Аҳәиҳәи ашышкамси шеицхырааз

Аҳәиҳәи ашышкамси шеицхырааз   Шышкамсык ақды иаҵаланы инеиуан. Изҵаз аидара даара ихьанҭан, иазышьҭыхуамызт. Цәгьала ирҳәазо иагон, уажәы-уажәы аҧсеиҭакразы иаангылон. Ус уаҳа налымшо ишнеиуаз, аӡыхь ыҵхәраа ишаауаз абеит. Убасҟан ауп ианагәалашәа аӡба ишыҧсуаз. Аӡыхь аҟны иналбаан, аӡы зжәуеит ҳәа ишаҿыз иналшәан, аӡы иныхшәалеит. Ашышкамс аӡы иаашьҭнаҧаан иашьуа иалагеит. Аӡиас иахагылан ҵлак. Убри аамҭазы аҵла иқәтәаз ҳәыҳәк, ашышкамс аӡы ахәлаҵәан ишашьуаз абеит. Аҳәыҳә ашышкамс аарыцҳанашьан, бҕьыцк аҵла инҿыршәаны ашышкамс иазымариашаны инанашьҭит. Ашышкамс аӡы ихшәалаз абҕьыц иҟанаҵалакгьы инықәлан, ҧыҭраамҭак акгьы алымшо аӡы ихын. Аӡы ццакны иахьцоз абҕьыци ашышкамси ыршәуа, анахь-арахь икыднаҟьо мацара, даара акыраамҭа иаргәаҟит. Нас иҟанаҵалакгьы аҧшаҳәахьы аҽнықәнаршәын, еиқәхеит. Аҳәыҳәгьы аҵла иахьықәтәаз, агәы рҭынчны инықәҧраан ицеит. Аамҭа рацәак бжьымсит убри нахыс. Шәарыцаҩык аҧсаатә икырц азы акаҭа кыдиҵеит. Дук мырҵыкәа абри акаҭа азгәамҭаӡакәа инықәтәеит ашышкамс еиқәзырхаз аҳәыҳә. Ашәарыцаҩ ари аниба, сыкаҭа сааханы, аҳәыҳә инахарҧаны искып ҳәа инапы нымҩаниҵеит. Еиқәхаз ашышкамс уа ааигәа иҟазаарын. Иара еиқәзырхаз аҳәыҳә ашәарҭа ишҭагылаз анаба даара агәы ирыцҳанашьеит. Ашәарыцаҩ инаиқәҧалан, инапы дҩаханы аҳәыҳә акаҭа ахасырҧоит ҳәа дшаҿыз, аҟаҿыҳәа инапы инацҳаит. «Ҳаи, абааҧсы, исыцҳаз закәызеи!» – ҳәа инапы анааиҟьа, аҳәыҳә ахьықәтәаз игәанаҭан инықәҧраа ицеит. Ашышкамс аҳәыҳә иҟанаҵахьаз ацкы абзиара азнауит, еиқәнархеит. Абас ала аӡәы абзиара изуур, иҧсы еиқәурхар, уицхраар, уи иҟауҵаз абзиара баша иӡӡом. Знымзар-зны уара иузыхынҳәуеит
Download