
“Аҧсҭазаара аныҟәара ауп”
“Аҧсҭазаара аныҟәара ауп” Агәабзиара бзиа шәыманы шәыҟазарц азы, акыр аамҭа аҧсҭазаара шәымазарц, изҩыдоу аҧсҭазаара ныҟәыжәгар ауп. Изҩыдоу аҧсҭазаара аҵасқәа иазкны даараӡа агәаанагара рацәа ыҟоуп. Аха зегьы еиқәшаҳаҭуп, ииашуо акрыфареи, аҵысреи агәабзиара агарант ауп. Изакәытәи изҩыдоу афатә, агигиена закуи? Шәарҭ ари ашәҟәы аҟны шәаҧхоит. Ажәытә аберзенцәеи, аҩреи Ажәытә аберзенцәа рҟны абас ирҳәон: “Уҕәҕәазар уҭахызарҽ уҩла, уҧшӡазар уҭахызар – уҩла, уҟәышзар уҭахызар – уҩла”. Ари анҵамҭа ахаҳәа иануп. Ажәытә Берзентәыла аҩра ахадара ду аман. Аҩра спорт ахкқәа руакы акун. Иара убас иҩуаз урҭ адырра ҿыцқәа алазҳәоз реиҧш рхы иадырҳәон. Берзентәылатә ақалақьқәа руакы – Олимпиа аҟны шықәсык знык аицлабра мҩаҧысуан аҩра азы. Ари аицлабра “Олимпиатә ахумаррақәа” рыхьӡын. Абарҭ ахумаррақәа рҿы абырзенцәа ирыцны еиуеиҧшым атәылақәа рыҟнытә атлетцәа алахәын. Зегьы реиҳаӡа иласыз даиааиуан. Аиааира згаз адаҧарқәақәа ихы иахадыргылон. Амарафон аҟны иҩуаз аиааира згаз уи дахьынхоз ақалақь аҟны абаҟа издыргылон. Ажәытә Берзентәыла аҩра иҷыдаз ахадара арҭон. Аҭҵаарадырҩцәа аҩра азы Аҭҵаарадырҩцәа иашьклаҧшуан ауаҩы ицәеижь аҩра аамышьҭахь. Урҭ алкаа иазнеит, аҩра аамышьҭахь ауаҩы еибарххара имнахуеит, ихы еиҳа еиҕьны ибоит. Ауаа лассы иҩуа, 10 шықәса рыҧсҭазаара иацырҵоит. Аҩра ашша арӡҭуеит, убри азы уи ихәарҭа дууп ажьы зку ауаа рзы. Аҩра агәы арҕәҕәоит, арҧҳақәа русура еиҕьнатәоит – ари зегьы ауаҩы игәабзиара анырра азнауеит: иҩуа ауаа лахҿыхуп, рыхшыҩгьы еиҳа ирласны аус ауеит. Шәыҽшәырмазеи! Аҩра худаҧсадатә аспорт ауп. Даараӡа имариоуп, ари аспорт хкы ныҟәшәгарц азы. Шәарҭ ишәылшоит амҩа аҟны шәыҩыр, аҧсабараҿы – зехьынџьара, ауаа ахьмаҷу, атранспрт ахьмаҷу. Еиҕьуп аҧсабара аҟны шәыҩыр. Аҧсабара аҟны аҳауа цқьоуп, ашәаҧыџьаҧ рацәоуп, аҵәыҵәри рацәоуп. Шәыҩыр шәылшоит шьыжьы заа, иара убас хылбыҽхан. Шьыжьы аҳауа цқьоуп, аҩрагьы еиҳа игәыхәароуп. Амала шьыжьы агылара шәацәымаашьар ауп. Ишәшәышәц имароу амаҭәа, аботас. Аҩра шәалагаанӡа шәыбҩақәа шәыршы, ахыннатә маҷк ашьшьаҳа шәыҩла, шәдашқәа еиҵышәымхырц азы. Анаҩс амшқәа ишәылошит абжьаӡареи, аласреи иацшәҵар. Шәыҧсыҧ еиҟраны, иҵаауланы еивыжәга. Аӡсра Аспорт бзиа ижәбозар, аӡы бзиа ижәбозар, шәарҭ аӡсра ахь шәныҟәар ауп. Аӡсра егьырҭ аспорт хкқәа изларылукаауа, абҩарҵәыра аӡы аҵаҟа амҩаҧгарала ауп. Аӡы аҟны абҩарҵәыра амҩаҧгара еиҳа иуадаҩуп, аҿагыларагьы еиҳа иҕәҕәоуп, убри аҟнытә шәдашқәа зегьы аус руеит. Аӡсра аан анапы аҵысра ҳацхраауеит ҳӡаамҟәрыларц, ҳаиаҭаҵраҿыи. Аӡсра азы ҧшьстильк ыҟоуп: Кроль, Ҟәаҟәла аӡсра, Брас, Батерфлаи. Аӡсра ақәра амаӡам. Англиа 2008 шықәсазы Фил Шои, Ана Тореси аӡсразы аҧшқацәа рыдыркыло иалагеит: “Иӡсуаз” рықәра 6 мчыбжьа инаркны иалагон. Урҭ ирылшоит мчыбжьык ҩынтә аӡсратә аклуб ахь анеира. Ахәыҷқәа ирласны аӡы иашьццылоит, ахӡааҟәрылара рылшоит. Ақәыҧшра инаркны аӡсра иацхраауеит ахәыҷы изҳараҿы, ицәеижьы аҿиараҿы. Аӡсра иахәарҭоуп агәи-ашьеи ачымазарақәа. Аӡсра ҷыдала угәы иаахәоит аҧхын. Аҧхын ауаа ашора азы ауадаҩрақәа рымоуп, уи аамҭазы аӡы ахәарҭа унаҭоит. Шәарҭ амшын ма аӡиас ааигәара шәынхозар, шәразҟы иакит … Аха амшыни, аӡиаси аҟны аӡсра аҧхын ауп алшара аныҟоу. Ааҧыни, Ҭагалани, Аӡыни аӡҭарчы ахь шәнеиыр шәылшоит. Шәыҽшәырмазеи! Аӡҭарчқәа ыҟоуп иаарту еиҧш, иара убас ихҩоугьы. Шәарҭ аӡсраз акостиум шәҭаххоит. Арезина иалху ачхьаҧ ласқәа, аӡыбласаркьа, ацәарбага мпахьшьы, асапыни, ашампуни. Аӡҭарчы аамышьҭахь шәарҭ аӡхьыршарҭа шәыдшәкылар ауп. Аӡхьыршарҭа ахь арезиналых ачхьыҧласы шәышьашәҵар ауп, шәцәышәжьы ибзианы ишәкуабар ауп. Ииашоу афатә Иҟоуп ихырҳагоуи, иуҧырхагоуи афатәқәа. Ихырҳагоу афатә ацәеижь иаҭаху амаҭәахуи, аенергиеи ҳнаҭоит. Иуҧырхагоу афатә ацәеижь аҟьшьуеит, агәаҧзиара иаҧырхагоуп. Иаҳфари? Ессымша иаҳфалар ауп: · 1. Маҷк ача; · 2. Ауҭраҭыхи, ашәыри рацәаны; · 3. Акуаци, акутаҕьи; · 4. Ахшлых. Ача Ача, арчыгеи, аӡыи, ачашылеи рыла идырмазеиуеит. Ачарыц ашыла ала ирмазеиу ача ишақәнаго афара дараӡа ихырҳагоуп ауаҩы ицәеижь зы. Ҽнак 150 грамм ача хымҧада ифатәуп. Ашәыри, ауҭраҭыхи Ашәыри, ауҭраҭыхи ифшәар шәылшоит шаҟа шәҭаху. Урҭ ҷыдала ихырҳагоуп. Урҭ рыфара аамышьҭахь ацәеижь еиҳа еиҕьны аусура иалагоит, ихырҳагоу амаҭәаху аиыуеит ацәеижь. Ашәыри, ауҭраҭыхи зегьы хырҳагоуп, аха урҭ ирылоуп зегьы реиҳаӡа ихырҳагоу. Зегьы реиҳаӡа ихырҳагоу ашәыр: аҵәа, греифут, банан, аргәыц шәыр (аҵыҵындра, амаахыр уҳәа убас егьырҭ), киви, аурысаца, ажь, акырпыжә, аҵыҵмыџь,. Зегьы реиҳаӡа ихырҳагоу ауҭраҭых: броколи, амарковь, акапусҭа, аҷархал, аҳаршьыл, апамидор, аџьымшьы, атапырџьан, аҿыш, болгартә пырпыл, асоиа, аҟәыд, аиаҵәар. Ааҧын ҷыдала ауҭраҭых ахырҳагара амоуп, асалаҭ. Ишәыдаҳгалоит ихырҳагоу, имариоу асалаҭ армазеира аҵас: Ишәҭаххоит асалаҭ абыҕьқәа, аеҵәара, анаша, аџьыкхыш, ахуша, абжьеи. Аеҵәара зегьы ирссаны ишәыххы, асалаҭ абыҕьи, анашеи еицарсаны, еилшәырх аџьыкхыши, абжьеи, ахушеи рыҭаны. Ари асалаҭ агәабзиараз ихырҳагоуп. Акуаци, акутаҕьи Акуац зыда ҧсыхә ыҟам фатәуп. Уи иалоуп ахадара змоу аалыҵ. Аха акуац алхра даараӡа иуадаҩуп. Иҧхасҭоу акуац ауаҩы иҧырхагахар ҟлоит. Еиҕьуп, ирҵаау акуац аашәымхуар. Зегьы реиҳа ахырҳагара амоуп акуацжәы. Акуацжәы аеҵәара адкыланы ишәфар шәылшоит. Ахшлых Ахши, ахшлыхи ауникалра змоу аалыҵуп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Ахш аҧсҭазааразы аӡыи, ашьа шкәакәеи ҳәа иашьҭоуп. Ахш аҧшқәа раҧхьатәи ифатә ауп. Ахшлых: ахш, ахырҵәы, ахаҷо, ашә, ахҷаҭ. Ахши, ахшлых аалыҵи ҷыдала ихарҳагоуп абҩақәа рзы, избанзар калцим рацәаны иалоуп. Ахәыҷқәеи, абрыгцәеи, урҭ рыбҩа арҕәҕәаразы уи ҧсахра змам фатәуп. Иаҳамфар иҟамло закуи? Адунеи аҟны зқьыла астатиақәа рыҩҩуеит иҧырхагоу афатә иазкны. Ас еиҧш иҧырхагоу афатә ҳәа иҧхьаӡоуп: ачипс, агаз змоу арыжәтә, ирласны ирмазеиу афатә, амаионез, аџьыкхыш, ашьақар, арыжәтә, акалбасқәа, иӡу афатә, ахаатәы. Аӡы Аӡәы ацәеижь арыцқьоит. Ацәеижь атемпература еиқәнаршәоит. Ацәеижь аҟнытә аҧхӡы иацны ашша алнагоит. Аӡы амжәра, ацәеижь аҟны ацәынха аизгара иацхраауеит, уи ачымазара алагара амзыз ауп. Аӡы рацәаны ишәыжәла! Акрыфара аҵасқәа Акрыфара аан аӡы ажәра иҧырхагоуп. Иара убас аӡы ажәра аҧырхага ҟанаҵоит актирвратә аҵысра аан – аҩра, абҩарҵәыра аан. Излауала ашьшьаҳа, шәмццакыкәа крышәфала. Ашьшьаҳа акранышәфо шцәеижь еиҳа еиҕьны иарсоит афтә, уи еиҳа ихырҳагахоит. Афатә аиҳарак амш раҧхьатәи абжаразы ишәыдшәкыл, амш аҩбатәи абжаразы излауала еиҳа имаҷны ишәфы, избанзар ари аамҭазы ацәеижь иацәыуадаҩуп афатә арсара. Афатә ашәыр ашьҭашәымҵан. Ашәыр акыфара шәалагаанӡа ишәыдшәкылала – еиҕьуп, сааҭк – ҩсааҭк заа.
Download