Авикингцәа
Авикингцәа Аҧхьажәа Авикингцәа – Скандинавтәи, Нормантәи амшынуаа аибашьҩцәа ракун. Урҭ 8-9 ашәышықәсақәа рзы иқәыланы Европа еиуеиҧшымз атәылақәа рҿы, аколониақәа шьақәдыргылон. Авикингцәа рыҧсадгьыл иахьатәи Шведтәылеи, Норвегиеи, Даниеи аҵакырадгьыл акун иахьыҟаз. Авикингцәа аҭаацәара аҟны ииыз аҩбатәи, уи анаҩс ииыз аҷкунцәа ракун. Ақьабз ала урҭ раб иҭынхара рыхәҭамзт. Ауааҧсыра рхыҧхьаӡара азҳара амшала урҭ адгьылқәа рзымхәо иалагеит. Урҭ амшын аҟны ақәылара ала рхы рбон. Авикингцәа ирылан аныҟәаҩцәеи, ахәаахәҭцәеи. Аха ажәа викинг амшынқәылаҩ акун иаанагоз. Иҟоуп агәаанагара Христофор Колуб Америкатә аконтинент ахь днеиаанӡа, авикингцәа акыр заа инеихьан ҳәа. Аиндеицәа рҿагылара амшала урҭ Америка анхара изаламгит. Авикингцәа зегьы иреиҕьыз аибашьҩцәеи, аҽықәтәаҩцәеи ракун. Урҭ 300 шықәса рыҩнуҵҟа Европа зегьы ршәаны ирыман. Агәымшәақәа, иџьбараз авикингцәа иццакуаз аҕбақәа рыман. Адгьыл аҟны урҭ қәҧарала рымҩа ылырхуан. Авикингцәа рыцҳара ҟамҵакуа ақалақьқәеи, ақыҭақәеи дырбгон. Урҭ Британиа, Ирландиа, Франциа, Италиа ахәҭак дырбгеит. Нас урҭ реиҳарак арҭ адгьылқәа рҟны анхара иалагеит. Авикингцәа рықәҧареи, рқәылареи 1100 шықәсазы иаҟәыҵит. Уи аамҭазы авикинг рацәа ақьырсианра рыдыркылеит. Адунеи аҟны абааҧсыра маҷхеит. Агәымбылџьбара адагьы авикингцәа уамашәа иубаша акы рыман. Урҭ иацәшәон амшын акыр иахьыҵаауылаз ахь анеира. Авикингцәа ргәы иаанагон амшын аҵааулара аҟны урҭ адгьыл иазнеиуеит, уаҟа урҭ изықәтәоу рыҕба каҳауеит ҳәа. Авикингцәа Исландиеи, Гренландиеи раҧхьатәи Европатәи анхацәа роуп. Авикингцәа рҭынч нхара Авикингцәа ҭынч ианынхоз ақыҭанхамҩа рнапы алакын. Авикингцәа реиҳарак анхаҩцәа ракун. Урҭ иаадрыхуан арыци, ауҭраҭыхи, ирааӡон аҳаиуан, ажә, ацә, аҳәа, аџьмақәеи, акәтқәеи. Авикингцәа абнатә ҧстәы иазышәарацон. Урҭ ажьи бзиақәеи, аметалургцәеи ракун. Авикингцәа даараӡа ибзиаз абџьари, ахьымаҭәеи ҟарҵон. Ихәхәаз аҩны ду аҟны авикингцәа рҧызацәа нхон. Аҧыза имаҵ зуаз уи ицны аҩны ду аҟны инхон. Анхарҭа Авикинг ақыҭауаа ҩныс ирымаз ақьалақәа роуп. Ақьалақәа шшаны иргылан. Акыр змаз анхаҩцәа идууыз, ҧшькәакь змаз аҩнқәа дыргылон, уаҟа рҭаацәа рыманы инхон. Скандинавтәи атәылақәа рҟны авикингцәа амҿтәы ҩнқәа рҟны инхон. Испаниеи, Ирландиеи, аҵла, аҩны аргыларазы иаҧсамзт. Араҟа авикингцәа ахаҳә ҩнқәа дыргылон. Аҩны ауаҭах хада идуын, илашьцан. Агәҭаны ахәшҭаара ҟаҵан. Араҟа афатә дырмазеиуеан. Ауаҭах хада иахьынхози, иахьыцәози акун. Аҩны аҩнуҵҟа лассы аҵәҩанқәа гылан, урҭ ахыб ркын. зны-зынла арҭ аҵәҩанқәа рашьҭахь ацәарҭа ҭыҧқәа ҟарҵон. Авикингцәа рқыҭақәа усҟак идуымзт. Урҭ ахәаахәҭреи, аусурҭақәа рцентрқәа еимардон. Абас еиҧш иҟоу ацентрқәа ҧшаауп Норвегиа, Даниа, Шведтәылатә аҵакырадгьылқәа рҿы. Аҩнқәа ракузар ахәаахәҭратә ацентри, амшын аҟәареи иацәыхараны иргылан. Убас авикингцәа харантә раҕа иҕба абареи, аҿагыларазы аамҭа рацәеи рыман. Амаҭәа Авикинг анхаҩцәа рышәҵатәы мариан. Урҭ ахарҧ еиқәаҵәа ршәын, уи ааҵәа еиҧш реиқәақәа хыхь ирықәҵан. Хыхь ииаша зақәыршәқәа рықәын. Акыр змаз авикингцәа рымаҭәа улаҧш ақәшәон. Урҭ иауыз аиқәеи, ақылҧади рышьан. Ирықәдыршәуаз еиуеиҧшым аҧштәы аман, еиҳарак илашаз аҧштәы рыман. Авикингцәа рыҟны иаларҵәан аласха хылҧеи, анапхарҧеи. Урҭ иара убас ацәеи, ауапцәеи ирылхыз ахылҧақәагьы рхарҵон. Ҷыдала даараӡа иҧшӡан аҳәса авикингцәа рышәҵатәы. Уи хыхь иҭшәан, акалҭ ҭбаан. Амаҭәа аҟны икнаҳан адаҷ хәыҷқәа, уи аҟны аҳәызба хәыҷқәеи, агәыри, амаркатыли уҳәа амаҭәахә хәыҷқәа кнаҳан. Хаҵа иҟаз аҧҳәыс ачыҭ ишкәакәаз иалхыз, ақәацә ҧшра змаз ахылҧақәа рхан. Аҳәса хәыҷқәа рхахәы ацахы ала иҿаҳәан. Авикингцәа аиха лыхтә аҩычага аныҟәгарагьы бзиа ирбон. Аҟәын змаз амаҟақәа бзиа ирбон, ирымҕарҵон. Аҳәса авикингцәа Аҳәса авикингцәа аҩны аус активрала иалахәын. Иҷыдаз ароль лыман аҭаацәара реиҳабы иҧҳәыс. Уи аҭаацәара ду рыфатә лнапы ианын. Авикингцәа рҭаацәа ахыҧхьаӡара рацәала ишьақәгылан. Аҭаацәа рыҧшәмаҧҳәыс агәра ганы дыҟазар акун аӡын азы афатә ирымоу рызхоит ҳәа. Аҳәса аӡын азы идырмазеиуан ашәи, ахушеи, акуацҩеи, аҧсыӡи. Аҳәса аҵиаа атәы бзианы ирдыруан. Урҭ ахәшә злырхшаз аҵиаақәа ирыҟәшәон. Аҳәса арахә ирхылаҧшуан, ахацәа шәарыцара ма аҧсыӡкра ианцоз. Аҩынҧҳәыс лыбҕа ахәарҭа ацҧха кыдҿаҳәаланы илыман. Ахацәа аныҟамз лара лакун аҭаацәа рзы аҭакҧхықәра зқәыз. Аҳәса авикингцәа 12-15 шықәса зырхыҵуаз хаҵа ицон. Уи ақәра азы имазеиын аҩнреи, аусуреи азы. Урҭ аҩны аҧҳәыс еиҳабцәа рыцхраауан. Ачара аҭаацәара реиқәшаҳаҭреи, реимадареи ала ишьақәгылон, урҭ рыцәгьареи, рыбзиареи еицырхыргон. Аӡҕаб лгәаанагара аӡәгьы дазҵаауамз. Аӡҕаб деихрарҵон. Уи аласеи, ачыҭи ирылхыз амаҭәеи, асыгеи, аӡахыгеи лыҭаны дрышьҭон лхаҵа иҩны ахь. Акыр змаз аҭаацәа аӡҕьаб ахьымаҭәагьы лырҭон. Аӡҕаб илгоз зегьы, лара лхатәы акун. Рхылҵ лан лбеара аҭынхацәа ракун. Аӡҕаб хаҵа лцара аамышьҭахь лхаҵа иҭаацәара рхаҭарнак лакухон, аха лхатәы ҭаацәара ахаҭарнакгьы лакун. Лхаҵа уи иҽеимкуа длызныҟәар, даашьаны, иҭаацәа изымбар, аӡҕаб уи дилҵуан. Уи азы иҷыдаз аритуал мҩаҧыргон, уи аамышьҭахь аӡҕаб зхаҵа илҵыз лакун. Ахәыҷқәа аилыҵра аамышьҭахь ран лҟны иаанхон. Ахыҷы дуқәа аҭаацәара ирзыршон. Амала аҭаацәара амазара ахәыҷқәа ршара аҟны ароль ду аман. Аҳәса авикингцәа Европатә аҳәса иреиҧшӡам, урҭ еиҳа ахьҧшымра рыман рхацәеи, ауаажәлари рыҟнытә. Урҭ рхатәы гәаанагарақәа рыхьчон, ахақәиҭра ала иалукаауан. Абџьар Авикингцәа иҕәҕәаз, акыр зычҳауаз аибашьҩцәа ракун. Урҭ уамашәа иубаша амчи, агәмшәареи рыман. Урҭ ибзианы ирдыруан аибашьра аҟазара, усҟантәи аамҭазы адунеи аҟны зегьы иреиҕьыз аибашьҩцәа ракун. Авикингцәа хҧа иҕәҕәаз ауаҩы дызшьуаз абџьар рыманҚ аҟама, аиха, аҧса. Ақәҧаҩы изы ахадара ду змаз аҟама акун. Аҟама ақәҧаҩы истатус аанарҧшуан. Авикингә аибашьҩы шаҟа ибзианы дықәҧоз аҟра убрысҟак ибзиаз аҟамагьы иман. Аҟама ирҧшӡаны иҟаҵан. Уи ахәҵәы ибеианы иҩычан. Авикингцәа аҟама ахадара ду арҭон. Урҭ аҟама ахьыӡқәа рырҭон. Авикингцәа рҧырак гьежьын. Еиҳарак уи амҿы иалхын. Аҧырак аиха акуршан. Агәҭагьы иҕәҕәаз аиха кыдын. Аҧырак акәыршара диаметрк иҟан, ақәҧаҩы даҵәахуан ибҕаӡара инаркны ихы аҟнынӡа. Аҧырыкқәа асахьақәа рнын еиуеиҧшымз аҧштәқәа рыла. Иара убас ишәарҭан аҧсагьы, авикинг инапы аҿы. Авикингцәа раҧсақәа џҭ сантиметр иҟан, аҧса ҧынҵа ҵәрын. Уи амҿтәы аҵәҩан хәхәақәа ирыдҿаҳәалан. Авикингцәа раҧсақәа харантә раҕа игәыдырҵон. Авикингцәа абџьар рымҕан, уи аҧстәы ацәа жәпала икәыршан. Ацәа ахахәы урҭ ахьҭа иацәыхьначон. Аҳәамҭа иҟоу ала, авикингцәа рлакҭаҩқәа атәыҩа дуқәа рыдҟаҵалан. Атәыҩақәа раҕацәа ианырбалак даараӡа иацәшәон, аха уи ишьақәырҕәҕәам ҳәамҭоуп. Аиашазы урҭ ирымаз атәыҩа зхагылаз алакҭаҩқәа иҷыдаз аритуалқәа раан ирхарҵон. Ҭавлеи Ҭавлеи иинтиресу астратегиатә хумарроуп. Урҭ авикингцәа рыҟнытә иаауеит. Уи ахумарра ашахмат рхәыцаанӡа акыр аамҭа заа ирхәыцхьан Европа аҟны. Скандинавиа аҟны уи ҷ тә ашәышықәса инаркны ихәмаруан. Авикингцәа Ҭавлеи Европа зехьынџьара иаладырҵәеит. Уи бзиа ибаны ихәмаруан, Гренландиа, Исландиа, Британиа, Украина уҳәа убас иҵ. Асахьақәа рыҟны ибзианы иубоит, ҭавлеи ашахмат еиҧш аиҟәшарақәа змаз аҕәы аҟны ишыхумаруа. Ашахмат еиҧш уи афигурақәа “аҳ” ифигура алоуп. Ахумарра ианалагоз “аҳ” афигура аҕәы агәҭаны итәарҭа аҟны дтәан. Ҭавлеи аҟынгьы аиқәаҵәеи, ашкәакәа фигәурақәа еиҿагылон. Аха ҭавлеи аҟны ахумарра аиқәаҵәақәа алагон. Аҕа ифигурақәа иҿагыло ифигурақәа ҩба рыбжьара иҟалар, усҟан ахумарҩы ифигура ицәыӡуан. Мифологиа Авикингцәа рмифологиа даараӡа азҿлымҳара амоуп. Уи иалоуп даараӡа аинтирес змоу аҵасқәа. Авикингцәа рынцәа хада Один иакун. Один аибашьра зыхьчоз анцәа иакун. Аҳәамҭа ала Один блак змаз, аеҵәа ҧштәы амаҭәа зшәы – абрыг иакун. Уи аашьапык змоу аҽы дақәтәоуп. Авикингцәа агәра ргон, аибашьра аҟны иҭахар, урҭ анцәа Один ицны рыҧсҭазаара наргӡон ҳәа. Авикингцәа агәра ргон аибашьра аҟны фырхаҵарала иҭахаз рыҧсҭазаара алаку ныҳәа ҭыҧ аҟны анцәа Один ихан аҟны инаргӡон ҳәа. Уаҟа аҳәса ҧшӡақәа арҭ аибашьҩцәа рымаҵ руан. Авикингцәа имҩаҧыргоз рныҳәа мшқәа даараӡа абжьдурала имҩаҧыргон, еиҳарак аибашьра аҟны аиааира аныргалак. Амузыкантцәа еиуеиҧшымз аинструментқәа рыҟны ихәмаруан. Авикингцәа апоетцәа – аскалдцәа, ажәеинраала дуқәа рыҩҩуан, иаҧхьон агәымшәа аибашьҩцәа ирызкна.
Download