Шанхаи

Алагалажәа Шанхаи Китаи ақалақь дуқәа иреиуоуп. Уи Ианцзы аӡиас ахықәан ауп иахьыҟоу. Ари ақалақьКитаи акультуратә, аиндустриатә, афинанстә центрны ирыҧхьаӡоит. Шанхаи иара убасгьы адунеи аҿы зегьы иреиҳау абаҕәазақәа ируакуп. Шанхаи ахьӡ ахаҭа «амшын ақалақь» ауп иаанаго (даҽакала иуҳәозар «амшын ахь анеирҭа»). Ақалақь ахьӡ уацәымҩашьо иунарбоит Шанхаи азы амшын ҵакыс иамоу. Шанхаи анкьа ахьӡ ҷыдақәа рацәаны иаман – «Мрагыларатәи Париж», «Мрагылара аҳкәажә», «Мрагылара абырлаш», уи акәым «Азиатәи акаҳҧы» ҳәа аназырҳәозгьы ыҟан, уаҟа акоррупциа, рҩашьыгала ахәаахәҭреи, акаҳҧреи ҿианы иахьыҟаз азы. Шанхаи раҧхьаӡа қыҭа хәыҷын. Китаи ақалақь дуқәа ираҧхьагылан ианыҟалаз XX ашә. алагамҭаз ауп. Шанхаи аразҟы шьаҭанкыла аҽаҧсахит XX ашә. азы. Уи Ианцзы ахықәан иааннакылоз астратегиатә ҭыҧ иабзоураны Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи Китаии реилахәаахәҭразы ҭыҧ бзианы иҟалеит.         Шанхаи иазку иџьашьахәу ахҭысқәа Ишәаҳахьазар акәхап Шанхаи Китаи иҟоу ақалақьқәа зегьы иреиҳауп ҳәа шырыҧхьаӡо. Уи адунеи ақалақьқәа зегь рахьтә шәагаала аабатә аҭыҧ ааннакылоит. Шанхаи иаланхоит  2ҷ-миллионҩык ауааҧсыра. Анкьатәи аҧсыӡкцәа рықалақь хәыҷ иахьа адунеи аҿы иреиҳау абаҕәазақәа иреиуоуп. 2ҭҭџ шықәса инаркны Шанхаи иреиҳаӡоу еидарамҩангагатә баҕәазахеит. Ишәаҳахьома шәара амагнолиа шкәакәа иазкны ирҳәо? Уи иџьашьахәу шәҭы ҧшӡоуп. Уи ашәҭ Шанхаи иасимволуп. Амагнолиа шкәакәа Шанхаи иасимволны изыҟалаз атәы шәаҳар шәҭахума? Ари шамахамзар уаҩы иҧымло ашәҭ шәҭуеит Шанхаи ақалақь аҿы ааҧынра алагамҭаз инаркны мшаҧымза нҵәаанӡа. Уи зегь раҧхьаӡа, егьырҭ зегь шәҭаанӡа, ашәҭра иалаго шәҭуп. Убри ауп ақалақь емблемас изалырхызгьы, аҧхьагылареи ашәҭкакаҷреи ирсимволны. Шанхаи атәылауаа ишырҳәо еиҧш, ақалақьи амагнолиеи еиҧшуп. Абас ала, амагнолиа ари ақалақь ду иасимволхеит. Шанхаи иадҳәалоу абар даҽа хҭыскгьы. Зегь реиҳа иласу адәыҕба бжьоуп Шанхаи инаркны Пекинынӡа. Пекин Китаи аҳҭнықалақь ауп. Шанхаи ауааҧсыра зегь реиҳа иласу дәыҕбала Пекинҟа ицалар рылшоит. Уи :ҧқ километр сааҭк ала иахысуеит. Адунеи аҿы зегь иреиҳау адгьыл аҵаҟатәи асасааирҭа «Сонгианг буити спорт» иаадыртраны иҟоуп иаатраны иҟоуп Шанхаи ақалақь аҿы. Асасааирҭа азхәҭак аӡиа аҵаҟа 100–метрак аҵаулараҿ иҟалоит. Уаҟа 400 уадеи, абари, ақьафурҭеи, аспорт комплекси аҵакуп. Аӡаҵан аус аулоит ақьафурҭагьы.   Шанхаи аблахкыгарҭақәа Абаҳча Иуи-Иуань Абаҳча аҟаҵара иалагеит XVl  ашәышықәсаз. «Иуи» ажәа иаанагоит «агәахәара узҭо». Апарк ахьӡ иуанаҳәоит ари агәахәара узҭо ҭыҧны ишыҟоу. Ари аҭыҧ еиҿикааит Китаи еицырдыруа адинастиа ахаҭарнак иҭаацәа рзы. Агәахәара узҭо аҭыҧ аҿы рыҧсы ршьон Аимператор иани иаби. Урҭ акырӡа рықәрахь инеихьан. Араҟа зықь ҵиаа знык ала еицышәҭуеит. Абаҳча хәҭа-хәҭала еихшоуп, уаҟа хыҧхьаӡара рацәала иџьашьахәу аҵиаахкқәа уҧылоит.     Абааш «Мрагылара Абырлаш» Ҳаамҭазтәи архитектуратә баҟақәа рахьтә раҧхьатәи аҭыҧ ааннакылоит «Мрагылара Абырлаш» захьӡу абааш. Ари телехәаҧшратә баашуп. Азиа иҟоу зегь реиҳа иҳараку ахыбрақәа ируакуп. Абааш аура :ҧҧ метра инаӡоит. Уи ухалар улшоит қ лифтк рыла. «Мрагылара Абырлаш» аҟны иаартуп асасааирҭа, ацәыргақәҵатә залқәа акыр. 267 метра аҩаӡараҿы иҟоуп игьежьуа ақьафурҭа.   Китаитәи аҭӡамц дуӡӡа Адунеи аҿы жәытә-натә аахыс ауаа идыргылахьоу зегь реиҳа идуу, ихәхәоу, наӡааӡарала зегь иреиҳау аҭӡамцқәа иреиуоупКитаитәи аҭӡамц дуӡӡа. Уи ҵ нызықь километр инаӡоит. Аҭӡамц алагоит Шанхаигуантәи абжьысырҭаҿы, иагьынҵәоит Бохаитәи аӡыбжьахалаҿы. Китаитәи аҭӡамц иара убасгьы зегь иреиҳау анышәынҭра ҳәа иашьҭоуп, избанзар  уи аргылара зықьҩыла ауаа рхы ақәырҵеит. Китаитәи аҭӡамц дуӡӡа аргылара иалагеит ҳера ҟалаанӡа lll-ашәышықәсазы. иагьыхдыркәшеит XVll ашәышықәсазы, еиуеиҧшым Китаитәи адинастиақәа рхаан. Уи амонголтә, атиурктә хылҵышьҭрақәа, лассы-ласс Китаи иақәлоз рҟынтә хыхьчагас акәын издыргылоз. Ирҳәоит Китаитәи аҭӡамц дуӡӡа амза аҟынтәигьы иубарҭоуп ҳәа. Ари мифуп, хымҧада. Аха аҭӡамц убриаҟара идуу, ихәхәоу, наӡааӡарала адунеиаҿ зегь иреиҳау ргылароуп аҟынтә иаҧырҵеит убри аҩыза амифгьы.   Будда иныхабаа Будда иныхабаа зегь реиҳа атуристцәа зҭаауа ҭыҧуп. Уи дыргылеит 1882  шықәсазы, аха иҧыххааса иқәырҵеит аибашьраан. Нас ҿыцны еиҭадыргылеит. Будда иныхабаа зырҧшӡо акакәны иҟоуп ҩ-монументк. Актәи – итәоу Будда имонумент ауп. Уи аорнаментқәа зну ақәгыларҭа шкәакәа дықәгылоуп арҧшӡагақәа рыла иҩычоу Будда. Ирҳәоит уи амонумент акапан тоннак инаӡоит ҳәа. Иҭәоу Будда имонумент ҩнагылоуп аныхабаа. Уи ҩназыргылаз аберцәа роуп. Аҩбатәи амонумент – иқәиоу Будда истатуиа ауп. Аныхабааҿ иқәиоу Будда имонументқәа ҩба ыҟоуп: актәи 96 сантиметра инаӡоит, аҩбатәи – ҧшь-метрак иҟоуп, уи аагоуп Сингапурынтәи.   Шанхаитәи ачыс Шанхаи беиоуп ақьафурҭақәеи абарқәеи рыла. Амҩа «Хуангпу» еицырдыруеит уаҟа иҟоу ақьафурҭақәа рхыҧхьаӡарала. Адунеи аҿы еицырдыруа амилаҭтә чысхкқәа рахьтә китаитәи ачыс аҧхьагылара змоу рахь иҧхьаӡоуп. Китаиаа аҧсабара ирынаҭо зегь рфоит, алақәа, амаҭқәа, адаҕьқәа, аҵарақәа рыҭрақәа, амедузақәа уҳәа, егьырҭ ашәарахқәеи ахәаҷа-маҷеи убрахь иналаҵаны. Шанхаитәи ачыс ахь иаҵанакуа афатә агьама хаауп, ибзиоуп, арсара мариоуп. Уи «Ху Ком» ҳәа иашьҭоуп. Шанхаи иаланхо ауааҧсыра ирылаҵәаз фатәхеит «ГУЛУ Иуку» захьӡу ачыс, иара убасгьы ахаа-мыхаахь иаҵанакуа ачыс – «Бабао Фан». Ари ахьӡ акитаи бызшәахьтә еиҭаугозар иаанаго «Абрынџь аа-хазынарак» ҳәа ауп. Аҭыҧантәи ачысхкқәа, Дзиансу, Џьезиан захьӡу апровинциақәа рҟны иҟарҵо афатә даара еиҧшуп. Урҭ Китаи ауааҧсыра зегьы иреиҕьыршьо афатәқәа иреиуоуп. Арыжәтәқәа рахьтә актәи аҭыҧ ааннакылоит ачаи иаҵәа. Иҟоуп ақьафурҭақәеи акрыфарҭақәеи ачаи хәыда-ҧсада иахьрырҭо. Иџьбароу арыжәтә атәы ҳҳәозар, Шанхаиаа даара бзиа ирбоит аҭыҧантәи ауараш «Цингтао». Ақьафурҭақәа рҿы зыҧсы зшьо асасцәа анцо абрынџьҩы агьама дмырбаӡакәа ирышьҭуам. Иара убасгьы даара ирацәоуп аҵиаақәа ирылырхуа аҩқәа, урҭ еиуеиҧшым афатә хкқәа рыҟаҵараҿгьы рхы иадырхәоит. Китаи уаҩы иҧылар ҟалоит аекзотикатә рыжәтәқәагьы – ирҵәу амаҭи аинцәыши, мамзаргьы аҩы, ауараш иӡаау ашьхыц. Китаи зегьы ирылаҵәахьоу акоуп «Маатаи» ҳәа изышьҭоу арыжәтә. Ари Маатаи иҟарҵо Китаитәи ликиоруп.  Иара агьама џьашьахәы Китаитәи аҳауеи аҵиаа хкырацәа реиуеиҧшымзаареи аныҧшуеит.     Шанхаитәи амузеи Шанхаитәи амузеи беиоуп антикатәи аамҭа иаҵанакуа китаитәи аҟазара амаҭәарқәа рыла. Уи шьақәыргылан 1952  шықәсазы. 1996 шықәсазы амузеи аартын аҩынтәраан. Амузеи гылоуп ақалақь агәҭаны, Папиа Сквер захьӡу амҩаҿы. Ари аҭыҧантәи архитектор иргыламҭа ахыбра уаҩы ихамышьҭуа иҟаҵоуп. Амузеи ашьаҭа ҧшь-кәакьҭакны иҟаҵоуп, ахыб гьежьуп. Уи ианыҧшуеит ажәытә Китаиаа рхәыцшьа, адгьыл аквадраттә форма амоушәа, ажәҩан кәымпылӡа, игьежьӡа иҟоушәа. Хә-еихагылак иҟоу амузеи 11 галереиеи, х-цәыргақәҵатә залки амоуп. Амузеи аколлекциа шьақәгылоуп 120.000  маҭәар қәырҧшы рыла. Агалереиаҿ уаҩы ибар  илшоит ажәытә аамҭақәа рзы иҟаиҵаз зеиуахкы уҭаху амаҭәарқәа, акерамика, аҩнымаҭәа, аскульптурақәа, нефритла иҩычоу ахазынақәа, амацәазқәа, аманетақәа (аҿырпқәа), анапҩыларақәа, аџьазтә усумҭақәеи, амилаҭ маҷқәа ркультурақәеи, асахьақәеи. Антикатә аамҭа иаҵанакуа ахазынаҭра ахәҭак ҵәахуп ари амузеи аҿы. Хәызмам, шамахамзар уаҩы иҧымло акакәны иҟоуп неолит аамҭа иаҵанакуа анышәаҧшь хәаҧштәыла иалху асаанмаҭәа.  
Download