Акосмос аҟнытә иҧаз ауаҩы
Акосмос аҟнытә иҧаз ауаҩы Уи адунеи аҟны зегьы ирдыруаз иакухеит. Уи иҧара адунеи зегьы ателехуаҧшреи, аинтернет ала иахәаҧшуан. 2012 шықәса абҵарамза 14, Австриатә Феликс Баумгартнер акосмос аҟнытә апарашут ала дыҧеит. Уи ауаҩы заанаҭла аҧырҩы иоуп. 16 шықәса аныихыҵуаз ианркны уи хыхьынтә аҧара бзиа ибон. Дыҧон ацҳақәа, аҿаҟьақәа рыҟнытә акрабатикатә атрикқәа ҟаиҵон. Баумгартнер Рио-де-Жанеиро аҟны Қьырса ибаҟа аҟнытәгьы дыҧахьеит. Ари аҧара аамышьҭахь ари агәымшәа ауаҩы иахь азҿлымҳара аадырҧшит. Баумгартнер урҭ ирыдигалеит акосмос аҟнытә аҧара аидеиа. Уи иаразнак афинансра изыруит. Иахәҭаз амаҭәеи, амаҭәахуи ирҭеит. Феликс акосмос аҟнытәгьы ақәҿиара иманы дыҧеит. Баумгартнер иҧарада адунеи арекордқәа хҧа рыҟны аиааира игит: 1. Зегьы реиҳаӡа идууыз зхы иақәиҭыз аҧырра. Арекордсмен ихы дақәиҭны иҧара: минуҭки 20 секунди иҟан, уаанӡа хыхь ахунаразы аҳаиртә ампыл 2 сааҭки, 16 минуҭи аҭахуп. Баумгертнер адунеи аҟны зегьы реиҳаӡа иҳракыз аҭыҧ аҟнытә дыҧеит – аҳаиртә ампыл ала уи алада данлыбаауаз 39 километр аҳракыра дазенихьан. 3. Аспортсмен зегьы реиҳаӡа иццаку аҧырра аҟны ишьақәирҕәҕәеит арекорд, Уи адгьыл ахь 1341,9 километр сааҭк аласра иманы длеиуан. Ас еиҧш иҟоу аласра уаанӡа аӡәгьы илымшацызт. Уи арекор аиҕьтәра далагеит Америкатәи аҧырҩы Џьо Китинг уи илшаз 988 км/сааҭ ауп. Баумгартнер ирекорд еиҧшу ҟамлацт. Арекордсмен Ниу-Мексика асакара аҟны изгәыбылҩцәеи, аҳақьымцәеи изҧшын, уи уаҟа дтәар акун. Уаҟа уи уаанӡатәи арекордсменгьы дизҧшын. Џьо Китингер ихатәы аҧырра азы ас еиҧш ахцәажәара ҟаиҵит: “Аиашазы зны -зынла даараӡа иҳракны уқәлар ауп, уа еилукаауеит уара ухаҭа, шаҟа ухәыҷу”.
Download