Марадона
Аҧхьажәа Марадона зегьы реиҳаӡа еицдыру хьӡуп. Марадона ашьапылампыл аҳ иоуп: лассы еимаркуеит: Пеле иаку ма Марадона, дарбану ашьапылампыл аҳ ? Аимакра ҵыхәҧҵәара амаӡамкуа инаӡоит, шьоукы - Пеле рҳәоит, шьоукы - Марадона. Марадона иакузар ари азҵааразы имариоу аҭак имоуп: “Сара аҳ сакуӡам, Пелегьы сакуӡам…Сара Диего Армандо Марадона соуп !”. “Марадона” – “ Уи ажәла ашьаҭа наӡаӡа аанагоит, уи иҟазаауеит наӡаӡатәи хҭысны, адунеи аҟны ашьапылампыл ыҟанаҵы” – иҳәоит ашәҟәыҩҩцәа аӡәы, аиашазы ахадара амаӡам Диего Марадона ашьапылампыл аҳ иакуу, иакму – уи наӡаӡатәи хҭысны даанхоит, ашьапылампыл аҭоурых аҟны. Марадона ихуҷра "Иҳаҩсхьоу ҳахуаҧшыр, даараӡа акыр аамҭа аҟнытә ҳдәықәлар, иаҳбоит, уара уҧсҭазаара аҟны иҟаз, иҟалоз зегьы ақәҧара ада уаҳа акгьы шакум” – иҳәоит Диего Марадона ихатә автобиаграфиатә ашәҟәы “Сара Диего соуп” аҟны. Диего даараӡа иуадаҩыз ахуҷра ихигеит Аргентинатә ақалақь хуҷы Ҧиорето аҟны: “Ҳара ҳаҩны хуаҭахк аман. Акы маҵурҭан, уаҟа афатә дырмазеиуан, иара уаҟа ҳарҭ зегьы аҩныҟатәи адҵақәа ҟаҳҵон. Аҩбатәи ауаҭах арҕьарахьла ҳани - ҳаби иртәын, ахҧатәи армарахьла, уаҟа ҳарҭ зегьы ҳаицыцәон – ааҩык. Ақәа анлеиуаз, ахыбра ашьара ҳҽацәаҳҵәахуан.Избанзар адәахьы аасҭа, аҩны еиҳа ҳбааӡон “ – игәалаиршәоит Марадона, зхуҷра зегьы амамзаара аҟны имҩаҧызгаз, быжьҩык иаҳәшьцәеи – иашьцәеи, иани – иаби еицны. “Акызаҵәык схуҷра аҟны сзырҭынчуаз, ампыл асра акун, уажәгьы уи ауп: исышәҭ ампыл , насгьы исышәҭ алшара издыруа аҟаҵара…Ҧиорето ақалақь иналганы ампыл ҳанасуаз уадаҩра дук ҳаман: ҳарҭ амра ҳаҿаҧшуа ҳахумаруан…Асааҭ 15 минуҭ ххҧа рахь ианнеилак амра ҳхы иқәцциаауа ҳахумаруан аха зынӡагьы хьаас иҳамамзт уи ҧырхагарак ҳазнауп ҳәа…ианеилашәшәалакгьы ҳахумаруан. Уажәы зны – зынла ашьапылампыл асҩцәа рыҟнытә аҟәындҟәындрақәа саҳауеит, агәнамгара рымоуп, ашҭа аҟны алашара агуп ҳәа, аччара сакуеит, инсгәалашәалак изакутә лашьцараз аҟны ҳахумарралоз.” – игәалаиршәоит Диего ихуҷра. 12 шықәса ихыҵуан, ашьапылампылтә аклуб “Аџьымшьы хуҷқәа” аҟны ахумарра даналагаз. Даараӡа иаарласны уи Аргентинатә аизга ахь диаргеит. 16 шықәса анихыҵуаз инаркны Европа даараӡа аклуб рацәа дара рахь диаргар рҭахын. Марадона – иреиҕьӡоу ашьапылампыласҩы “Сара схаан аӡәгьы аҧара ҳамҭас исимҭацт: аҧара еснагь ашҭа аҟны аусуреи, ақәҧареи ала исырҳауан…Убри аҟнытә ҿыц ахумарҩы қәыҧшцәа ирасҳәоит, шәахьыҟазаалак , шәарҭ аизга ахь ишәыҧхьар, аҧырра ыҟамзар, адәыҕбала шәдәықәла, адәыҕба ыҟамзар, шьапыла шәдәықәла” – иҳәоит Марадона. Марадона зегьы реиҳаӡа зыху дууыз ашьапылампыласҩы иакун. Уи ари атитул ҩымтә даҧсахит, зны Испаниатә Барселона даанахуит зегьы реиҳаӡа иху дуны, нас - Италиатә Наполи. Марадона зегьы реиҳаӡа ахадара змаз икарера Аргентинатә аизга аҟны иман. Уи адунеи ачемпионартақәа 4 дрылахәын. 1986 шықәсазы Аргентинатә аизга Мексика Марадона дрыцны, адунеи ачемпионцәа ракухеит. Уи ачемпионт аҟны Марадона, Англиатә аизга амба зегьы реиҳаӡа еиҕьыз агол ҭаиршәит, ари агол анаҩс “Иреиҕьӡоу агол” ахьӡырҵит. Ақәҿиара адагьы, Марадона агәахшәара иман. Уи агәахшәара ашьапылампыл асра даналагази, данаҟәыҵуази иадҳәалоуп. Зегьы реиҳаӡа идуыз агәахшәара 1978 шықәса адунеи ачемпионат акун. Уи усҟан 18 шықәса ихыҵуан, Аргентинатә аизга дзаламшәеит, иқәра хуҷы амшала. Аргентинатә аизга уи ашықәс азы адунеи ачепион акухеит. . “22 ҩык ауаа рҟны сзаламшәаз даараӡа сыхуҷын ауп, убрысҟак сгәамҵит, иаразнак ареванш азы аҽазыҟаҵара салагит, сыхумаррагьы иацсҵит”. игәалаиршәоит Диего. Уи аамышьҭыхь агол рацәа, азхаҵара, ауаа рыбзиабара иоуит. Аха 1994 шықәсазы, адунеи ачемпионатра Америка аҟны аҩбатәи агәахшәара изҧшын Марадона. Уи ишьа аҟны адопинг рыҧшааит, ахумарра даҟәырхит. Марадона, ари зегьы ашьапылампыл қәыҧшыра ачарҳәра акун иара иҿагыларазы ҳәа иҧхьаӡон. Марадона аҧсҭазаараҿы Марадона иҧсҭазаара зегьы ақәҧара акун. Дықәҧон, аус иуан, ақәҿиара имазарц. Ашьапылампылтә ашҭа инахыганы Марадона аиашеи, ақҧареи аҟазшьала далукаауан. Лассы уи иара ихаҭа ихы даҧырхаган, избанзар уи изы ахадара аман, игәы иҭоу атәы аҳәара. Диего аиашамра изидкыломзт: " Сара урҭ рцынхәрас сымцәажәози, ацәажәашьа ззымдыруаз, сара урҭ ирҳәашазгьы сҳәон, аҧсҭазаара аҟны знык иадымхаргьы измоухьада алшара , ибжьы рдуны адунеи ахь ахырхара.” – иҳәоит Марадона ишәҟәы “Сара Диего соуп!” аҟны. Диего аиҳабыра аиаша раҳәара давсуамзт. Уи игәы иаанагон аиҳабыраз ихадоу хықәкуп ауааҧсыра рхылаҧшра, уи аиҳабыра аҟаҵара алымшозар, уи азы аҭак ҟарҵар ауп, иара аҭак иҭахын: “Ауаа рацәа среисхьеит, акы згәы иҭоу, даҽакы ҟазҵо, исҳәар сҭахуп, ауаа рахь ацәымҕара сымаӡам схатәы гәаара амшала. Сара исылшоит аполитикцәа сцәымҕазар, ауааҧсыра рџьыба знапы ҭазҵо, урҭ зырҳәо… Исцәымҕоуп аполитикцәеи, аруааи, ауаа рышьра зылшо аиҳабыра адҵа ала, иарбынзаалак аиҳабыра сцәымҕоуп, дара рқьаф ҭаны, амла иакуа ауаазы акгьы ҟазымҵо.” - абас иааиырҧшоит ихатәы азнеира Диего. Диего амараҳәрала идыру уаҩуп. Уи анапхгара изура ҟалашьа амамзт. Уи еснагь иара ихаҭа ииҭхыз ауп иҟаиҵоз. Диего Марадона ахаангьы иҽимҧсахит, уи уаанӡа еиҧш ус башак, гәаартыкны даанхит ихуҷра аан еиҧш, аҧареи, ахьыӡи уи дамҧсахит. Ақәҿиара ду имаз иамҧсахит, иханамаршҭит иҭаацәа, иуацәа, иҩызцәа. Афинансрала алшара ду аниоу, ргәыхәтәқәа зегьы наигӡеит, имашьына аниҧсах, раҧхьатәи уи имашьына “Фиат 125” иҩызцәа ирзаанижьит: “аиашамра схаангьы сзадгылом, еснагь аиаша аган сгылазаауеит. Еснагь исгәалашәалоит схуҷра, сыҩны, ҳара ҳҕарра, еснагь издырралоит, зегьы аусуреи, ақәҧареи ала сшазнеиыз, ари сара соуп, издыруеит, сара снапхгара аӡәгьы илшом, избанзар сара уаанӡа иҟаз соуп, еснагь ус сыҟазаауеит, избанзар сара Диего Марадона соуп, Сара Диего соуп!” Марадона ашьапылампыл аамышьҭахь Марадона аҟыбаҩ ду иман, ашьапылампыл асра абыҩхатәара…Ашьапылампыл ада уаҳа акгьы илшомзт, ашьапылампыл иара изы зегьы акун. Марадона иҽимҧсахит. Ашьапылампыл аамышьҭахь арыҩшьыга адкылара далагит, еиуеиҧшымз ашоуқәа мҩаҧигон, Аргентинатә аизга азыҟаҵаҩгьы иакун, аха уи иус хада ахумарра акун, аха уи ишықәса амшала илшомзт… “Диего 4 шықәса анихыҵуаз аамҭа аҟны даанхит, иаб иашьа раҧхьатәи ацәа иалхыз ампыл хаҭа анизааихуаз, уи ампыл кны дыцәан. Убри ашықәс ианркны Диего ампыл ада ҧсҭазаара имамзт. Убри аҟнытә уи ус баша ҷкунак еиҧш дгылан азыҟаҵаҩы иҭыҧ аҟны, зны напыла, зных шьапыла – иара итәқәеи, ирҿагылоз ашьапылампыласҩцәа ампылқәа риҭон.” – игәалаиршәоит Диего изгәыбылҩцәа аӡәы. Диего дцеит. Уи ихьыӡ аанхит. Ахаангьы аӡәгьы уи имаз ахьӡи, ашьапылампыласҩи дзыҟалом., Диего дзыҟаз еиҧш…- абас ргәы иаанагоит ашьапылампыл азгәыбылҩцәа.
Download