Аамҭа аху

Аамҭа аху   Аеш шьыжьы заа игылоит. Уи аус рацәа амоуп. Аҿи – анапи аӡәӡәара, аусура алагара. Убри аамҭазы арҵу сасра иааит. Аеш аусура иаҟәыҵит, асас шьыжьхьа анаҭеит. Арҵу акгьы амфеит. – Уара аус рацәа ууоит. Ари афатә ухылҵ рзы иуҧшааит. Уи сара ишҧасфо? Акыр аамҭа иҷырҷыруан арҵу. Аеш аус рацәа аман, аха итәан, арҵу иазыӡыҩруан. Нас ишҧаурыз? Хылбыҽха ааит. Арҵу џьаргьы ицомзт. Иҷырҷыруан, иҷырҷыруан. Аеш амш зегьы акгьы азыҟамҵит. Убри аамҭазы, аҳәынаҧ хәыҷык ашә инас-насит. Ахаҧыц ахьуан. – Сыеш, – аҳәит аҳәынаҧ, – схаҧыц даараӡа исыхьуеит. Афатә аҧшаара сылшом, расак сыҭ. Сгәы бзиахар, нас араса узсырхынҳәуеит. Аеш аҳәынаҧ ианаҳәеит: – Расак уи акымзарак. Ҳарҭ ҳаицхыраалар ауп. – Аеш аҳәынаҧ арасагьы анаҭеит, ахаҧыц ахьаа ахәшәгьы. – Ее, аҳәынаҧ, аҳәынаҧ – иааҷырҷырт арҵу – аеш убрысҟак аус ауит, ари афатә ахылҵ азы иаҧшааит, уи уара ишҧоуфо? Аҳәынаҧ аҭак ҟанаҵит: – Сара аеш расак ауп сзыҳәаз, уара аеш амш зегьы амухит. Сара араса сырхынҳәуеит, уара иуырӡыз аамҭа – узырхынҳәуам.
Download