Амӡырха
Амӡырха Акыр иаҧсоу сҩызцәа хәыҷқәа! Убри зыӡбахә сымоу (уажәраанӡа ишәзеиҭасҳәоз) аибадырреи аиҩызахареи ахьымҩаҧысуаз амӡырха џьашьахәу аҿы инхозаарын иҵегь зыӡбахә ҳамҳәац аҧстәы хшарақәагьы. Амӡырха дуӡӡан. Уи ахьалагоз угылан уҧшыр иахьынҵәоз аҟынӡа улаҧш наӡомызт. Уакәшарц уалагар мышкы хәлаанӡа уадхалон. Аҽҵыси, аласбеи, ацыгә хәыҷы рзы даара ихаран. Убри аҟынтә урҭ хәыҷы-хәыҷла рыҧсы шьо, ихәмаруа, еибарҧо акәын амӡырха зегьы ишахысуаз. Амҩа иқәнаҵы ирбоз-ираҳауаз, ирҧылоз џьашьатәыс ирыман, ахаан ирымбацыз рацәан. Амӡырха иҭагылан аҧшәма иҩын ду. Уи убриаҟара иҳаракын, ухы уҩаханы уанаҵаҧшлакь, ухылҧа ухшәаны икашәон. Аиҩызцәа – аҽҵыси аласбеи ацыгә хәыҷи изныкымкәа абри аҩны иаҵаҧшхьан Аха аҩны ахыб хыхь ихараӡан аҟынтә, иагәылыҳәҳәоз ауаџьаҟ рызгәаҭомызт. Аҩын ду иавагылан амаҵурҭа. Уахьынтәи афҩықәа лаҳалаҳауа ираҳалон. Дамшәи Ҵиси зны-зынла инеины иныҩнаҧшуан, аҩналара рзымгәаҕьуа. Дук инахарамкәа ишышны игылан Аҧацха. Уи еснагь алҩаҵә ахылызза ицон. Аҩныҵҟа амца еиқәын. Ақыдқәа ахьеиҿажьыз аҿҿаҳәа ибылуан. Зны аҷҷаҳәа афархь абжьы гон, амца ианақәрыҧсалакь, аҧырҕ хәыҷқәа апыҟҟаҳәа итҟәацуан. Аҩын ду аварахьала инаскьаган ацá гылан, еснагь аџьықәреила иҭәыз. Уи ааигәара иазҳауан áца ду. Аца ахыцәқәа кьышә-кьышәра ажәҩан аҟынӡа инаӡон. Аца акырӡа ацá иахыҳәҳәон. Ацақәа иҟаҧшь-ҟаҧшьӡа ианыҟалалак, аҵарақәа уи амахәқәа ирықәтәаны áца ҟаҧшь кәымпылқәа кылрыҵәҵәон, зны-зынла зынӡа иҿыҟәшәааны ирфон áца амахәқәа ирықәтәаны ацá иҭаҧшуан. Уа иҭаз аџьықәреи даара еилаҳауан. Ацá инацәыхарамкәа игылан акәыҭҵара. Уа акәытқәа еибарҟарҟаруан. Иҵоз акәытқәа аҵарҭақәа ирыхтәаланы каркарран изҿыз. Арбаҕь ҿнаҭуан кы-кы-кы-кы – ҳәа. Егьырҭ Арбаҕь ҿарақәа кыр-ка-ку – ҳәа иааиларыҧсон. Ҭынчра ыҟамызт уи акәытҵара акәша-мыкәша. Абри амӡырхаҿы имҩаҧысуан аангылашьа змамыз аҧсҭазаара. Араҟа еицынхон еиуеиҧшымыз аҧстқәеи аҧсаатәқәеи. Урҭ еиҧылон, еицыхәмаруан, еицәажәон, еиҩызцәахон, зны-зынлагьы еисуан, акы еимаркуан, игәаауан. Досу дара рус иаҿын. Абри зыӡбахә ҳамоу амӡырха џьашьахәы аҿы Мархәаци, Дамшәи, Ҵис-миаауи рыдагьы инхозаарын макьана ишәзымдыруа даҽа ҧстқәакгьы. Уи аҳәыс Муу, аӡыс Мее, абат Бааҟ – ракәын. Урҭ реиҧылареи реибадырреи атәы сара иаарласны ишәзеиҭасҳәараны сыҟоуп. Избанзари уи даҽа хҭысуп. Уи ҟалеит сара изҩраны иҟоу ажәабжь ҿыц аҿы.
Download