
Алада Африкатә ареспублика
Алада Африкатә ареспублика Алада Африкатә ареспублика уи ҳәынҭқарроуп Африкатә аконтинент аҟны, аладатәи ахуҭаҿы. Алада Африкатә ареспублика даараӡа иҧшӡоуп, аинтирес змоу тәылоуп. Уахь шәнанагар, иџьашәшьоит изакәытә ҧштәы рацәоу иҟоу. Алада Африка аҟны 11 аҳәынҭқарратә бызшәа ыҟоуп. Араҟа иахьа мҩак аҟны, еигәылацәаны инхоит ажәытә ахәшәҟаҵаҩцәеи, абанкирцәеи, идууӡӡоу аамҭа иақәнаго аихаргыла рацәақәа, аган аҟны ихәыҷу Африкатә ақьалагьы убоит. Иинтиресуп абас еиҧш аҧштәы рацәа аҟны ауааҧсыра шҧанхо, изҿыуи урҭ. Алада Африкатә аҳәынҭқарра атәылауаа Ишаҳҳәахьоу еиҧш, ари атәыла аҧштәырацәала иалукаауеит, амҩа аҟны ишәҧылоит еиуеиҧшым ацәаҧштәы змоу ауаа. Урҭ шьоукы беиоуп, шьоукы иҕаруп. Аха иахьа ҭынч еицынхоит еигәылацәаны. Уаанӡа уи ус зынӡагьы иҟамзт. Ари атәыла аҟны ауаа рацәа аҧштәы ала еилырхуан, ацәеиқәаҵәа, ацәашкәакәа хазы-хазы инхон. Урҭ аиҩызара рыбжьамзт, загьы рхы азы инхон. Лассы урҭ рыбжьара аиқәҧарақәагьы мҩаҧысуан. Нас аҳәынҭқарра анапхгара еилыркааит, ас акыр аамҭа анагӡара ҟалашьа шамамз, рҽазыркит зцәа еиҧшымз ауаа рыбжьара аисреи, аиқәҧареи иаҟәырхырц. Урҭ уи рылшеит, иахьа Алада Африкатә анхацәа, ҭынчи, излауала еиҩызаралеи еицынхоит. Урҭ еицны иалахуп иҕәҕәоу, иҧшӡоу аҳәынҭқарра аргылараҿы. Алада Африка ауаа, рцәа аҧштәхәы аиҧшымра адагьы, урҭ еиуеиҧшым адинхаҵарагьы рымоуп, еиуеиҧшым анцәа дхарҵоит. Урҭ шьоукы қьырсианцәоуп, шьоукы ҧсылманцәоуп, убас иҵегьы... Аинтирес шәымазар ҟалап изынхои араҟа еиуеиҧшым ауааҧсыра, абрысҟак абызшәа зыҟеи, адинхаҵара рацәеиҔ Абри азҵаара аҭак шәаҳҭарцазы, Алада Африкатә аҳәынҭқарра аҭоурых шәаҳҳәар ауп, ишҧашьақәгылеи, уаанӡа инходаз уҳәа убас егьыи. Алада Африка аҭоурых Алада Африка даараӡа ирацәаны Европаа нхоит ус иҟан иахьа, ус иҟан уаанӡагьы. Аха урҭ Африкатә аконтинент ахь инеиаанӡа, араҟа инхон Африкатә ацәаеиқәаҵәа уааҧсыра, урҭ Башту ахылҵшьҭа ракун. 17 тәи ашәышықәсазы Голандиатә аҕба азнеит Алада Африка. Урҭ даараӡа иргәаҧхеит ари атәыла аҧшӡара, ирыӡбит иаанхарц. Иаарласны Голандиа аҟнытә ауаа рацәа аарган, араҟ индырхеит. Голандиатәи аҿыцнхацәа маҷк анҵы атәқәа ааргит Мадагаскари, Индонезиеи рҟнытә., Алада Африкатә аконтинет иҧштәы рацәахит, аха ари аган аҟны анхара алагара уи ала инымҵәеит. 19 ашәышықәсазы, Алада Африка ахь аинтирес аанарҧшит Британиа дугьы. Араҟа ахатәы қалақьқәа аргылеит. Британиаагьы иаарласны рышьаҭа адыркит Алада Африка адгьыл аҿы. Урҭ ирласны еилыркааит ари атәыла даараӡа ишбеиаз ахьи, акыр иаҧсаз ахыҳәи рыла. Уи аус адулара иалагеит, иаарласны ари аган беиахит. Британиаа ирҿаҧшит Германиагьы. Иаарласны, Алада Африка аконтинент аҟны даараӡа анемец қалақь рацәа цәырҵит. Араҟа инхоз зегьы, иаази, ашьагәыҭуааи зегьы рхатәы бызшәеи, рдини рыман. Урҭ рцәа аҧштәи, рдырреи алагьы еиҧшымзт. Убас ишьақәгылеит Алада Африка, аҧштәырацәаны, иџьоушьаратәы. Аҧсҭазаара Алада Африкатә ареспублика аҟны Алада Африкатә республика аҟны еицдыру ақалақьқәа роуп: Иоҳанесбург, Дурбан, Преториа, Капштадт уҳәа убас иҵегь. Арҭ ақалақьқәа даараӡа иҧшӡаны иргылоуп. Уаҟа даараӡа иџьоушьашеи, аамҭа ахьухоугашеи аҭыҧқәа ыҟоуп. Алада Африкатә ареспублика ибеиоуп амилаҭтә апаркқәа рыла, аҟәара ала. Иоҳанесбург зегьы реиҳаӡа ибеиоу, ақалақьуаа зегьы реиҳаӡа иахьырацәоу қалақьуп Африка аҿы. Ақалақь аҟны даараӡа ирацәоуп ахьи, акыр иаҧсоу ахаҳәи ахәуҳахуҭратә ацентрқәа. Абри ақалақь аҟны иҟоуп Тамботә зегьы реиҳаӡа идуу аҳаирбаҕәаза, уи Алада Африка аҟны зегьы реиҳаӡа идуу ауп. Абри ақалақь иатәуп аҧсабаратә аминералқәа рыла ибеиоу ашьха Виҭваҭерсранди, уи ахьтәы ашьха ҳәагьы иашьҭоуп, избанзар араҟа ахьи, егьырҭ акыр иаҧсоу ахаҳәқәеи ыҵырхоит. Даҽа ашьхара ҭыҧ ҧшӡак ыҟоуп Алада Африка уи Дракесберг ауп, мамзаргьы Адирозаврқәа рышьха, уи зегьы реиҳаӡа иҳраку ҭыҧуп Алада Африка аҟны. Араҟа ижәбар шәылшоит ишӡӡаӡоу аӡхыҽҽақәа иҭбаау, ашәҭ ала иҩычоу аӡиасқәа, шәырзыӡыҩрыр шәылшоит адунеи аҟны иҟам аҵысқәа рыҷырҷыр бжьы. Дракенсберг лассы Алада Африкатә џьаанаҭ ҳәа иашьҭоуп, уи иамоу аҧшӡареи, ацқьареи, ҳауеи азы. Дракенсберг аҩадатә аган аҟны иҟоуп Блидитә аканион, уи ҳәарада аҧсабаратә аџьашьахәыра ауп. Аканион 26 метра аура амоуп, аҵаауылара 800 мерт иҟоуп. Аканион аҭыӡқәа ахаҳә ҟаҧшь амоуп, уи амра анаҿаҧхо ҷыдала ицырцыруеит, уи ахуаҧшра убла хнакаауеит. Атуристцәа реиҳарак аиашазы ари аҭыҧ рбарц иазнеиуеит, зегьы ишанаханы иаанхоит ирбаз ала. Уи адагьы, Алада Африка ахьи, акыр иаҧсоу ахаҳәи рыла абеара адагьы, уи аагарҭа ду амоуп атуристцәа рыалагьы. Аиашазы абри иҧшӡоу, аҿиара ду змоу аҧсабара иалҵшәоуп Алада Африка ареспублика адунеи аҟны ибеиоу атәылақәа изрылаҧхьаӡоу.
Download