Аиҩызцәа
Аҽҵыс хәыҷ Мархәац ашҭа иҭан, иҩуа амырхәага ицәын. Уи бзиа иабон ахәмарра. Ҽнак ашҭаҿы уи иабеит ахаан иамбацыз зҵыхәа хәыҷ бабаӡа ихәымсысӡа, зшьапқәа шкәакәаӡа иҟаз аласба хәыҷы Дамшә. Уи бзиа иабон ахәмарра. Ибажәгәаламуа ашҭа иҭан. Дамшә амышәҳәыс хәыҷ иеиҧшын. Убри акәхап Дамшә ҳәа хьӡыс изаиузгьы. – Уааи ҳаицыхәмарып – аҳәеит Мархәац. – Ҳаицыхәмарып – аҵыхәа хәыҷ аршәшәеит Дамшә. Аха убри ашҭаҿы Мархәаци Дамшәи рыдагьы инхозаарын Ҵис-миаау захьӡыз ацыгә хәыҷы. Уигь бзиа иабон ахәмарра. Урҭ уаҵәы еиҧыларан иҟан. Аха уи даҽа хҭысуп. Урҭ шеиҧылаз сара уаҵәы ишәзеиҭасҳәоит.
Download