Москва
Аҧхьажәа Москва Урыстәыла аҳҭнықалақь ауп. Зегьы ишәаҳхьазар ҟалап Москва азы. Ишәгәалашәои Москва иазкны? Еилыскаар сҭахуп Кремль акухап. Кремль Москватә акырӡа иаҧсоу аҭыҧ ауми? Ленини, уи имавзолеигьы Кермль иҟами Сиашамзыр ҟалар алшоит, Ленини уи имавзолеи атәы акгьы шәмаҳацзар ҟалоит. Шәарҭ шәхәыҷқәами! Ленин имавзалеи акумзар, Ашҭа ҟаҧшь жәдыруазар акухап Мап? Москватә аҳәынҭқарратә ауниверсите? Васил ацқьаӡа иныхабаа? Шьоукы ртәы шәаҳахьазыр ҟалап ҳәарада, шьоукы – мап. Шәааи ҳаицны иаҳдырп Москва. Уи даараӡа азҿлымҳара змоу қалақьми. Сгәы иаанагоит шәарҭгьы шәазҿлымҳаит. Иҳалшоит Москва аныҟәара ҳалагар. Москва аргылара аҭоурых Москва гылоуп аӡиас Москва аҟны. Москва аргылара Иури Долгоруков ихьыӡ иамадоуп. Иури иҩызцәа дрыцны аӡиас Москва ааигәа-сигәа днеиааиуен. Акыр аамҭа рныҟәара аамышьҭахь иааҧсан, ҭыҧк аҟны иаангылит. Аиҩызцәа рыҧсы ршьеит, крырфит. Ари аҭыҧ аӡиас Москва аҿықәа аҟны иҟан. Ари аҭыҧ аҟны даараӡа ирацәаны аҵаҵындра иазҳауан. Убри аҟнытә аиҩызцәа ари аҭыҧ “Ақыҭа ҟаҧшь” ахьӡырҵеит. Аӡиас аҟынгьы аҧсыӡ рацәа ыҟан. Ари аҭыҧ даараӡа игәаҧхеит аҭауад Иури. Нас еиликааит ари аҭыҧ абоиар Степан Кучка ишитәыз. Ари аҭыҧ фқыҭак рыла ишьақәгылан. Иури иӡбит, адгьыл аахуара, аха изтәыз даараӡа ихжәаны диҧылит. Изтәыз ас еиҧш ихжәаны иҧылара даараӡа даргәамҵит Иури, дирбаандаҩит арҭ ақәыҭақәа зтәыз, иҭаацәагьы, зегьы ахьирхәит. Ари абоиар даараӡа иҧшӡаз аҧҳа диман. Абоиар иҧҳа Иури иҷкун ҧҳәысс дигит. Уи адгьыл аҟны Иури ақалақь аргылара иӡбит. Ақалақь аӡиас ахьыӡ ахьӡиҵит. Москва иазкны аинтирес змоу афактқәа Зегьы ишәаҳахьазар ҟалап, Москва Европа аҟны идууӡӡоу ақалақь шаку атәы. Москава адунеи аҟны зегьы реиҳаӡа зыху дуу ақалақь шаку атәы. Уи еиҳагьы – Москва адунеи аҟны зегьы реиҳаӡа ирацәаны ибеиоу ауаа нхоит. Москва 79 ҩык амилиардерцәа нхоит. Москва Ниу-Иорк иаиааит амилиардерцәа хҩык рыла... Москватәи аметро атәы аӡәыр ишәаҳахьазар? Уи даараӡа идууп. Адунеи аҟны зегьы реиҳа идуу ируакуп. Уи 182 аангыларҭақәа амоуп. Москватәи аметро аангыларҭақәа рыҧшӡара зегьы иџьаршьоит. Быжьҩык аеҳәшьцәа ртәы шәаҳахьазар? Быжьҩык аеҳәшьцәа, аӡҕабцәа, ма ауаа ыҟаӡам. Быжьҩык аеҳәшьцәа ҳәа Москва аргыларақәа иыршьҭоуп. Арҭ аргыларақәа еиҧшуп. Убри азын иахьӡырҵеит быжьҩык аеҳәшьцәа ҳәа. Арҭ аргәыларақәа: 1..Асасааирҭа “Украина”; 2. Асасааирҭа “Ленинградскаиа”; 3. Кудринскаиатә асквер аргылара; 4. Ахьтәы гәашә админиастрациатә аргылара; 5. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра; 6. Москватәи аҳәынҭқарратә ауниверситет; 7. Кателническитә аҧшыҳә аргылара. Ижәдыруазу шәара Москватәи аҳәынҭқарратә абиблиотека Европа аҟны зегьы реиҳаӡа идуу шаку, Америкатә аконгресс абиблиотека аамышьҭахь уи аҩбатәи аҭыҧ амоуп. Абрысҟак азҿлымҳара змоу ахҭысқәа иџьашәшьозар ҟалап. Уи еиҳа шәаҳҳәоит. Москва адунеи аҟны зегьы реиҳаӡа ирацәаны апаркқәеи, аскверқәеи ыҟоуп, ақалақь адура инақәырҧшны. Измаиловтәи апарк, фымтә еиҳауп еицдыру Ниу-Иорктәи ацентралтәи апарк. Москва ауп иахьыҟоу Европа зегьы реиҳаӡа идуу аботаникатә абаҳчагьы. Еиҭах иџьашәшьашт? Останкинатәи аҟәарч атәы шәаҳахьазар? Останкинатәи аҟәарч Европа зегьы реиҳа згылара дуу ҟәарчуп. Останкинатәи аҟәарчгьы Москва иҟоуп. Москва аспорттә хумаррақәа лассы имҩаҧысуеит. 1980 шықәсазы Москва имҩаҧысит Аолимпиада. 2018 шықәсазы адунеи ачемпионатра ашьапылампыл азы Урыстәылан, ҳәарада Москвагьы имҩаҧысит. Москватәи аҭыҧҷыдақәа Ашҭа Ҟаҧшь Ашҭа ҟаҧшь Москва зегьы реиҳаӡа ахьӡҧша змоу ашҭа ауп. Абри ашҭа аҟнытә ақалақь ахырхарҭақәа зегьы рахь амҩақәа алагоит. Ашҭа ҟаҧшь Москвеи, иара убас Урыстәыла зегьы азы ишҭа хадоуп. Ашҭа ҟаҧшьы аҟны уаанӡа амҿтәы аргыларақәа ракун иҟаз. Аҳ Иван 3 тәи идҵа ала, ари аҭыҧ дрыцқьеит. Избанзар амҿтәы аргыларақәа лассы амца ркуан. Амцакра даараӡа лассы иҟалалон Москва. Иаарласны Ашҭа ҟаҧшь Москва џьырмыкь хаданы иҟалеит. Анаҩс еиуеиҧшымз амилаҭтә ныҳәарақәеи, ацеремониақәеи мҩаҧыргон: Аҳ икоронациа, ачара, анышәаҭара. Ашҭа ҟаҧшь аҟны даараӡа ирацәаны ақьылмыт ҟаҧшьы ала иргылоу аҩнқәа ыҟоуп. Ахьыӡгьы убри азы иарҭит “Ашҭа Ҟаҧшь.” Кремль Кремль Ашҭа ҟаҧшьы аҿы ихадоу ахәҭа ауп. Лассы Кремль Америкатә “Аҩны шкәакәа” иадыркылоит. Урыстәыла ахадеи, аиҳабыреи Кремль аус руеит, Америка – “Аҩны шкәакәа” аҟны еиҧш. Аиашазы Кремль абааш ауп иаанаго, уи абжьарашәышықәсатәи абаауп. Даараӡа ирацәаны Кремльқәа – абаашқәа ргылан Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны. Ҧсковтәи абааш раҧхьаӡа 1365 шықәса иргылан. Уи Европа зегьы реиҳаӡа идуу абааш ауп. Кремль мамзаргьы абааш аҟны, ажәытәын даараӡа аханқәа рацәаны иҟан, аруаа рыҩны, адәқьанқәа уҳәа убас иҵегьы. Кермль аҩнуҵҟа иргылаз ақалақьгьы Кремль ахьӡын. Кремль иадҳәалоу аинтирес змоу ахҭысқәагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап Кремль аҟны адунеи зегьы реиҳаӡа идуу аҵәҵәа ыҟоуп. Иара убас Кермль аҟны зегьы реиҳаӡа идуу абзарбзан ыҟоуп. Уи абзарбзан убрысҟак идууп, уи аҟнытә макьана зныкгьы имхысцт. Ижәдыруазар акухап Ленин Имавзолеигьы Кремль ишыҟоу. Амовзолеи рбарц даараӡа атурист рацәа азнеиуеит Москва. Васил ацқьаӡа иныхабаа Васил ацқьаӡа иныхабаа Москва иҟоуп, Ашҭа Ҟаҧшь аҟны. Уи адунеи аҟны ахадара ду змоу ныхабаауп. Лассы Васил ацқьаӡа иныхабаа Кремль иахәҭоуп ҳәа ргәы иаанагоит. Аха уи ихьҧшым ныхабаауп. Уи ргылан Иван Аџьбара иаҳра аан, 16 тәи ашәышықәсазы. Иҟоу аҳәамҭала, Аныхабаа иргылеит Италиатә архитектор. Италиатә архитектор длашәын. Уи иҭахын иргылар ауахуама, ахаан аӡәы ииымбацыз, имыргылацыз. Аныхабаа иџьоушьаша ахыб амоуп. Ауахуама аџьымшьы ҧшра змоу ахыб ахагылоуп, уи асы ақәхом. Ауахуама аҟны Васил ацқьаӡа иҧсыбаҩ шьҭоуп. Васил ацқьаӡа иҿаҳәы, 1547 шықәсазы Москва амцакыра ҟалоит ҳәа, иҿаҳәатәы нагӡеит.
Download