Ашьхыци амҵи
Ашьхыци амҵи Ҽнак зны мҵык аҵла абҕьы иқәтәаны, амра аҽаҭаны аҽырҧхара иаҿын. Сабацари, сзықәтәаны исфарызеи ҳәа ихәыцуа. Амҵ ус амамызт, аҧсы ашьон, усура захьӡыз аздырӡомызт. Егьырҭ иҟарҵоз ала ахы ныҟәнагон. Амҵ азааигәара шәҭык афҩы лаҳа-лаҳауа, аҧшӡара иакны иаго, иазҳауан. Убри ашәҭ икәыкәыцыкәуа иахан ашьхыц, амати еизнагон. Уи иахьахәлаанӡа тәамҩахә амамызт. Ашәҭқәа ирықәтәо мацара абаҳча зегьы иахысуан. Ари збоз амҵ ашьхыц иахыччо иалагеит: – Иаашар хәлаанӡа аусура уаҿуп, аџьабаа уагеит. Уааҧсан уаҳа улам. Сара еснагь ҧсшьароуп исымоу. Сааиижьҭеи ус змуӡац, аха амла саго субахьома? Еснагь сызхара ыфан сыҟоуп. Ачара дуқәа рыҟны зегь раҧхьа снеиуеит, чыс хаас иҟоу зегь ргьама збоит. Чыс бзиак сара исыгхан иҟалом. Уи моу уара аџьабаа зыдбалан иҟауҵо ацхагьы анысфало ыҟоуп. Ашьхыц аусура иахьаҿыз ахы иааҩахан, ҿаанаҭит: – Угәеигәеиуа ауаа ушрылоу сара издыруеит, иабанырхуеи иабанырҵои ҳәа, зегьы ргәы ҧуҵәахьеит. Аха уахьнеилакгьы уаҩы уиҭахым, зегьы уҧхарҵоит, урызшьуазаргьы уршьуеит. Избанзар уара чымазара хкыс иҟоу зегь ныҟәугоит, ауаа аҿкы дурхьуеит. Уара уцқьам, ҧырхагамзар хырҳага улам. Уи ауп зегьы узырцәымҕу. – Сара, – аҳәеит – ашьхыц. Ауаа бзиа сырбоит, пату сықәырҵоит избанзар ауаа срыхәоит, сыхгьы ныҟәызгоит. Сара иҟасҵо ацха ауаа фатәысгьы хәшәысгьы рхы иадырхәоит. Ҳара ашьхыцқәа ҳзы ауаҩы игәараҿы ашьхымзаҭрақәа ҳзыҟаиҵоит, ҳиааӡоит, ҳихьчоит, акры ҳҿеиҵоит. Ҳаргьы иара изы иҳалшо ҟаҳҵоит, ҳхы ҳаигӡом. Ҳара ҳазбалак зегьы ҳарныҳәоит, уара – уршәиуеит. Уажәшьҭа ухаҭа уазхәыц ҳауа еиҳа ихәарҭада. Амҵ иаҳаз абарҭ ажәақәа рышьҭахь аҭакс иҟанаҵара азымдыруа иаақәхеит.
Download