Каир

Каир   Алагалажәа Каир – Мысра (Египет) аҳҭнақалақь ауп. Уи Африка ақалақь дуқәа ируакуп. Ауааҧсыра рхыҧхьаӡарала ажәафтәи аҭыҧ ааннакылоит. Каир аофициалтә хьӡы «Аль-Кахира» ауп. «Аль-Кахира» ажәа еиҭаугозар «Аиааирагаҩ», «Атриумфатор» ауп иаанаго. Ҭоурыхла уи ахьӡ еиҭагахоит «Аҕацәа зыршәо» ҳәа. Уи ахьынтәааго ақалақь иамоу атитул аҟынтә ауп. Ари аҩыза атитул ахҵоуп Каир иамаз амчра ду иабзоураны, избанзар Каир зымпыҵазхаларц иаҿыз зегьы акгьы рылымшаӡакәа ихынҳәуан. Каир ахьыҟоу аҭыҧ ихадароу, акрызҵазкуа аҭыҧқәа иреиуоуп. Уи Нил аӡиас ихықәгылоуп. Нил аӡиас Каир аизҳазыҕьараҿ иалшахьоу, наҟ-наҟгьы иалшаран иҟоу рацәоуп. Каир иазку аҭоурых ссирқәа Каир – Мысратәи ацивилизациа ду ахыҵхырҭа. Каир азааигәара иҟоуп еицырдыруа Хеопс ипирамида. Уи ргылоуп 2 миллион цыра ахаҳәтә блокқәа рыла, аргыларагь ҩажәа шықәса иаҿын. Каир злардыра пира-мидала мацара акәым. Араҟа иҟоуп ижәытә-ӡатәиу асинагога. Зегь реиҳа ихадароу, ара иҟоуп адунеи аҿы ауниверситетқәа зегьы иреиҳау Каиртәи ауниверситет Аль-Азари. Каиртәи амилаҭтә музеи адунеи аҿы зегьы иреиҳау, ажәытәтәи аколлекциақәа рыла зегь реиҳа ибеиоу музеиуп. Каир аблахкыгарҭақәа Каиртәи амузеи Мысратәи антикатә музеи, иааркьаҿны иуҳәозар – Мсратәи амузеи – афараонцәа рхаантәи антикатә культура абаҟақәа адунеи аҿы зегьы иреиҳау аҵәахырҭа. Амузеи иамоу аҟазаратә аҧҵамҭақәеи абзазаратә маҭәарқәеи цәыргақәҵоуп 136.000 експонат. Ари амузеи аҧҵан 1835 шықәсазы, Мысра аиҳабыра рықәҵарала, ажәытәтәи антикатә баҟақәеи археологиатә ҧшаамҭақәеи реиқәырхареи рыҵәахреи хықәкыс иҟаҵаны. Амузеи аартын 1858 шықәсазы, афранцыз археолог Аугуст Мариетт еизигаз аколлекциала. 1880 шықәсазы уи аколлекциа Исмаил ҧашьа ихан аҟны ишьҭарҵеит. 1900 шықәса инаркны уи ииаргеит, Каир агәҭаны, Тахрир ашҭа ду аҿы игылаз, иахьагьы игылоу, анеоклассикатә стиль ала иҟаҵоу ахыбра ҿыц ахь. Аколлекциа ихадароу ахәҭақәа иреиуаны иҧхьаӡоуп афараон Тутанхамон идамраҿы иҧшааз аекспонатқәа. Амузеи иамоу аҳцәа рмумиақәа руадаҿы иҟоуп афараонцәа рхаантәи аҳцәа рмумиақәа 27. Мысра апрезидент Анвар Садат иҟаиҵаз адҵала 1981 шықәсазы ари ауада аркын. 1985 шықәсазы уи ауада ҿыцны иҟаҵаны еиҭаартын, амумиақәа реиҳарак аҧардақәа рҿаршәны иҵәахын. Каиртәи абааш Каиртәи абааш ргылан 1176-1183 шш. рзы асулҭан Саладин ибзоурала. Ирҳәоит абааш ахьыргылаз аҭыҧ аҿи, уи акәша мыкәшеи аҳауа цқьа ыҟан ҳәа, убри ауп асулҭан Саладингьы абааш аргыларазы зыӡбахә ҳамоу аҭыҧгьы залихыз. Алегенда ишаҳәо ала, Саладин ацәқәа шьны, рыхәдақәа Каир ақалақь иахьабалак икнаиҳаит, абааш ахьдыргылашаз аҭыҧгьы убрахь иналаҵаны. Акәац ҽыҭқәа ахьыкнаҳаз зехьынџьара ибааит, џьарак ада. Иахьымбааз, акәац шҿыцыз иахьынхаз аҭыҧ аҿы иргылахеит нас Каиртәи абаашгьы. Каиртәи абаа аргылара аҭоурых адагьы, иҟоуп уи иадҳәалоу имаҷымкәа егьырҭ аҭоурыхқәагьы. Урҭ рахьтә акык-ҩбак уажә сара ишәзеиҭасҳәап: · Каиртәи абааш Мысра аиҳабыра резиденциас ирыман 1860 шықәса рҟынӡа. Убри нахыс Мысратәи аҳәын-ҭқарра аиҳа-быра даҽа резиден-циак ахь ииасит. · Абааш азааигәара иҟоуп х-џьаамак. Моххамед Аль-насир иџьаама – заатәи амамлиукцәа рхаан аахыс игылоу; Сулеиман-пашьа иџьаама – а-16-тәи ашәышықәса иаҵанакуа, аҭырқәа стильла иҟаҵоу; ахҧатәи – 1828-1848 ш.ш. рзы иргылаз, Каиртәи абааш ақәцәаҿ иҟоу Моххамед Али иџьаама. · Каиртәи абааҿы иҟоуп аинтерес ду зҵоу аргыларақәеи аусбарҭақәа рхыбрақәеи. Иаҳҳәап, абаа иахәҭакны иҟоуп: Мысратәи Амилаҭтә арратә музеи, иара убасгьы Мысратәи аполициа амузеи. · Каиртәи абааш архитектура уникалтәуп, абжьарашәышықәсатәи аамҭа иаҵанакуа, адунеи аҿы еицырдыруа ахыбрақәа ируакуп. Уи архитектура аеииубидтәи, амамлиуктәи, аосмантәи астильқәа рыла еиҿкаауп. Апирамидақәа Каир ақалақь аҿы зегь реиҳа ихадароу блахкыгарҭаны иҧхьаӡоуп апирамидақәа. Мысратәи апирамидақәа адунеи аџьашьахәқәа ҳәа изышьҭоу иреиуоуп. Ари Мысраа ажәытәӡан иҟарҵаз идуӡӡоу хаҳәтә ргыларақәоуп. Арҭ аргыларақәа ҟаҵоуп амашьынақәеи атракторқәеи рхархәарада. Мысраа напыла еиҭаргон ахаҳә ҧҽыха дуӡӡақәа (аҳарыҟәақәа). Апирамидақәа дыргылон акыршықәса. Изыздыргылозгьы афараонцәа ракәын. Зегь реиҳа иҳараку апирамида Хеопс, мамзаргьы Хуфу ипирамида ауп. Уи дыргылеит Хуфу афараон идамра аҳасабала. Хеопс ипирамида х-уадак амоуп. Раҧхьа иандыргылаз (2550 ш. ҳера ҟалаанӡа) уи аура 147 метра иҟан. Аха иахьа, адгьыл аҿыӡәӡәаара иахҟьаны, 139 метроуп иахьынӡанаӡо. Хеопс ипирамида иаҭаауеит ҵҩа змам атуристцәа. Шәаргьы ишәылшоит шәаҭааны ижәбарц. Апирамида уҩналар ҟалоит Ақәылаҩцәа ртуннель захьӡу аҩналарҭала. Хеопс ипирамида адунеи аџьашьахәқәа бжьба ирхыҧхьаӡалоуп. Уи адагьы, Хеопс ипирамида аџьашьахәқәа быжьба рҟынтә иара раҧхьатәиуп, избанзар зегь реиҳа ижәытәтәиуп. Хеопс ипирамида адунеи аҿы абас еиҧш иҟоу аргыламҭақәа зегьы иреиҳауп. Хеопс ипирамида ҟаҵоуп ҩ-миллионки хышә нызықь цыра ахаҳә дуқәа рыла. Хаҳәцыҧхьаӡа 5-6 тонна инаӡоит. Урҭ рахьтә иуҧылоит 20-30 тонна зкапануа ахаҳәқәагьы. Иҟоуп 70-тонна инаӡогьы. Хеопс ипирамида ажәытәӡатәи ахьӡ – Хуфу илаҧшҳәаа ҳәоуп ишыҟоу. Мысра иҟоу апирамидақәа рахьтә ас еиҧш, хыхьлагьы ҵаҟалагьы абжьысырҭақәа зманы, иҟаҵоу акызаҵәык ауп, уи Хеопс ипирамидоуп. Аҳ иуада ҳәа изышьҭоу шәыҩнаҧшырц шәҭахызар, ҵаҟа шәылбааны акыраамҭа шьапыла шәныҟәароуп. Гизаа рпирамида дуӡӡа аҩналарҭа иаҿан иныҟәо агәашәқәа. Урҭ 20-тонна инарзынаҧшуа иркапануан, аха аҩныҵҟала имырхьаацәакәа напыла унрыгәҭасыр иаармарианы иаатуан. Адәахьала урҭ ашәқәа шаҿазгьы узгәаҭомызт, избанзар уаҩы имбо ахаҳә иаласаны иҟаҵан. Хеопс ипирамида ҟаҵоуп иџьашьахәу архитектуреи асимметриеи рыла. Апирамида ҟаҵоуп аҧшьганкгьы маҷк иларҟәны. Архитектуреи асимметриеи рҷыдақәа ирыбзоураны, Хеопс ипирамида акопиа, иара иеиҧшҵәҟьоу даҽа пирамидак ҟаҵашьа амаӡам. Ауниверситет Аль-Азари Аӡәырҩы аҵарауааи, дара мсрааи Аль-Азари ауниверситет ижәытәӡатәиу ҳәа ирыҧхьаӡоит. Ари ауниверситет аҧҵан 10-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы. 988 шықәса инаркны араҟа иреиҳаӡоу аҵара роуа иалагахьан. Раҧхьаӡа ари ауниверситет аҿы адырра роуан официалла акәымкәа, ус баша. Аха ишнеи-шнеиуаз аҵараиура ҟалеит официалла, уи иаанагоз ирыдыркыло иалагеит астудентцәа, аус адулан ишьақәдыргылеит арҵаратә прог-раммақәа, ианалгоз ирырҭон адипломқәа. Аханатә ауниверситет аҿы ирҵон аисламтә зиндырра, араб бызшәа, атеологиа. Ауниверситет Аль-Азари иахьа арабҵареи аисламҵареи ирҵентрны иҟоуп. Ҳаамҭазтәи ауни-верситет Аль-Азари аҧҵара напаркын 1960 шықәсазы. Убри ашықәсқәа рзоуп ауниверситет аҿы ианаартыз амедицина-тәи анџьныртәи факультетқәа. 1062 шықәсазы раҧхьаӡа акәны аҧҳәызба дрыдыркылт аҵарахьы. Иахьа уи ауниверситет аҿы аҵара рҵоит ахацәагьы аҳәсагьы. Ҳаамҭазтәи ауниверситет шьақәгылоуп хыҧхьаӡара рацәала афакультетқәеи арегионтә филиалқәеи рыла. Аҵыхәтәажәа Ишаҳбаз еиҧш, Каир иблахкыгоу, иџашьахәу, акразҵазкуа, аҭоурых ду змоу қалақьуп. Уааҟәымҵӡакәа уахцәажәалар ауеит ари ақалақь. Иара иазкны ирацәаӡаны уаҧхьар, иахҳәааны ирацәаӡаны иуҩыр ауеит иара убасгьы. Иара – амаӡақәа рымаӡа, нҵәара зқәым, ҳәаа змам. Ари ақалақь уазҿлымҳахар, иуҧшаар улшоит Мысреи Каири ирызку ашәҟәы хазынақәа. Уандухалак уара, хымҧада, уаҭаан иубароуп ари аҭыҧ ссир, избанзар Каир адунеи аҿы акрызҵазкуа қалақьуп, уаҟа уара иузыҧшуп адунеи аџьашьахәқәа рахьтә зегь раҧхьа игылоу аџьашьахә.
Download