Шахмат
Шахмат Ашахмат ахәмаррақәа рыхкы ауп. Уи азҿлымҳара дуи, ахшыҩи ахәыцреи аҭахуп. Ашахмат адунеи зехьынџьара ихумаруеит. Уи ахумарра акыр иуадаҩуп. Уи ҩыџьа еицыхәмареит. Урҭ раҧхьа аҕәы шьҭоуп, уаҟа ашахмат афигурақәа ықәгылоуп. Ашахмат ҕәы математикатә атетрадь еиҧшуп. Уи ахацқәа рыбжа еиқәаҵәоуп, еигьы абжа шкәакәоуп. Аҕәы зегьы убас иҟоуп. Ашахматтә фигәурақәа зегьы ахьыӡқәа рымоуп. Ахумарҩцәа руаӡәы 16 фигура имоуп: аҳ, аҳкәажә, ладиақәа 2, асланқәа 2, аҽқәа 2, ашьаҟауаа 8. Афигурақәа рыҧштәы ала еиҧшым. Жәаф еиқәаҵәоуп, жәа шкәакәоуп, ашкәакәақәа ҧштәы ахумарра иалагоит раҧхьа. Ахәмарҩцәа ахәмарра иалагаанӡа аҵәыҭарҧсоит аҧштәқәа рзы. Афигурақәа зегьы аҕәы аҟны иныҟәоит, Ари аныҟәара афигәура анеира ахьӡуп. Аныҟәара еишьҭагыланы имҩаҧысуеит. Еиҿагыло рхатәы фигурақәа ишырҭаху рхы иадырхәоит изҿагылоу ииаиразы. Иршьыз афигура ахумарра иалҵоит. Аҕәы иқәырхоит. Акызаҵәык – аҳ ишьра ҟаломж аха ахумарра хықәкыс иамоу ахумарра аҟны аҳ ишьра аҟнынӡа инагара ауп. Уаҳа изымҵасуа. Аҳ мат изурала ахумарра нҵәоит, ахумарҩы раҧхьа аҳ мат изызнауыз аиааира игоит. Ашахмат аҭоурых Ашахмат даараӡа акыр ҵуеит Индиа ирхәыцижьҭеи. Уи хаҵак иӡбын аҳ ииҭит. Аҳ ахумарра даараӡа игәаҧхеит. Ахаҵа диазҵааит, ҳамҭас иуысҭари. Ахаҵа ача рыц даҳәеит, аха ашахмат аҕәы иакуаз аҟра ауп дзыҳәаз. Арыц ари ахаҵа ишиҳәаз ала иҭарҵар акун. Уи иҳәит: раҧхьатәи ахыц аҟны рыцк шәыргыл, 2-тәи аҟны – ҩба, 3-тәи – ҧшьба, 4-тәи аҟны – ааба, 5-тәи аҟны – жәаф, 6-тәи аҟны – ҩажәижәаҩа, уҳәа убас иҵ. актәи ахыц иқәгыдаз арыц аҩбатәи ациҵуан убас еициҵуан анеиҩс инеиуаз ахыцқәа рҟны иқәгылаз арыцқәа ашахмат аҕәы 32 хыц аман, аҵыхәтәаны даараӡа арыцху дууӡӡа алҵит. Аҳ иарҳәит арысҟак арыц адунеи зегьы хнаҩоит ҳәа. Аӡәгьы издыруам ирҭоу ирымҭоу уи ачарыц … Аха ашахмат ахумарреи ари алегендеи ҳара ҳаҟнынӡа иааит. Ахыннатә ашахмат – чатуранга ахьӡын. Индиа аҟнытә ари ахумарра Азиаҟа ииасит. Уаҟа ахумарра ргәаҧхеит ахьыӡгьы рыҧсахит. Ашахмат Азиа аҟнытә Евролпаҟа ииасит, нас Америка аҟнынӡа инеит. Ашахмат зехьынџьара азҿлымҳара ду аманы ихумаруеит. Ашахмат асҩы бзиақәа еицлабуеит. 19-тәи ашәышықәса аан ашахмат раҧхьатәи ачемпионатра мҩаҧган. Раҧхьатәи адунеи ачемпион Австралиатә Вилгелм Штаиниц иакун. Ахумарра иахьагьы ақәҿиара ду амоуп.
Download