Ахәлыҧҵыс ҵысу, ҳәынаҧу

Ахәлыҧҵыс ҵысу, ҳәынаҧу   Маҵиса лан длызҵааит: – Сан, иахьа ахәыҷқәа ҧстәы џьашьахәык сдырбеит. Иара аҳәынаҧ иеиҧшын, аха амцәыжәҩақәа аман, еиқәаҵәан. Аӡәы уи ҵысуп иҳәеит, даҽаӡәы ҳәынаҧуп иҳәеит. Аха иаҳзеилымкааит, уи уахынла иҧыруеит, бжьыкгьы ахылҵуеит, аха иагьҳәынаҧым, иагьҵысым. Маҵиса, уи ахәлыҧҵыс ауп. Ишҧа, ишҧа? Ахәлыбҵыс. Мап Маҵиса. Ара ҩ-жәак еицуп, ахәылҧ ҵыс. Ахлыҧҵыс ус хьӡыс иарҭеит уахынла иахьцәырҵуа азы. Нас, уи ҵысу иҳәынаҧу? Иџьоушьаша, иахьагьы еимаркуеит, џьоукы ҵысуп рҳәоит, џьоукы ҳәынаҧуп рҳәоит. Ахәылҧ ҵыс. Аҧцәыжәҩа змоу аҳәынаҧхәыҷ. Иџьашьатәуп ари аҧстәы. Џьоукы ирҳәоит уи амшьҭа цәгьоупҳәа. Аҵыс ҳәынаҧхо, аҳәынаҧ ҵысхо? Анцәа идырып.
Download