилак ауп. Ари Аилак хәҩык ауаа рыла ишьақәгылоуп. Аилак алызхуа Норвегиа Апарламент ауп. Анобелиантцәа Нобель игәаҳәара инақәыршәаны, апремиа аиуразы иқәгылоз хә-категориак рыла иалкаатәын. Иаҳҳәап ашықәс азы иарбан усумҭазаалакгьы, ма лшамҭазаалакгьы Нобель ипремиа иаҧсахашаз акгьы ҟамлазар, усҟан апремиа иазыҧҵәаз аҧара адырҩашықәсахь ииасуеит. Нобель иара убасгьы иранаршьоз апремиақәа рхыҧхьаӡара ҧикуамызт. Иарбан хырхарҭазаалакгьы рҟны аӡәы иеиҳаны Анобелиантцәа ҟалар алшон. Анобелиантцәа рахьтә еицырдыруа ҵарауаануаан, афизикеи ахимиеи рганахьала – Планк, Ландау, уб.егь. Амедицинаҿы – Роберт Кох, Павлов. Алитература аганахьала – Ромен Роллан, Томас Манн, уб. аӡәырҩы. Нобель ипремиа алауреатцәа – аҳәса 1901 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа 300 премиа ауаа ишырзыршахьазгьы, урҭ рахьтә 43-ҩы заҵәык ракәын аҳәса иҟаз. Руаӡә – Мари Киури – ҩынтә иланашьан ари апремиа. 1903 шықәсазы уи илоуит афизика аганахьала ллага ду азы. 1911 шықәсазы – ахимиа аганахьала. Иџьаушьаша акоуп, адунеиаҿ аҭынчра ашьақәыргылара азықәҧара аганахьала апремиа зауз Анобелиантцәа рахьтә аҳәса ахьеиҳау. Урҭ рахьтә иналукааша аҭыҧ аанылкылоит 1969 шықәсазы Нобель ипремиа занашьаз Ан-Тереза.
Download