Аӡҕаб хәыҷи лҩызцәеи

Аӡҕаб хәыҷи лҩызцәеи   Қыҭак аҿы дынхон-дынҵуан ӡҕаб хәыҷык. Уи илыман рбаҕьк, аика ҟаҧшь ахаргыланы, амҵәыжәҩақәа ҧштәы хкыла еилаарцыруа. Даара ирбаҕь ҧшӡан. Есышьыжь ианыҩагылалак: – Кыр-ка-кыу! Шьыжьыбзиа аҧшәма ҧҳәызба хәыҷ! – ҳәа игәырҕьаҵәа ҿнаҭуан. Нас аӡҕаб лнапы ианыҧсалаз аҧш рыц хәыҷқәа инархыкәласуа иаҿыҟәшәаны иафон. Зны-зынла ацалаҟьа дахьықәтәаз инеины иналыдтәалон. Абас акәын ишынхоз аӡҕаб хәыҷи арбаҕь бзиеи. Ҽнак зны аӡҕаб агәылара дахьнеиз илбеит лҩыза ӡҕаб акәтыҕра ҧшӡа шлымаз. Уи даара илгәаҧхеит. – Быкәты ҧшӡа сеилаҳаит, исыҭ, сара уи ацынхәрас сырбаҕь бысҭоит, – ҳәа длыҳәо далагеит. Арбаҕь иаҳаит аҧшәма ҧҳәызба илҳәоз, даара агәы иалсит. Аха иалшагәышьоз, лара аӡҕаб хәыҷы ус лҭаххазар, хьаас имкыкәа лырбаҕь агәылацәа ирылҭозар … Агәыла дақәшаҳаҭхеит, лыкәты ҕра лылҭан арбаҕь лымылхит. Аӡҕаб хәыҷи акәтыҕреи еиҩызцәахеит. Акәты ахәы ҟәымшәышәӡа, еилышәшәо иҟан, – аӡҕаб даара бзиа илбон, деигәырҕьон. Акәтыҕра акәзар есыҽны кәтаҕьк-кәтаҕьк аҧшәма илзаҵон. – Иф, сыҧшәма хәыҷы! Ҳалалс ибоуааит! – ҳәа иаашар икаркаруан акәты. Аӡҕаб есыҽны кәтаҕьк-кәтаҕьк лфон. Нас лыкәты аалгәыдкыланы, ахәы ҧшқа лнапы налшьуа илыргәыбзыҕуан. Аӡы алыржәуан, акры аҿалҵон. Ус ишыҟаз сасра дылзааит лҩыза ӡҕаб, акәата лыманы. Ари акәата шылбазҵәҟьа лыҧсы алахеит. – Сара исыҭ бкәата, сыкәты бара ибысҭоит, – ҳәа лҩыза длыҳәо далагеит. Акәтыҕра иаҳаит аҧшәма илҳәоз. Даара алахь еиқәнаҵеит, амҵәыжәҩақәа хьыдышьшьы, агәы каҳаны иныҟәон. Аха иҟанаҵагәышьоз. Абасала, аицынхара иалагеит акәатеи аӡҕаби. Урҭ аиҩызцәа реиҧш акәарахь еиццалон, иҭалангьы рҽыркәабон. Аӡҕаб дахьцалак акәата лышьҭан. Дааит зны ргәыла ҷкәын, ласба хәыҷык иманы. Аӡҕаб ари анылба: – Ҳаи, закәытә ласба хазыноузеи, сара исуҭар скәата усымҭози! – лҳәеит. Акәата ианаҳа, аҳәҳәара иалагеит, аха иамчыз … Агәыла иаашьҭихын, инаиҩыҵракны иманы аҩныҟа дцеит. Аӡҕаб аласба хәыҷы ахы шьышьуа ҿаалҭит: – Исыман сара арбаҕь, аха акәты ҕреи иареи еиҭнысыҧсахлеит, исыман сара акәты, аха уи рысҭан, акәата рымысхит, уажәы акәата аҭыҧан уара узгеит, уара уеиҕьысшьеит. Ари заҳаз аласба шәан, аҵыхәа ашьҭарҽылан, инеины аишәа аҵаҟьа иҵатәаны, аҽаҵәахит. Уахынла ианылашьца, шьапыла ашә инасын, иаартны, идәылҟьан ицеит: – Ари лҩыза аҧшәма сара дысҭахым. Аиҩызара аныҟәгашьа лыздыруам, – аҳәеит аласба. Аӡҕаб хәыҷы ашьыжь данааҧш, аласба абаҟаз, илцәыбналахьан. Абасала аҵыхәтәан аӡҕаб рбаҕьгьы, кәытгьы, кәатагьы, ласбагьы – акгьы лымаӡамкәа лхала даанхеит.
Download