Ашьа
Ашьа Иаҳдыруеи ашьа азы Иаҳдыруеит, ҳнацәы ҧаҳҟар ашьа шаауа. Иаҳдыруеит. ашьа, аҟаҧшь аҧштәы шамоу. Иара убас иаҳдыруеит, зныҽзынла ауаа ршьа анализ ҟарҵуеит … Изакуи ашьа Ашьа аҟаҧшь ҧшра змоу бааӡароуп. Ашьа рылоуп ауааи, аҧстәи, аҧсаатәи. Зыҧсы ҭоу зегьы ашьа рылоуп. Ашьа ҳцәаҳжьы аҟны иныҟәоит. Ашьа ныҟәоит адақәа рыла. Ауаҩы даараӡа ирацәаны адақәа имоуп. Урҭ шьала иҭәуп, ацәеижьы ахырхарҭақәа зегьы рыла иныҟәоит. Ишҧашьақәгылеи ашьа Ашьа ашьақәгылара Шәхаҿы иаажәга амаҵурҭа, акоктельқәа ахьдырмазеиуа. Шәарҭ еиуеиҧшым аалыҵ шәҭаххоит ҩба ма хаб хкы ашәырӡ, арыжәтә уҳәа убас иҵегьы. Ашьа ашьақәгылара даараӡа еиҧшуп амаҵурҭа аҟны акоктель армазеира. Ашьа ахбылшыҩ аҟны ишьақәгылоит. Ахбылшыҩ аҟны ашьа армазеиратә амаҵурҭа ауп. Ашьа ашьақәыргыларазы иакымкуа “аалыҵ” аҭахуп. Ашьа ашьақәгыларазы иаҭахуп Аҟаҧшь ҧшра змоу ахацқәа – аҳақьымцәа уи ериҭроцит ҳәа иашьҭоуп. Ашкәакәа ҧштәы змоу ахацқәа – урҭ леикоцит рыхьӡуп. Атромбоцитқәа – аеҵәақәа, урҭ ашьа ажәпара, ма ашәра иацхраауеит. Плазма – абааӡара, уи ауаҩы икьатеиқәа ирылҵуеит, адақәа ирылалоит. Ишаҳдыруа ала ашьа, адақәа рыла иныҟәоит ацәажьы хабалак. Адеи ҽадаши ахь уи агәы ацхыраарала инеиуеит. Агәы есангь аус ауеит. Шәара шәаныцәоугьыж ашьагьы еснагь иалалоит ацәеижьы егьырҭ ахәҭақәа. Иззыиҭахуи ауаҩы ашьа Иара усгьы иззаҭахузеи ауаҩы ицәеижьы аҟны ашьа иааҟәымҵӡакуа аныҟәара Адеиҽ адаши ашьа иацны ауаҩы ицәеижь аҵәыҵәри, егьырҭ ихымҧадоу амаҭәахә нанагоит. Арҭ амаҭәахәқәа ауаҩы иҧсҭазаара азы ахадара ду змоу роуп. Иаҳҳәап, ауаҩы ихыбылшыҩ аҵәыҵәри аимуыр, уи аусура иаҟәыҵеит. Ашьа иалоу ахыцқәа зегьы иҷыдоу аус наргӡоит. Еритроцитқәа Еритроцитқәа аҟаҧшь ҧштәы змоу ахыцқәа роуп. Урҭ ганк ала иҭаҟьаҟьоу ампыл иеҧшуп. Ашьа аҟаҧшь аҧштәы аиашазы аеритроцитқәа ирнаҭоит. Иара ахаҭа аҟаҧшь ҧштәы даҽа хәҭак аҟнытә иаанагоит. Уи амаҭәахә Гемоглобин ауп. Иара усгьы, ауаҩы ицәеижьы аҟны аҵәыҵәри агемоглобини ининанагоит. Агемоглобин ашьа иалоу ахадара змоу амаҭәахәқәа ируакуп. Уи аҵәыҵәри нанагоит ацәеижьы зехьынџьара ахь, уаантә иҽеим амаҭәар – арацәӡәӡәыра алнагоит. Арацәӡәӡәыра Агемоглобин арҧҳақәа рахь инанагоит. Арҧҳақәа аҧсыҧ ала адәахьы иалыргоит арацәӡәӡәыра, ашьа аҵәыҵәри ала иарҕәҕәоит. Алеикоцитқәа Алеикоцитқәа даараӡа ифырхаҵоу, иқәҧо ахыцқәа роуп. Урҭ ақәҧоит ауаҩы ицәеижь ахь иалалаз ачымазара, мамзаргьы аинфекциақәа. Ауаҩы данчымазаҩхо, уи ицәеижь аинфекциа рацәа алалоит. Усҟан алеикоцитқәа даараӡа игәамҵуеит6 Урҭ даараӡа ирласны иҿиоит, аинфекциа иаҧырхагахар рҭахуп. Алеикоцитқәа абактериақәеи, авирусқәеи рҽырҕәҕәара алшара рырҭом. Алеикоцитқәа ххкык ыҟоуп Гранулоцитқәа, Лимфоцитқәа, Моноцитқәа. Урҭ еиуеиҧшым ахархәарақәа рыла ирақәҧоит аинфекциақәа. Гранулоцитқәа даараӡа ииашоу роуп. Ауаҩы ицәеижь аҕа – аинфекциа шалалак еиҧшцәҟьа, урҭ ишиашоу, “иҩны” аинфекциа ақәҧара иалагоит. Ишәбахьазар акухап ауаҩы ицәа хәны, уи ичуп, иҟаҧшьуп, уи агранулоцитқәа роуп изхароу6 Урҭ ахьаа змоу ахура ахь инеины, аинфекциа ақәҧара иалагеит. Алимфоцитқәа еиҳа иҭынчу, иҟәышу роуп. Урҭ еиҧшымкуа ирақәҧоит аҕацәа ацәеижь аинфекциа алалар, алимфоцитқәа урҭ рақәҧаразы еиқәдыршәоит амаҭәахә. Уи амаҭәахә антитела ахьӡуп. Антицәеижь ала лимфоцитқәа аифекциа иақәҧоит, еиҳа ирласны иаиааиуеит. Уи адгьы алимфоцитқәа ирымоуп даараӡа ибзиоу ахшыҩ. Урҭ аинфекциақәа ибзианы иргәаладыршәоит. Ацәеижьы идыру инфекциак алалар, алимфоцитқәа иаразнак уи рдыруеит. Уи ақәҧара алимфоцитқәа ирцәыцәгьахом. Уи еиҳа имарианы иаиааиуеит. Моноцитқәа зегьы реиҳаӡа ишәпоу алеикоцитқәа роуп. Моноцитқәа ауаҩы ицәеижь иалалаз абактериа ма авирус икны илбаардоит. Убас ала урҭ аҕа ирласны иаиааиуеит. Ишабаз ала алеикоцитқәа даараӡа иҕәҕәоу аҿагылара азыруеит аинфекциақәа. Урҭ ауаҩы ачымазара дацәырхьчоит. Атромбоцитқәа Атромбоцитқәа ашьа ашәра иацхраауеит. Ианба ма избан изаҭаху ашьа ашәра Ауаҩы ахура анимоу, ахура аҟнытә ашьа анаауа. Ашьа аанкылара ахымҧадара ду амоуп. Ашьа рацәа ацәыӡра, ауаҩы даараӡа дымчымханатәоит. Аҳақьымцәа уи аамҭазы ақәыҕәҕәареи ма аҿаҳәареи ала ашьаанкылара рҽазыркуеит. Аха ашьа ашәра аҟны зегьы реиҳаӡа ацхыраара ҟанаҵоит атромбоцитқәа. Ахура ааигәара иҟоу атромбоцитқәа ирласны егьырҭ атромбоцитқәа ирыҧхьоит, зегьы еицны ашьа аанкылара иалагоит. Тромбоцитқәа рыбжьара ахӡы рахәыцқәа бжьалоит, атромб ҟарҵоит. Атромб ишәыз ашьа еизга ауп. Уи ашьацара ааннакылоит. Нас атромб ҩҩоит, ахура иамшәоит. Плазма Аплазмагьы ашьа иалоу ахуҭа ауп. Уи иҩажьу аҧшра змоу бааӡароуп. Аплазма аҟны даараӡа ихәарҭоу амаҭәахә алоуп. Урҭ зегьы ауаҩы иҧсҭазааразы ахадара рымоуп. Ашьа агәыҧқәа Шәарҭ уажәшьҭа ижәдыруеит ашьа злашьақәгылоуи, уи иалоуи атәы. Шәгәы иаанагар ҟалоит ауаа зегьы еиҧшу ашьа рылоуп ҳәа. Аха уи ус акуӡам6 Ауаа зегьы еиҧшу ашьа рылаӡам. Аҭҵаарадырҩцәа ашьа ҧшьгәыҧкны иршоит, урҭ роуп А агәыҧ, Б агәыҧ, АБ агәыҧ, 0 агәыҧ ашьа. Урҭ зегьы излеиҧшыми Ишаҳдыруа ала, ашьа аҟны антитела алоуп. Уи алеикоцитқәа ирхылҵуеит. Антиацәеижь агәыҧқәа ирықәырҧшны еиҧшым ашьа агәыҧқәагьы. Ауаҩы имоуп ҩхкык антицәеижьқәа А, Б. А ахкы змоу антицәеижьқәа, уи имоуп А агәыҧ ашьа, Б ахкы змоу антицәеижьқәа, уи имоуп Б агәыҧ ашьа. Ауаа шьоукы ирылшоит ирымазар ҩхкык ашьа, урҭ ауаа АБ агәыҧ ашьа рымоуп, ауаа шьоукы ршьа зынӡагьы иалаӡам антитела, урҭ ауаа 0 агәыҧ ашьа рымоуп. Изаҭахи ашьа агәыҧ адырра Ауаҩы данчмазаҩу, ашьа рацәа ицәыӡуеит, лассы уи ашьа илаҵара аҭахуп. Ашьа алаҵара ус баша имарианы имҩаҧысуам. Зны ибзианы еилукаар ауп, ауаҩы изакутә гәыҧу ашьа имоу, нас ауп уи ашьа анилаҵатәу. Ауаҩы даҽа гәыҧк ашьа илауҵар дыҧсыр илшоит. Убри аҟнытә ауаҩы ишьа анализ изыҟарҵоит. Анализ ала еилыркаауеит, изакутә гәыҧу ашьа имоу уи. Ашьа агәыҧ адагьы, иара убас иаҭахуп ауаҩы ишьа арезус адырра. Ашьа агәыҧи, арезуси анализ амҩаҧгарала еицырдыруеит. Арезус ахӡытәи маҭәаруп, уи ауаҩы ишьа иалоуп. Арезус ала ауаа еиҧшым. Ауаа зегьы ршьа ари амаҭәар алам. Ус еиҧш иҟоу ауаа резусатрицательныи ҳәа ирышьҭоуп. Ашьа аҟны арезус злоу ауаа резус-палажительныи ҳәа ирышьҭоуп. Ижәдыруазу шәара … 1. Ахацәа еиҳа ашьа рацәа шрылоу, аҳәса раасҭа! Ахацәа 5 литраки бжаки аҟнынӡа ашьа рылоуп, аҳәса 3 литраки бжаки. 2. Ауаҩы ицәеижь аҟны секундк ала 17 милион аҧштәы ҟаҧшьы змоу ашьа ахыцқәа ҿиоит. 3. 20 инаркны 60 секунд аҟнынӡа инагӡоит ашьа аныҟәара агәы аҟнытә ацәеижьы ахь, нас еиҭах шьҭахьҟа ихынҳәуеит агәы ахь. 4. Ашьа зегьы аҟаҧшь аҧшра амаӡам! Ахуаци, аҵурбелеи аеҵәа ҧштәы ашьа рылоуп, адыҕаҷақәа ракузар – ажәҩанҧштәы рылоуп.
Download